Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Виолетта Маан лиубилеи лыдырныҳәалеит

Аԥсуа сцена аҳкәажә Виолетта Маан 85 шықәса лхыҵит. 16 шықәса ракәӡан илхыҵуаз лара иналыгӡаз ашәа «Шьышь нани» азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ анылхырҵаз. Ари даара иалукааша хҭысуп, лара лзеиԥш ҳажәлар рзгьы.

Уи ашәа абзиабара лылазааӡаз лаб иоуп. Лара лшьа-лда иҭысны иаауеит аԥсуа ашәа.
Актриса лыхьӡи-лыжәлеи еидкылан ианырҳәо зегь раԥхьа ублаҿы, ухаҿы иааиуеит лыбжьы хаа, нас Аԥсуа театр асценаҿ иналыгӡахьоу ҵҩа змам ароль хадақәа Б.Шьынқәба – «Хҭырԥа шкәакәа», Шь.Аџьынџьал –«Иԥшьоу ажьирҭа асаркьал», Д.Гәлиа «Анаурқәа», А. Мықәба –«Аламыс»,У.Шекспир– «Отелло».
Виолетта Маан лыԥшӡара, лхатәра, лҟазара лҩызцәа, лыжәлар еицазгәарҭахьеит.
Иахьа актриса 85 шықәса лхыҵра лыцазгәаҭара ныҳәамшк иаҳзаҩызоуп.
Арҭ амшқәа рзы Аԥсны акультура Аминистрраҿ, ари арыцхә азгәаҭо Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр илыдылныҳәалеит ҳактриса ду лиубилеи, иазгәалҭеит лҟазара, лџьабаа акырӡа иҳаракны ахәшьара шамоу. С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аиҳабы Алхас Ҷолокуа Виолетта Маан лиубилеи лыдныҳ́әало, иҳәеит иаарласны имҩаԥыргараны ишыҟоу лырҿиаратә хәылԥазы. Ахәаԥшцәа идырбахоит лара ароль хадақәа ахьыналыгӡо.
«Сара сзыҳәа акраҵанакуеит атеатр. Атеатр амаҵ аура зегьы иреиҳазар ҟалап, ашәа аҳәара уи даҽакуп, имариоуп. Исҭахуп ҳтеатр ахьӡ иҵегьы ишьҭыҵыр, Аԥсны анҭыҵгьы ирҳәо еихаҳаны иҟаларц», - лҳәеит аиубилиар Виолетта Маан, аиԥылара лзеиҿызкааз иҭабуп ҳәа раҳәауа. Нас инаӡааит лгәаҳәара ҳактриса ду. Шәышықәсала лыжәлар дрыцзааит.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me