Шьаҿа-шьаҿала аҿиарахь

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион Ахадара  2024 шықәса актәи азбжазы аусура хар амам ҳәа  ахәшьара аиҭеит. Абри атәы иҳәеит араион ахадараҿы имҩаԥысыз аҳасабрбатә еилатәараҿы.

 Аҳәынҭқарра Ахада араион аекономика шьаҿа-шьаҿа аҿиара ишаҿу азгәеиҭеит.

«Араион аҟны инеиԥынкыланы аекономикатә ҿиара мҩаԥысуеит, апроблемақәа рыӡбара иаҿуп, урҭ еиҳа имаҷхо иаауеит, уи азгәаумҭар залшом хымԥада, аха еиҳа еиӷьзаргьы ауан. Араион аҿы аобиективтә мзызқәа ирыхҟьаны макьаназы иӡбамкәа иаанханы иҟоу азҵаарақәагьы маҷӡам»,- иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.  Аҳасабрбақәа ҟазҵоз аусбарҭақәа рыҟәшақәа данырзыӡырҩы  ашьҭахь,  иалкааны проблемақәак дырзааҭгылеит.

«Ҳхы иаҳархәаз афымцамч азы ашәатәқәа реизгара алаҳмыршар, усҟан  аҭагылазаашьа еиқәахар алшоит. Абар шьҭа инеиԥынкыланы,  аиҳарак аӡын афымцамч  наҟынтәи иаахәаны иааҳгар акәхоит.  Убри аҟнытә,  аԥарақәа рхианы иҳамазароуп. Ҳауаажәлар фымцалашарада иаанымхарц азы араион ахадареи иарбоу азҵаара аӡбара знапы иану аусбарҭақәеи еицхырааны хра злоу алҵшәа аарԥшра рҽазыршәароуп», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас хшыҩзышьҭра аиҭеит атуристтә усхкы аҿы иҟоу арбагақәа. Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, араион аҟны атуризм аҿиара бзиа шамоу. Убри аан иара иҳәеит асасааирҭақәа рыԥшәмацәа агәаҭарақәа мҩаԥызго рганахьала агәынамӡара шрымоу. «Ганкахьала, асасааирҭатә ҩнқәа рхыԥхьаӡара ессааира иацлоит, аха даҽа ганкахьала уахәаԥшуазар -  аотелиерцәа рҟынтәи амилициеи апрокуратуреи рганахьала инамыцхәны ахылаԥшра ыҟоуп ҳәа агәынамӡарақәа аадырԥшуеит», -  иазгәеиҭеит иара.  Аслан Бжьаниа аҳәара ҟаиҵеит акурорттә аамҭазы асасааирҭақәа ргәаҭарақәа рмаҷзарц.

«Аҳәара сымоуп, агәаҭарақәа мҩаԥыргаларц акурорттә аамҭа ианалаго, ма инхыркәшахалакгьы. Урҭ мҩаԥгалатәуп иахмырҟьакәа. Ауаа ршьапы иқәгылароуп. Ауаа агәаӷьра аарԥшны, рԥарақәа абизнес иадырҵеит џьара акы дырҳарц азы, – ари хазхаҭалатәи акапитал ауп. Дара роуп аиҳарак иахьа ҳбиуџьет шьақәзыргыло, урҭ аусуратә ҭыԥқәа аԥырҵоит, рҭаацәарақәа ныҟәыргоит, уигьы аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы хра злоу лагалоуп. Аҳәынҭқарра зыҟоу атәылауаа рматериалтә ҭагылазаашьа бзианы инхаларц, рпроблемақәа рхала ирыӡбо иҟаларц  азы ауп», -  иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада гәахәарыла иазгәеиҭеит араион аҿы аинвесторцәа дуқәа шыҟалаз.

«Ҳара зны-зынла аҿагыларақәа ҳауеит, ҳанырзеилырымкаауагьы ҟалалоит, аха иагьа ус иҟазаргьы аекономика аҿиара иаҿуп.  Ҳекономикаҿы ихадоу усхкны иҟоу  - атуризм, уи иадҳәалоу зегьы - ақыҭанхамҩа аҿиара, аусурҭатә ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵара уҳәа ауп», - иҳәеит  Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада ахәшьара бзиа аиҭеит Гәылрыԥшь араион азинхьчаратә усбарҭақәа русура. «Астатистика цәгьаӡам: ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара рацәам», -  иҳәеит Аслан Бжьаниа. Убри аан ирыдиҵеит  азинхьчаратә усбарҭақәа  еиқәышәшәа русура мҩаԥыргаларц. «Ҳауаажәлари ҳасасцәеи хьчазароуп, ршәарҭадара алыршазароуп», -  иҳәеит Аҳәынҭқарра  Ахада. Аслан Бжьаниа азҵаара шьҭихит  аҵарашықәс ҿыц  арҵаратә усбарҭақәа ахьынӡазыхиоу.  Араион Ахада адҵа ииҭеит аҵара алагамҭазы зыда ԥсыхәа ыҟам  аусмҩаԥгатәқәа реиҿкааразы.

Аслан Бжьаниа араион ахадара иҭабуп ҳәа реиҳәеит инарыгӡо аусуразы. Убри аан, уи агәыӷра ааирԥшит аринахысгьы араион активла аҿиара шысҩаԥысло азы.      

 2024 шықәса  актәи азбжазы  Гәылрыԥшь араион ахатә лагала иартәеит 57 млн. 783 нызқьи 107 мааҭ,  аплан аҟны иарбаз - 49 млн. 805 нызқьи 800 мааҭ рҭыԥан, мамзаргьы 116%. Ҵыԥх уажәааны иадкыланы ҳахәаԥшуазар, ахатә лагала еизҳаит 14 млн. 649 нызқьи 204 мааҭ рыла, мамзаргьы 34%.

 Ашықәс актәи азбжазы ареспубликатә биуџьет аҟынтә араион иаҭаз ацхыраара  28 млн. 285 нызқьи 607 мааҭ артәеит (98,9%), асубсидиақәа - 51 млн. 700 нызқьи 174 мааҭ (123.35). Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә фонд аҟынтә араион иахыԥхьаӡалан 950 нызқь мааҭ, – абри азы имҩаԥгаз аҳасабрбатә еизараҿы адырра ҟалҵеит Гәылрыԥшь араион Ахадара афинансқәа рыҟәша аспециалист хада Лаура Ачба.

 Аҳәынҭқарра Ахада идгалаз арбагақәа изларҳәо ала, ашықәс актәи азбжазы абиуџьет аныхтә хәҭа нагӡан 98,9%. Аплан аҟны иарбаз 151 млн.727 нызқьи 500 мааҭ рахьтә  ахарџь иартәеит 150 млн. 107нызқьи 466 мааҭ. Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар, 23,8% рыла еиҳауп.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me