Заԥсуареи зыуаҩреи еицназго

– Ҳмилаҭтә доуҳ ахыҵ­хырҭақәа ираԥхьагылоу агазеҭ «Аԥсны» аредакциа аусзуҩцәеи сареи ҳамч-ҳалша еибыҭаны, иара анхацыркха аахыс иахықәкы хадаз —ҳажәлар рҿахәы аҳәара, уи амаҵ аура ҳалшоит ҳәа сгәыӷуеит, – иҳәоит Ахра Владимир-иԥа.

Лассы-лассы аредакциа иаҭаауа аҿаргьы иҳамбар залшом агазеҭ ахаҭабзиара шеиӷьхаз, иқәыԥшу аусзуҩцәа шаднаԥхьалаз, асоц­иалтә ҳақәа рҿгьы иаҳа игәцаракны аларҵәара шаиуз. Ирлас-ырлас агазеҭ ахь апрактика иахысырц иаауа астудентцәагьы, аредактор хада абжьгарақәа ҳаиҭоит, ҳамҩақәиҵоит. «Шәара шәгәы зызцо азанааҭ алоуп ԥхьаҟатәи амҩа шаашәыртыша, шәызҿу аус бзиа ижәбозар ауп», – ҳәа аҿар дҳабжьоит Ахра Владимир-иԥа. Уи ибзианы иаанарԥшуеит ари ауаҩ изанааҭ ахь имоу абзиабара. Аредакторра инаҷыданы ҩба-хԥа ус еилазыгӡо Ахра Владимир-иԥа аԥсуа жәлар рдоуҳа амаҵ азиуеит, аҿар рааӡара инапы алакуп, иара убас, ҳаешьаратә жәларқәеи ҳареи еиҳа ҳаизааигәахарц азы аусура даҿуп. Ишдыру еиԥш, сынтәа агазеҭ «Аԥсны» иаиубилеитә шықәсуп. Аԥсҭазаараҿы акгьы машәыршақә иҟамлозар акәхап, ари агазеҭ напхгара азҭо Ахра Анқәабгьы сынтәа ииубилеи азгәаиҭоит, ииуль 20 рзы иара ихыҵит 50 шықәса. 

В.П. Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр анапхгаҩы, ААУ афилологиатә факультет аԥсуа литература акафедра арҵаҩы еиҳабы, агазеҭ «Аԥсны» аредактор хада Ахра Владимир-иԥа Анқәаб диит ииуль 20, 1974 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан. Иқыҭаҿтәи абжьаратә школ даналга, 1991 шықәсазы дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, афилологиатә факультет «аԥсуа бызшәеи алитературеи» рхырхарҭа ала. Аџьынџьтәылатә еибашьра аан, 1992-1993 шш. рзы ихазу аимадаратә баталион (ОБС) даланы Гәмысҭатәи афронт аҿы ицоз ажәыларақәа дрылахәын. 1993 шықәса октиабр мза инаркны 1994 шықәса ноиабрнӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа рҿы, Гәдоуҭатәи арратә гарнизон аҟны, арратә уалԥшьа ихигон.

1995 шықәса, ианвар мза инаркны В.П. Анқәаб ихьӡ зху Хәаԥтәи абжьаратә школ аҟны рҵаҩыс аусура далагеит. Иреиҳаӡоу аҵараиурҭаҿы иҵара аныхиркәша, 1997 шықәсазы ааӡара аҟәша аганахьала ашкол адиректор ихаҭыԥуаҩс дҟаҵан. 2000 шықәса инаркны 2005 шықәсанӡа Хәаԥтәи ашкол адиректорс аус иуан. Иара директорс даныҟаз аамҭазоуп Хәаԥтәи ашкол уажәтәи ахыбра аныргылаз, иара убас акыр аџьабаа адибалеит аҵара-ааӡаратә процесс аиӷьтәра.

2001 шықәса инаркны 2004 шықәсанӡа Гәдоуҭатәи араионтә еизара II ааԥхьара адепутатс, 2005 шықәса инаркны 2009 шықәсанӡа ААУ аԥсуа литература акафедра азыҳәаҩыс дыҟан.

2006 шықәса инаркны 2007 шықәсанӡа рҵаҩыс аус иуан Н.А. Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны. Ф.Ч. Аҩӡба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №3 ааӡаратә ҟәша аганахьала адиректор ихаҭыԥуаҩыси, рҵаҩыси аус иуан. I-тәи арҵаҩратә квалификациатә категориа ианашьоуп.

2009 шықәса инаркны, ААУ аҟны В.П. Анқәаб ихьӡ зху акабинет анапхгаҩыс дҟаҵан. Уи ашықәсан инаркны, иара иеиҿикааз астудентцәа рлитература-рҿиаратә еидгыла «Ацәыкәбар» анапхгаҩыс дыҟоуп. «Ацәыкәбар» иааӡамҭацәаны иԥхьаӡоуп имаҷҩымкәа абжьаратә абиԥара иаҵанакуа апоетцәеи ажурналистцәеи. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: А. Гәынба, А. Аҟалӷьба, И. Гыцба, Шь. Бганба уҳәа, дара раԥхьатәи рпоезиатә ҩымҭақәа еидызкылоз аизгақәа рахьтә иҟоуп А.В. Анқәаб редакторра ззиузгьы.

2013 шықәса инаркны ААУ аԥсуа литература акафедра аҿы аус иуеит. Иара напхгара зиҭоз апроект иабзоураны аҭыҵра иалагеит аҿар рҩымҭақәа еидызкыло алитература-сахьаркыратә журнал «Аԥсынгьари», иахьагьы уи ажурнал редактор хадас дамоуп. Аԥсуа литература акафедраҿы арҵаҩы еиҳабыс дыҟоуп. Дзыԥхьо амаҭәарқәа иреиуоуп: аԥсуа литература аҭоурых; аԥсуа литература акритика аҭоурыхи атеориеи; иҷыдоу акурсқәа – «Миха Лакрба ирҿиара», «Аԥсуа роман».

20 шықәса инарзынаԥшуа Ахра Анқәаб аҭҵаарадырра-рҿиаратә ус инапы алакуп. Иара авторс дрымоуп 30 ҭҵаарадырратәи, 40 публицистикатәи, арҵара-методикатә статиақәеи аматериалқәеи. Дара ҭыжьуп Аԥсны еиԥш, аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҿгьы, урҭ рыбжьара Нхыҵ-Кавказнтәи хатәгәаԥхарала еибашьра иааз ҳашьцәа ирызку астатиақәа маҷымкәа иҟоуп. Иара убасгьы, аԥсуа литература аҭоурых ала иара х-монографиак автор-еиқәыршәаҩыс дрымоуп.

Ахра Владимир-иԥа иҭҵаарадырратә усумҭақәа аԥсуа литература аҭоурых аҭҵаара инаҷыданы, ирыҵаркуеит Нхыҵ-Кавказ ажәларқәа рлитературагьы. Иара изныкымкәа Ҟарачы-Черқеск, Ҟабарда, Адыгеиа, Даӷьсҭан имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконференциақәа, асимпозиумқәа, афорумқәа рҿы аԥсуа ҭҵаарадырра ӡыригахьеит.

Абаза бызшәала иҭыҵуа алитература-сахьаркыратә, аҭҵаара-рккаратә журнал «Абазашта адзыхьква» аредакциатә коллегиа далахәылоуп.
2019 шықәсазы, абазеи ачерқес филологиеи ркафедра ааԥхьарала, У.Д. Алиев ихьӡ зху Ҟарачы-Черқестәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсуа литература аҭоурых иазкыз алекциақәа дрыԥхьон. Уи инаҷыданы, Ахра Владимир-иԥа еицырдыруа адыга иара убас, абаза шәҟәыҩҩцәа имаҷымкәа рҩымҭақәа аԥсшәахь еиҭеигахьеит. Урҭ иреиуоуп: Х. Тхазеплов, К. Мхце, М. Чикатуев, Ф. Апсова уҳәа.

Арҵаҩра — Ахра Владимир-иԥа ирҿиаратә усура иагәыцәуп. 30 шықәса инарзынаԥшуа ашколқәа, аҵараиурҭа уҳәа рҿы аус иуеижьҭеи имаҷымкәа абиԥарақәа еиҵеиааӡахьеит, урҭ рахьтә иахьатәи аамҭазы 20-ҩык инарзынаԥшуа Аԥсны араионқәа рышколқәа рҟны рҵаҩцәас аус руеит.

Ахра Владимир-иԥа аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵара иадҳәалоу апроблемақәа рыӡбара далахәуп, абжьаратәии иреиҳау аҵараиурҭақәеи рырҵаратә программа аиӷьтәра аус адиулоит. «Аԥсуа литература аҭоурых», «Нхыҵ-Кавказтәи ажәларқәа рлитература», «Аԥсуа литература акритикеи алитературадырреи рҭоурыхи ртеориеи» авторцәа дреиуоуп. Инапхгарала ирыхьчахьеит 30 инарзынаԥшуа аԥсуа литературеи Нхыҵ-Кавказтәи ажәларқәа рлитературеи ирыдҳәалаз адипломтәи акурстәи усумҭақәа.

2013 шықәса инаркны 2016 шықәсанӡа Гәдоу­ҭатәи ателехәа­ԥшраҿы редакторс аус иуан. 2015 шықәсазы иара инапхгарала иаԥҵан алитература-рҿиаратә студиа «Асаркьал». Уи хықәкыс иаман аҟыҩаб злоу ашәҟәыҩҩцәа, асахьаҭыхцәа, амузыкантцәа қәыԥшцәа ралԥшаара. Шықәсқәак абызшәатә политиказы Аҳәынҭеилакы аҿы иштаттәым усзуҩыс дыҟан.

2021 шықәсазы иаԥиҵеит, дагьахагылеит аԥсуа бызшәа арҵаразы ихәыда-ԥсадаз акурсқәа ахьеиҿыркаауаз «Аԥсуа бызшәа арҿиаразы аметодикатә кабинет». «Аԥсуа радио» аҟны адырраҭара «Асаркьал» амҩаԥгаҩыс дыҟан.
Ахра Владимир-иԥа В.П. Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр аԥҵаҩцәа дыруаӡәкуп, иара иоуп напхгара азҭоугьы.

Ииун 15, 2023 шықәса инаркны агазеҭ «Аԥсны» аредактор хадас аус иуеит. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла далахәылоуп. 2023 шықәсазы Аидгыла апремиа далауреатхеит. Амилаҭтә культура арҿиара иадҳәалоу шықәсырацәала иусуразы 2024 шықәсазы ихҵан «Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы» ҳәа ахьӡ.

Ианашьоуп амедалқәа: «Аиааиразы», «Кәыдры ахы ақәиҭтәразы», «Аиааира 20 шықәса», «Атәылахьчара Аминистрра 25 шықәса», «Аиааира 30 шықәса». Иара убас, ианашьоуп имаҷымкәа аҳаҭыртә шәҟәқәа: У.Д. Алиев ихьӡ зху Ҟарачы-Черқестәи аҳәынҭқарратә университет аректорат ахьӡала, В.М. Коков ихьӡ зху Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә аграртә университет ахьӡала, иара убас, аҭҵаарадырратәи акультуратәи усеицуразы аԥсуа-абаза жәлар рырҿиара иадҳәалоу Жәларбжьаратәи аидгыла «Алашара» ахьӡала.

Есааира зымчи-зылшареи аԥсуа жәлар рдоуҳа арҿиара иазызкәа, ааԥсарада аусура иаҿу, аусумҭа хатәрақәа аԥызҵахьоу, заԥхьаҟа иҵегьы аԥызҵараны иҟоу Ахра Владимир-иԥа Анқәаб ихьӡ Аԥсны анҭыҵгьы игахьеит. Дхәы­ҷы-дду ҳәа еилых ҟамҵакәа, зегь рахь иааирԥшуеит агәбылра, аҿар ирылаиааӡоит апатриотизмра. «Ауаҩра зегь раԥхьа иргылатәуп» – иҳәоит лассы-лассы иара, уи аҟазшьа сгәанала, иԥсҭазаара ицәаҳәа хаданы иагәылсуеит.

Ахра Владимир-иԥа ииубилеи идныҳәало, изеиӷьаҳшьоит амч-алшара инапы злаку, имариам аус аҿы!


Мадина Амҷԥҳа,
ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша ахԥатәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me