Иахьанатә ҳҽазаҳкыр

Аҟазаара акәу – аҟамзаара акәу, абри ауп азҵаара хада иҳәеит Шекспир ифырхаҵа Гамлет. Арҭ ацәаҳәақәа ҩуижьҭеи ашәышықәсқәа шцахьоугьы еснагь хархәара шрымац иаанхоит. Аҟазаареи, аҟамзаареи рызҵаара ҳтәылазгьы иактуалтәуп.

Ианаалоит «адемографиатә жра» ҳҭахеит ҳазҭымҵуа ҳәа ҳҵарауаа злацәажәо атемагьы.
Изеиԥшроузеи аҭагылазаашьа, ииашаҵәҟьаны ашәарҭара ҳҭагылоума, ҳмилаҭ аӡреи, аиқәырхареи рыбжьара игылоума… Арҭ азҵаарақәа ҳҵарауаа ргәы иҵхо, иҭырҵаауа, аилацәажәарақәеи аилатәарақәеи ззыркуа ракәхеит. Аха, урҭ рхала иахәоума аҭагылазаашьа шьаҭынкыла аԥсахра. Аԥышәа иаҳнарбеит, ҳәарада мап – изахәаӡом. Аибашьра ашьҭахь ианыуадаҩыз аамҭақәа рзы дарбанзаалакгьы аҭаацәара иалалоз иԥынгылоз ауадаҩрақәа дыриааины ахшара рацәа рааӡара ицәыуадаҩын. Аибашьра ашьҭахьгьы ҩажәи жәаба шықәса шцахьоугьы, иахьагьы убасҵәҟьа иаанханы иҟоуп. Аҳәынҭқарра ацхыраара ӷәӷәа ада адемографиа азҵаара ӡбашьа амаӡам. Ари уналасны узлацәажәаша, иузыӡбаша акәны иҟаӡам, иазнеитәуп комплексла. Ахәыҷра ахьчара инакркны, ацхыраагӡатә ԥара азшәареи, хәыда-ԥсадатәи амедицина арҿиареи, иара адемографиа апроблемақәа ҭызҵаауа аҵарауаа рхыԥхьаӡара аизырҳареи рҟынӡа.

Адемографиа азҵаарақәа мҽахкыҭбаала рҭҵаара знапы алакуи, иазкны аусумҭақәа змоу ҩыџьа-хҩык ҳауп, ари даара иамаҷу хыԥхьаӡароуп, лҳәоит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Д. Гәлиа ихьиӡ зхәу Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуҩы Асҭанда Ҳашԥҳа.Лара инарҵауланы иҭылҵаахьеит Аԥсны аҩнуҵҟа адемографиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроуи, азҵаара аӡбара иахәо амҩақәеи ртәы. Аҵарауаҩ араионқәа зегьы дырҭааны, уаҟа инхоз уаанӡатәи ахыԥхьаӡарақәа ҭҵааны аҵыхәтәантәиқәа ирыҿлырԥшхьеит. Аиашазы, угәы шьҭызхша ыҟаӡам. Иаҳҳәап, Гәдоуҭа араион ақыҭақәа жәпакы рҟны инхо аҭаацәарақәа рхыԥхьаӡара зҳәо архивтә материалқәа анҭылҵаа ашьҭахь, иааԥшит усҟан, ахынҩажәатәи ашықәсқәа рзы, даара ишырацәаз ахшарарацәа змаз аҭаацәарақәа рхыԥхьаӡара. Урҭ рҿы ирызҳауан хәҩык инадыркны ааҩык рҟынӡа ахәыҷқәа. Ахынҩажәижәабатәи ашықәсқәа инадыркны арҭ арбагақәа ирыгхо иалагеит.Аҷандара, Абӷархықә, Жәандәрыԥшь, Аацы, Оҭҳара, Џьырхәа зҳәазеиԥш ақыҭақәа жәпакы рҟны, иҿыцу ҳаамҭазы ахшара рацәа зааӡо аҭаацәарақәа рхыԥхьаӡара иаагәауҭаратәы еиҵахеит. Иҟоуп хҩык, ԥшьҩык, хәҩыкгьы иахьрызҳауа. Аха, аа-ҩык жә-ҩык рҟынӡа змоу аҭаацәарақәа наӡынла иугозар, ҩба-хԥа роуп иҟоу.

Асҭанда Ҳашԥҳа лажәақәа рыла, уи зыхҟьо афакторқәа маҷӡам. Раԥхьа иргыланы иалкаатәуп ахынҩажәижәабатәи ашықәсқ́әа инадыркны аҿар еиҳа гәцаракра арҭо иалагеит аҵарадырра. Еиҳахеит ақыҭақәа рҟынтәи ақалақь ахь нхара аиасра иазку аҩнуҵҟатәи амиграциатә еиҭакрақәа. Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ашьҭахь ари апроцесс еиҳагьы мҽхакыҭбаала, ирласны амҩаԥысра иалагеит. Иааидкыланы уахәаԥшуазар, Аԥсны иахьаҵанкуа жәа-шықәса раԥхьа аасҭа аира еиҳа еиҵахазаргьы, хҩык инадыркны хәҩык рҟынӡа змоу аҭаацәарақәа еиҳа еиҳахеит. Иаҳҳәап, 2009 шықәса рзы, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рхыԥхьаӡара 2864 рҟынӡа инаӡоазҭгьы, уажәы 5547 ҭаацәара ыҟоуп. Иҟалап, аҭагылазаашьа маҷк иадамхаргьы иацхраазар аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҳәынҭқарра аҟынтә ироуа ацхыраагӡа. Уи зынӡа ишмаҷугьы, ԥсымышьҭыгак иаҩызоуп. Асҭанда Ҳашԥҳа лажәақәа рыла, ҳазҭагылоу адемографиатә кризис аиааиразы ҭаацәарак аҿы ԥшьҩык иреиҵамкәаны ирызҳауазар ауп. Уи зегьы инаҷыданы, хазы иалкааны иҳәатәуп, иара Аԥснытәи ахшараиурҭақәа рҿы ииуа рхыԥхьаӡара шаҳдыруагьы, иааидкыланы аҳәынҭқарраҿы шаҟаҩы ииз шаҳзышьақәмыргыло. Уи ахҟьоит зцәа ахшара далоу анацәа аӡәырҩы аҳәаанырцә рҽахьгәарҭо, уаҟа ашәҟәы рҽахьҭаргало, анаҩс ахшарагьы Аԥсны анҭыҵтәи ахшараиурҭақәа рҿы дахьиуа. Ахәыҷы аофициалтә статистикатә рбага дацәыӡуеит. Араҟа зыбахә щамоу хәҩык, ж́әаҩык ракәӡам, шәҩыла Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла ашәҟәы рыҽҭаргалоит. Уи анаҩс иалнаршоит анреи ахәыҷреи ахьчаразы, ииз изҳаанӡа иазԥхьагәаҭоу аԥара иаура. Аҭыԥ амоуп хыхь зыӡбахә ҳәоу ацхыраагӡақәа роуразы аҭаацәара хыбгалазшәа, еицынхо еилыҵызшәа ашәҟәқәа аныҟарҵогьы.
Иара убасгьы, аҳәаанырцә аҵара зҵо аҿар реиҳараҩык уаҟа аусурҭа ҭыԥ рыԥшаауеит, арахь зынӡа имгьежьуагьы ыҟоуп. Аригьы амиграциатә процесс иахәҭакуп, атәыла азаанаҭ иазҟазоу дахьацәыӡуа анаҩснгьы, зегь иреиҳау амал – ауаҩгьы дацәыӡуеит.
Асҭанда Ҳашԥҳа иазгәалҭоит агәҭынчымра узцәырызго адемографиа азҵаарақәа иреиуаны ишыҟоу аҭаацәара аԥызымҵац, аха уажәшьҭа қәрала иахыԥо ахьырацәаҩу. Аҭыԥҳацәа реиԥш арԥарцәагьы. Ари азҵаараҿы ақыҭаҿы ма ақалақь аҿы ҳәа еилых ыҟаӡам. Аҩыџьарагьы азҵаара даара иҵарны иқәгылоуп. Еиҳаракгьы изыхҟьо ҳәа иалкаау амзызқәа иреиуоуп аусурҭа ҭыԥ амамзаара, аҭаацәара аԥҵара иацу ахарџь азышьҭымхра ацәшәара, мамзаргьы лассы-лассы иуԥыло , нхарҭа ҭыԥда аҟазаара.

Иара убасгьы хазы игоу темоуп амиграциатә процессқәа ирылагӡаны Аԥсныҟа иаанагаз, араҟа аҭаацәара аԥызҵаз рызҵаарақәагьы. Иҭҵааӡам, еилкааӡам асеиԥш иҟоу, ҳтәылаҿы зхыԥхьаӡара маҷым аҭаацәарақәа рҿы ииуа ахшара рмилаҭтә хдырреи, рдинхаҵареи ртәгьы. Иҟаҵатәу рацәаӡоуп, ахцәажәара мацара ада уаҳа кьыс змам еиҳагьы еиҳауп. Ари атема аҭҵаара, Аԥсны адемографиатә зҵаарақәа мҽхакыҭбаала ахырхарҭақәа зегьы реилыргара астратегиатә ҟазшьа амоуп. Уи ҳара ҳмилаҭ уаҵәтәи амши аԥеиԥши роуп. Ҳҳәынҭқарра алшарақәеи, анапхгара рыӡбамҭқәеи ирхьыԥшуп ахәҭакахьала иара. Избан акәзар, аҭаацәара ҿыцқәа ирырҭо адгылареи, ахшара рацәа ирзыруа агәцаракреи ацхыраареи, зымаха-зышьаха змыхәо ахәыҷқәа зааӡо иахьынӡарыдгылоуи, анхарҭа змам уи ала реиқәыршәара ахьынӡарылшоуи ирхьыԥшуп хыхь излацәажәаз зегьы. Арҭ азҵаарақәа зегьы еицаҳзеиԥшу роуп, милаҭк аҳасаб ала ахеиқәырхара ҳҭахызар уаҵәахьы ииамагаӡакәан, иахьанатә аҳәаақәҵара ҳҽазаҳкыр ауп лҳәоит аҵарауаҩ Асҭанда Ҳашԥҳа.

Елана Лашәриаԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me