Мчыла ианаму, «хаала»

Ааигәа, Қырҭтәыла апремиер Иракли Кобахиӡе иҳәеит, иара дызхагылоу аиҳабыра ргәы ишҭоу «итәыла анапаҵаҟахь Аԥсни Цхинвалтәи арегиони рырхынҳәра».


Қырҭтәылеи, Аԥсни, Аахыҵ- Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа ҭышәынтәалахоит Қарҭ иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьақәа ахаҿы иаанагар, иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин «Комсомольскаиа правда» иаиҭаз аинтервиу аҟны.
«Ҳара ҳганахьала Аҟәа – Қарҭ – Цхинвал рыбжьара аҭышәынтәаларазы алшарақәа цәырҵуеит ҳәа иҳаԥхьаӡоит Қырҭтәыла иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьақәа анеилнакаалак, азинеиҟарареи, наҟ-ааҟ аҳаҭыреиқәҵареи, дара-дара ринтересқәа ҳасаб рзуреи рышьаҭала ареспубликақәа рҿы аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ианазхиахалак», – иаҵишьит иара.
Абраҟа аҵакы хада шьҭнахуеит амч ахамырхәара закәанла ирыдызҵо ашәҟәы анапаҵаҩра, аҳәаақәа рделимитациеи анаҩсан рдемаркациеи рызҵаара аҭыԥ ақәҵара. Абарҭ атемақәа лассы-лассы ирылацәажәоит Аахыҵ-Кавказ аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны.
Зыӡбахә ҳамоу аформат зеиуахкыҟам алшарақәа аанартуеит наҟ-ааҟ аицәажәаразы, Қарҭи, Аҟәеи, Цхинвали рофициалтә хаҭарнакцәа рыбжьара ргәаанагарақәа ахьеиқәшәо аҭыԥқәа рыԥшааразы жәларбжьаратәи адгыларала.
Ҳара ҳадгылоит Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа инарҭагӡаны аусура арцыхцыхра. Издыруеит, аԥсуааи аахыҵуаԥстәылааи уи ишазхиоу», – иаҵишьит Галузин.
Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада ихаҭыԥуаҩ иациҵеит Қырҭтәыла амчрақәа 2008 шықәсазтәи «рыцәгьаршра» иаҿырҵааз шыҟоу, уажәы рыҽшазыршәауа Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи ҭынчмҩала «рырхынҳәра». Аҟәеи Цхинвали ракәзар, арҭ аусқәа дара рсуверенитет «аԥыхра» аҽазышәарақәа роуп ҳәа ирыхәаԥшуеит.

* * *
Ииун 20 азы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәааи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара. Уи азкын Аахыҵ-Кавказ аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 61-тәи рраунд. Аганқәа рылацәажәеит уаҟа изхәаԥшраны иҟоу азҵаарақәа.
Хшыҩзышьҭра ҷыда азун амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра азҵаара, иара убас арегион аҟны ашәарҭадара алыршара.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me