16 шықәса уажәаԥхьа

12 Нанҳәа 2024 10:52
16 шықәса уажәаԥхьа, 2008 шықәса август 12 азы Аԥсны Арбџьар Мчқәа ақырҭуа архәҭақәа рҟнытә ахы иақәиҭыртәит Кәыдрытәи аиҩхаа аҩадатәи ахәҭа, иагькылсит Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа ашҟа.
Аԥсны аԥкьаҭ асразы афедерациа актәи ахада Омар Кәарҷиа игәалашәара иазкны Аҟәа имҩаԥысуаз XVI-тәи Жәларбжьаратәи атурнир хыркәшахеит.

Иаҳхамшҭуа амшқәа

09 Нанҳәа 2024 09:07
Ҳажәлар рҭоурых аҿы ирацәоуп арыцхәқәа. Иарбан аамҭазаалакгьы, аԥсуаа зықәшәазаалакгьы рыԥсадгьыл рыхьчон. Ианаҭахызгьы абџьар кны еиқәдырхон. Аӡәгьы иҿаԥхьа рхы ладмырҟәыцызт.
Арасаӡыхь ақыҭан, сара схаан аа-класск змаз школын иҟаз. Уи аҿаԥхьаҵәҟьа, амҩаду нымҩахыҵ дынхон Ламшьаҵә Багаҭелиа ҳәа нхаҩ бзиак. Ҳаҩнгьы дызбахьан, саби иареи пату еиқәырҵон.
Август 8 азы 16 шықәса ҵит «хәымштәи аибашьра» ҳәа изышьҭоу Аахыҵ-Уаԥстәылан аибашьра ианалагаз аҽны инаркны. 2008 шықәса август 8 ауха ҭынч, икахха ацәа иалаз Цхинвал ақалақь акәша-мыкәшеи ақырҭуа ар «Град» ала ахымца ажәырҵеит, гәҭакысгьы ирымаз ареспублика аццышәтәра акәын.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me