Абжьаҟазаҩцәа рымш

Ииун 21 абжьаҟазаҩца Ирымшуп. Аҟәа амшын аԥшаҳәа ааигәара иқәгылоу  абжьаҟазаҩцәа рбаҟа амҵан имҩаԥган амитинг.

Уи иалахәын  атәыла Ахадара, ауаажәларратә усзуҩцәа, Аԥсны иҟоу 7-тәи Урыстәылатәи арратә база архәҭақәа. Сентиабр 30, 1993 шықәсазы Аԥсны атәылахьчара архәҭақәа аҳәааҿы иахадыргылеит Аԥсны абираҟ. Иалгеит Аԥсны жәлар  Рџьынџьтәылатә еибашьра.

Маи мза 1994 шықәсазы Москва рнапы аҵарҩит  аиқәышаҳаҭра архәҭақәа реидыгаразы, аибашьра аанкыларазы. Мызкы ааҵхьаны, ииун мзазы  Аԥсны иалагалан Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа рырхәҭа. Амитинг иалахәыз зегьы минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит ҳҭынчра аиқәырхара зхы ақәызҵаз афырхацәа.

Есышықәса, ииун 21 рзы абжьаҟазаҩцәа рбаҟа ашҟа имҩахыҵуеит, ашәҭ шьыҵәрақ́әа  шьҭарҵоит Аԥсны жәлар, атәыла Ахадара, аҿар. Урыстәыла архәҭақәа, абжьаҟазацәа Аԥсназы инарыгӡо аҵакы дазааҭгылеит аинрал-маиор Олег Аршба. Дара роуп изыбзоуроу ақырҭуа-аԥсуа еибашьра аҵыхәа аԥҵәара. Ҳәара аҭахым, иҳаракуп дара рцәыӡқәа. Ҳ-Аԥсны  аҭынчра аиқәырхараз иҭахеит 117-ҩык Урыстәылатәи аруаа, руалԥшьа шынарыгӡоз. Иааидкыланы абжьаҟазаратә аоперациақәа ирылахәын 70 нызқьҩык рҟынӡа аррамаҵзуҩцәа. Дара русура хацыркын Гал араион. 14 шықәса ирҭагӡаны Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа архәҭақәа ирылдыршаз даара ирацәоуп.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа амитинг аҟны иазгәеиҭеит Урыстәылеи ҳареи ҳаиҩызара шԥымкхо, аԥсуа жәлар иҳаракны ахәшьара шарҭо абжьаҟазацәа русура. «Хашҭра  рықәымзааит уи зыԥсҭазаара  ақәызҵаз аҵеицәа», – иҳәеит иара.

Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иқәгылараҿ дазааҭгылеит абжьаҟазаразы Урыстәылатәи архәҭақәа русура атәы. «30 шықәса ҵит урҭ аналагалаз аахыс, раԥхьаӡа дара рхыԥхьаӡара наӡон 1800 рҿынӡа, даара ихьанҭан, ишәарҭан урҭ рҿаԥхьа иқәгылаз азҵаарақәа, ауснагӡатәқәа. Аха 14 шықәса ирҭагӡаны дара рмиссиа намысла инарыгӡеит», – иҳәеит иара.

 Ажәахә ҟаиҵеит иара убас  Россотрудничество аиҳабы Дмитри Федотов.

Урыстәыла Аԥсны аназханаҵа  ашьҭахь, октиабр мза 2008 шықәсазы абжьаҟазаратә мчқәа русура хдыркәшеит.

2017 шықәсазы, Аҟәа  Кавказ  ахьчаҩцәа рбаҟа ахьықәгылоу  ааигәара иқәдыргылеит абжьаҟазаҩцәа рбаҟа. Уи авторс дамоуп Урыстәыла зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы  Владимир Суровцев.

Ҳажәлар ирымоуп иахьнеиша, рҭынчра, рыԥсҭазаара аиқәырхараз зхы иамеигӡаз аҵеицәа ахьыргәаладыршәаша.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me