Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион Ахадара 2024 шықәса актәи азбжазы аусура хар амам ҳәа ахәшьара аиҭеит. Абри атәы иҳәеит араион ахадараҿы имҩаԥысыз аҳасабрбатә еилатәараҿы.
1998 шықәса – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, ажурналистика аҟәша санҭалаз ашықәс акәын. Усҟан, хаҭала издыруаз аҵарауаа, арҵаҩцәа ыҟан, аха исзымдыруаз еиҳан.
Иԥсҭазаара далҵит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР академик, «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Олег Бӷажәба.
Нанҳәамза 4 инаркны 11-нӡа Нижни Новгород аҿы аҳәаанырцә инхо Урыстәылатәи аџьынџьуаа иреиуоу аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа рзы азанааҭтә дырра аиӷьтәразы акурсқәа мҩаԥысит.
– Ҳмилаҭтә доуҳ ахыҵ­хырҭақәа ираԥхьагылоу агазеҭ «Аԥсны» аредакциа аусзуҩцәеи сареи ҳамч-ҳалша еибыҭаны, иара анхацыркха аахыс иахықәкы хадаз —ҳажәлар рҿахәы аҳәара, уи амаҵ аура ҳалшоит ҳәа сгәыӷуеит, – иҳәоит Ахра Владимир-иԥа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me