«Ҧсышәала шәцәажәала» абас ахьӡуп «Альфа» ашкол аҟны иаартхо аҧхынтәи алагер. Ари апроект авторс дамоуп Фатима Дауҭиа. Уи аиҿкааҩцәа хықәкы хадас ирымоуп ахәыҷқәа ҧсышәала рырцәажәара, изцәыуадаҩу ирмарианы реилыркаара.

Акурорттә аамҭазы

19 Рашәара 2024 10:03
Ишдыру еиҧш, аҧхынтәи аамҭазы Аҧсны хыҧхьаӡара рацәала аҧсшьацәа аҭаауеит. Еиҳараӡак аҧсшьацәа бзиа ирбоит ақалақьқәа: Гагра, Пицунда, Афон-Ҿыц, Аҟәа рҭаара.

Иҳарӡыз аҟазара

19 Рашәара 2024 09:51
Асра - ижәытәӡатәиу аԥсуа ҟазарахь иаҵанакуеит. Ҳмилаҭ ирдыруан уи аус иадҳәалаз акәамаҵамарақәа зегьы. Изласуаз инаркны иара амаҭәар ахаҭа аҟынӡа напыла иҟарҵон, уимоу уи аус убри аҩыза аҩаӡараҿы инаргеит, раалыҵ атәыла анҭыҵ ахә ҳаракны иршьон.

Аԥеиԥш бзиа агәра игон

18 Рашәара 2024 11:00
Сынтәа Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнакцәа ируаӡәку Ирфан Аргәын диижьҭеи 90 ш. ҵит. Абизнес знапы алакыз, аха зыԥсҭазаара зегьы ижәлар рмилаҭтә интересқәа рыхьчара иазызкыз ҳџьынџьуаҩ, ауаажәларратә усзуҩы илиршаз рацәоуп.
Кәырбан-Баирам (Ҳаџьра-цара ахыркәшара) аԥсылманцәа рзы зегьы реиҳа ихадоу ныҳәоуп. Уи, азхаҵаҩцәа хьанарԥшуеит аԥсылманра адоуҳатәи ацәаҩатәи хыҵхарҭақәа рахь.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me