Изеиҧшроузеи, амшын аҧшаҳәа?

Иахьатәи ҳаамҭазы лассы-лассы аинтернеттә ҳақәа рҿы иаҳҧыло иалагеит ауаа ргәынамӡарақәа аазырҧшуа анҵамҭақәа.

Ауаажәларра ирылаҵәеит аинформациа, амшын аҧшаҳәақәа рҿы  игылоу асасааирҭақәеи, акаҳуажәырҭақәеи реиҳабацәа, дара рахь имҩахыҵуа аҧсшьаҩцәа рыда,  Аҧсны атәылауаҩ амшын аҧшаҳәахьы днеир, уимоу,  дҭаларгьы азин рырҭом ҳәа.

Идыру усуп, арҭ анаплакқәа реиҳабацәа, аҧсшьаҩы ибзианы иҧсы ишьарц азы амшын аҧшаҳәаҿы, иахьатәи ҳаамҭа иашьашәалоу аҭагылазаашьа  шырзаԥырҵо. Ҳәарада, аҧсшьаҩы дзықәио адагьы,  аҳаргь анихаиргылогьы ҟалоит. Уи зегьы аҧара иаҧсоуп.

Еиҳараӡак аҧсшьаҩцәа рҭахрақәа ирықәшәо иҟоуп Аҟәа ақалақь иахьаҵанакуа, Синоптәи Маиактәи амшын аҧшаҳәақәа.

Ақалақь ауааҧсыра рҟны иҟоуп агәаанагара, еиҳараӡак арҭ аҭыҧқәа рҿы амшын цқьоуп ҳәа. Убри азы,  ҭаацәала  амшынҭалара ҳәа инеиуеит. Уаҟа иҟоу аҳаргьқәеи ақәиарҭақәеи, ҳәарада аҭааҩцәа рзы ауп изыҟоу, аха аҭыҧантәи ауааҧсыра урҭ ахә ахшәаара иақәшаҳаҭхом,уимоу дара иахьырҭаху убри аҭыҧ алхны итәар рҭаххоит.

Аҟәа ақалақь архитектор хада Светлана Шаменкова излалҳәаз ала, ақалақь ахадара амшын аҧшаҳәа арендала агаразы азин рынаҭаӡом.

Лара иазгәалҭеит, абизнес знапы алаку ауаҩы азин шимоу, амшынҭаларҭа  иақәшәо еиуеиҧшым амаҭәарқәа аҧсшьаҩы идгалара. Уи Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарҕәҕәоит. Аха, дарбанзаалак абизнесуаҩ Аҧсны аҧшаҳәа азааигәара акаҳуажәырҭақәеи аҧсшьарҭа ҩнқәеи змоу, Аҧсны атәылауаҩ зҭаацәа, мамзаргьы зҩызцәа зманы амшын ҭалара инеиуа, «арахь шәмааин», «ари аҧшаҳәа ҳара иаҳтәуп», «уажәы аҷаҧшьаҩ ҳиҧхьоит» ҳәа раҳәара азин имаӡам.

Архитектор Светлана  Шаменкова излазгәалҭаз ала, иара убас абизнесуаҩ дақәиҭӡам  аҧшаҳәа акәша-мыкәша аҭахкаара, амшын аҧшаҳәахьы анеира азин рымҭара. Лара лажәақәа рыла, ҳтәылауаа амшын аҟәарахьы иахьынармышьҭуа аҭыҧ ахархәараз измоу   ауаҩы Аҧсны азакәан дықә­ымныҟәозар, инаплакы аусура азин азҭо  алицензиа имххоит.

Арҭқәа зегьы ртәы ҳҳәозар, узаҩсуам даҽа хымҩаҧгашьакгьы. Дарбанызаалак амшынҭалара даннеиуа илаҧш иҵамшәакәа иҟалом агәам-сам, уи амшын иаанагаӡом. Ари  ҳуааҧсыра рыхдыррала икарыжьуа аҧаҭлыкақәеи, ахаақәа рцәақәеи, акарпыжә ацәақәеи роуп.

Аиашазы, амшын аҧшаҳәа Аҟәа акоммуналтә усбарҭа аусзуҩцәа ахылаҧшра ду арҭоит. Абри зегьы зысҳәо,хыхь еиқәыҧхьаӡоу аплиажқәа есҽны идрыцқьоит. Аҧсшьацәа рыҧсы ахьыршьо ацқьара ҟаларц,есышықәса урҭ дара рахь имҩахыҵларц.  Аха ауааҧсыра ҧыҭҩык рыхдырра шыҟац иаанхоит.

Егьа убас акәзаргьы, иахьатәи аамҭазы иҟаӡам убри аҩыза азакәан Аԥсны атәылауаҩ амшын аҟәарахьы анеира азин изымҭо.  Асасааирҭақәеи акаҳуажәырҭақәеи амшын аҿықәан измоу ауаҩы азин имаӡам аҭыԥантәи ауааԥсыра  уахь рнеира мап ацәкра.

Дарбанзаалакгьы ауаҩы ахымҩаԥгашьа дақәшәазар ауп, имазар ауп ахдырра.Убасҟан издыруада ҳазҽеихар...

Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me