Аҳәатәи аҳәашьеи здыруа

1998 шықәса – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, ажурналистика аҟәша санҭалаз ашықәс акәын. Усҟан, хаҭала издыруаз аҵарауаа, арҵаҩцәа ыҟан, аха исзымдыруаз еиҳан.

Мшаҽнеиԥш исгәалашәоит, амаҭәар – «аҳәаанырцәтәи ажурналистика аҭоурых» даҳзаԥхьарц аудиториа дшааҩналаз, уаанӡа хаҭала, исымбацыз, исзымдыруаз, гьама бзиала еилаҳәаз, зыхцәы еиқәаҵәа зыбӷа аҟынӡа инаӡо изқәыԥсаз, абласаркьаԥшӡа ныҟәызгоз арҵаҩы… Уи Заира Иасон-иԥҳа Ҵәыџь-ԥҳа лакәхеит.

Раԥхьатәи ҳаибадырра ашьҭахь сҩызцәеи сареи иаразнак еицгәаҳҭеит Заира Иасон-иԥҳа лдырра инаҷыданы, зыуаҩышьа бзиоу, иразу аӡә шлакәыз. Хаҭала, сара ԥхыӡ избаргьы ихасҵомызт, акыр­шықәса раԥхьа аҵара сзырҵоз, адыррақәа сызҭоз сырҵаҩы аԥхьаҟа лареи сареи аколлегацәа ҳакәхоит ҳәа. Аха аԥсҭазаара дырҩегьых ҳаиқәнаршәеит. Сара насыԥс исшьоит здырреи зԥышәеи ҳараку, зус иазҟазоу ажурналист рҵаҩыс дахьсымаз, насгьы аус лыцура Анцәа иахьсаҭәеишьаз.

Уи лиубилеи инамаданы «бара еиҳа дыбдыруеит, бырҵаҩ лакәын» ҳәа, агазеҭ «Аԥсны» аредакциа азы астатиа аҩра ансыдыргала, гәахәарыла исыдыскылеит. Амала изӡаӡом, азныказы, илыхәҭоу ажәа сзымҳәар ҳәа слак-ҩакуан. Иагьа ус акәзаргьы, агәы аҟнытә иаауа ажәа, гәыла ирԥхоуп аҟнытә, сҽазысшәеит аҩра. 

Сынтәа зиубилеи азгәазҭо, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ, 1991 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа агазеҭ «Республика Абхазия» аредакциа аҟны аҳәаанырцәтәии аҩнуҵҟатәии аинформациа аҟәша аредакторс иҟоу, иара убас Аԥсны Жәлар Реизараҿы агазеҭ апарламенттә корреспондентс Заира Иасон-иԥҳа ҳаиҿцәажәара хацыркуа, ажурналист изанааҭ алхра шыҟалази, уахь дхьазырԥшызи реилкаараз илаҳҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо, иазгә́алҭеит ашкол данҭаз амаҭәарқәа зегьы шылзеиԥшыз, ишлыцааиуаз, аха аҩрахьы еиҳа лыҽшԥылшәоз, дшазҿлымҳаз. 

«Ахәбатәи – афбатәи аклассқәа рҟны аҵара анысҵоз ажәеинраалақәа сыҩуан. Раԥхьатәи сажәеинраала иахьӡын «Сгитара». Схәыҷра ашықәсқәа рзы исыҩуаз ажәеинраалақәа акьыԥхь рбахьан ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аҟны. Урҭ сыҩуан аԥсышәала еиԥш, урысшәалагьы. Анаҩс, Казантәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет санҭала, ахԥатәи акурс аҟнынӡа исыҩуан ажәеинраалақәа, нас, сзанааҭ сҽаназыскҵәҟьа сахнагеит. Ашкол аҟны иҭҳажьуаз аҭӡыгазеҭ аҟны сажәеинраалақәа анылон, анаҩс, аҭӡыгазеҭ редакторс сыҟан. Ажәакала, ажәеинраалақәеи ахыҭҳәаақәеи рыҩра шсықәҿиоз гәазҭаз сырҵаҩцәеи саҳәшьцәа руаӡәки исымадырҽхәон, иагьсабжьаргон ажурналист изанааҭ алысхырц. Еиҳарак уахь схьаԥшра урҭ ирыбзоуроуп, ҳәарада», – дҳацәажәон уи. 

Ҳаиҿцәажәараан Заира Иасон-иԥҳа иазгәалҭеит, ииашаҵәҟьаны, ажурналист изанааҭ еиҳа ишылзааигәаз, уи алхраҿы дшымҩашьаз. 

«Санхәыҷыз аҳақьым изанааҭ сгәы аназыҳәозгьы ыҟан, асахьаҭыхра, аескизқәа рыҟаҵарагьы сазҿлымҳан, бзиа избон, архитектор изанааҭ шьҭысхыргьы ҟалон… Аха ажурналистика ахь еиҳа сгәы сыхон, анаҩс уи сыԥсҭазаара акәны иҟалеит» ,– лҳәеит уи ажурналистика лыԥсҭазаараҿы иҷыдоу аҭыԥ шааннакыло азгәаҭо. Казантәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет даналга ашьҭахь 1968-1971 шықәсқәа рзы лусура хацлыркит Казан иҭыҵуаз агазеҭ «Советская Татария» аҟны. 1973-1980 шықәсқәа раан Гәдоуҭатәи араионтә газеҭ «Бзыԥ» аҟны аус луан.
1980-1987 шш. рзы агазеҭ «Советская Абхазия» Гәдоуҭеи Гагреи рҟны хатәы корреспондентс дыҟан, 1987-1991 ш.ш. раан «Советская Абхазия» алитературеи аҟазареи асектор аиҳабыс аус луан. 1991 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Заира Иасон-иԥҳа агазеҭ «Республика Абхазия» аҟны «аҳәаанырцәтәии аҩнуҵҟатәии аинформациа» аҟәша аиҳабыси агазеҭ апарламенттә корреспондентси аус луеит.Ҳаиҿцәажәараан ажурналист инаҵ­шьны иазгәалҭеит Асовет аамҭазы аусура шыуадаҩыз, аџьабаа рацәа шацыз, аха уи лзанааҭ ахь илымаз абзиабара иабзоураны аԥынгылақәа риааира шлылшаз. 

Хаҭала, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Заира Иасон-иԥҳа лзанааҭ илыднаҵоз луалԥшьа налыгӡон, аибашьра иазкыз ахҭысқәа ирызкны илыҩуан. Хаҭала, амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь даҭаахьан, аҭыԥ аҿы аинформациа еизылгон.
Ҳаиҿцәажәараан уи гәахәарыла илгә́аларшәо иаҳзеиҭалҳәон 90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны акомпартиа иатәыз агазеҭ «Правда Абхазии» аредакторс дшыҟаз. Даара аинтерес аҵан иара убас, 1998 шықәса инаркны 2010 шықәсанӡа анемецтә агентра «КавкАзия» аҟны корреспондентс лусура. Ирацәоуп З.Ҵәыџь-ԥҳа еилалыгӡоз аусхкқәа 2001 шықәса инаркны 2003 шықәсанӡа аус луан Аԥсны Аԥыза-министр ипресс-маӡаныҟәгаҩыс, амассатә-информациатә хархәагақәа рганахьала ареферентс. Аамҭаказы акыр шықәсқәа аус луан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, астудентцәа «Аҳәаанырцәтәи ажурналистика аҭоурых» амаҭәар ала алекциақәа дырзаԥхьон. Афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша аҟны аҵара зҵоз астудентцәа лдырреи лԥышәеи рымалдон. Акыршықәсқәа инеиԥынкыланы редактор хадас дызманы иҭыҵуаз аҳәса ржурнал «Ледибосс» акәзар, ҳауаажәлар рыҩнуҵҟа аинтереси азҿлымҳара бзиеи зманы, иахьагьы иргәалашәо, аӡыргара бзиа змаз акәын. Ажурналист иарбан ҟазшьақәоу дызлаҟазарц ахәҭоу, насгьы уи иусура иднаҵо аҭакԥхықәра дазааҭгыло Заира Ҵәыџь-ԥҳа иазгәалҭеит: «Зегь раԥхьаӡагьы ганрацәалеи ҵарадырралеи деибыҭазар шакәу, идунеихәаԥшра ҭбаазар шахәҭоу, изанааҭ адырра инаҷыданы. Уи лажәақәа рыла, ажурналист дзыҿцәажәо игәра игартә даартызароуп, насгьы уи игәы иҭоу, игәаанагара иҳәартә аҭагылазаашьа изаԥиҵозароуп. Уи азы ажурналист имазароуп адырра, аԥышәа, ҷыдалатәи азанааҭдырра инамаданы ганрацәала аҵареи адырреи. 

Заира Иасон-иԥҳа атемақәа зегьы лзеиԥшуп. Аха аредакциа илыднаҵо рынагӡара дшазыхиоугьы, зны-зынла, хаҭала, илыԥшаауа атемақәа рыла аочеркқәа рыҩра еиҳа лгәы аназҭоу ыҟоуп. Апроблема давсӡом, уи аарԥшра лҽазылшәоит, аха, шьоукы-шьоук реиԥш, ишабалак дазнеиуам. Аҳәатәи аҳәашьеи здыруа журналиступ. Зегь раԥхьаӡагьы иазгәаҭатәуп уи дшаԥсуа журналисту. 

«Иарбан проблемазаалак – атәылаҿы аҭыԥ змоу, аимак-аиҿак аума, ус, ҳабзазаратә нхара иадҳәалоу хҭысума, ишәаны-изаны, иҭҵааны, ажурналисттә етика аԥҟарақәа ирҭагӡаны аарԥшра, азнеира сҽазысшәоит. Зегь раԥхьаӡагьы аԥсуак, Аԥсны атәылауаҩ иаҳасабала сыԥсадгьыл, сыжәлар, стәыла анапхгара ҳаҭырла сырзыҟоуп, ганкгьы иадысцәылом, урҭ «аҳәынҵәа рықәҭәара», рхаҭара ларҟәны рыхцәажәара схы иаҭәасшьом, уаҩык иаҳасабалагьы, журналистк иаҳасабалагьы», – лҳәеит уи.
Ҳаиҿцәажәараан З.Ҵәыџь-ԥҳа «Советская Абхазия» агазеҭ алитературатә ҟәша аҟны редакторс лусура лгәаларшәо, аматериалқәа рыла хаҭала, ари аҟәша шбеиаз дазааҭгыло илҳәеит аналитика, акультура, ақыҭанхамҩа уҳәа ахырхарҭақәа зегь рҿы хаҭала, аочеркқәа ззаԥылҵоз, иӡырылгоз ауаа, афырхацәа илызгәакьоу ҭынхацәаны ишыҟалало лассы-лассы. 

«Изыҩуа сазхьаԥшӡом шамахамзар, аха ааигәа машәыршәа исымԥыхьашәеит акыр шықәсқәа раԥхьа круиз ҳасабла Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Египет аусуратә ныҟәарақәа раан Египет аенергетика аминистр Муҳамед Абаза изкны изҩыз аматериал. Аиаша шәасҳәап, ахырҽхәара сцәаҩам, аха исықәҿиаз, схы самхабзианы сҟазҵаз акы акәны ишызбаз хаҭала уажәы акыршықәсқәа раԥхьа изыҩхьаз, хырҩагьы зысымҭацыз», – лҳәеит дыччо, лгәалаҟазаара бзианы. 

Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналит, лзанааҭ инаҷыданы аиҭагара аус аҿгьы лхы ԥылшәоит. Еиҭалгоит аурысшәахьтә аԥсшәахь, иара убас аԥсшәахьтә аурысшәахьгьы еиуеиԥшым аамҭақәа рзы. Иҭлыжьхьеит илыҩхьаз аматериалқәа згәылоу, урҭ рыла ихарҭәаау, Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Кавказ» анысымҩеи, уи аԥҵаҩы, аиҿкааҩ Аԥсны жәлар рартист Кандид Ҭарба ирҿиаратәи иҟазаратәи ԥсҭазаара зныԥшуа, «Танец как жизнь» захьӡу ашәҟәы. 

Ирацәоуп аԥхьаҟа ажурналист заарԥшра лгәы иҭоу атемақәа, зыҭҵаара, зыҩра дазхәыцуа. Лаԥхьаҟагьы илзеиӷьаҳшьап, нас, агәабзиареи арҿиаратә гәацԥыҳәареи, аԥсуа иқәра наӡеи.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me