Ҳаамҭазтәи аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны «адгьылҵакыра зегьаҿы ахала, даҽа мчрак иахьмырԥшыкәа аҳәынҭқарратә мчра амҩаԥгара» Аԥсны асуверенитет иахьарбаз Аконституциа аднакылеит 1925 шықәса апрель 1 азы Аԥсны Асоветқәа Реизара Ду.
Ишдыру еиҧш, Аҧсны реиуоуп ақыҭанхамҩа аҿиара бзиа ахьамоу атәылақәа. Иҵегь ирҵауланы азҵаара уазнеиуазар, ҳтәылаҿы аҳәынҭқарратә биуџьет хазырҭәаауа ахырхарҭа хадақәа ҳәа иалкаауп ақыҭанхамҩеи, атуризми.
Аԥсуа сцена аҳкәажә Виолетта Маан 85 шықәса лхыҵит. 16 шықәса ракәӡан илхыҵуаз лара иналыгӡаз ашәа «Шьышь нани» азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ анылхырҵаз. Ари даара иалукааша хҭысуп, лара лзеиԥш ҳажәлар рзгьы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me