Аҭел «иатҟәаз» ахәыҷы

07 Жәабран 2024 09:20
Ааигәа аҭыҧ змаз ахҭыс Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школи Гәдоуҭа иҟоу ахәҳахәҭратә центр «Вавилони» артҟәацга аҵоуп ҳәа амц жәабжь азы иаанкылаз ахәыҷы ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа излашьақәдыргылаз ала, уи иҽаҵаиҩит иарку ателеграмм-канал, уи амодераторцәа Аҧсны анҭыҵ иҟоу роуп.
Аҳәынҭқарра Ахада – Арбџьар Мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ хада дырзыӡырҩит атәылахьчара Аминистрра 2023 шықәсазтәи аусура алҵшәақәеи ҳазҭоу ашықәс азы иазԥхьагәаҭаны ирымоу ауснагӡатәқәеи. Атәылахьчара аусбарҭа анапхгаҩы адырра ҟаиҵеит Арбџьар Мчқәа рҟны аибашьратә, аоперативтә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуеи, аԥсуа ар рыҿиара ахырхарҭа хадақәеи рзы.
Ааигәа здоуҳатә ҭынха наӡаӡа иаҳцәыӡыз, раԥхьатәи аԥсуа професионалтә сахьаҭыхҩы, адунеиаҿ зыхьӡ еицырдыруа Алеқсандр Константин-иԥа Чачба ажәлар рыҿиараҿы акультуреи аҟазареи рҵакы дазааҭгыло иҩуан: «Аҟазара змам атәыла, ԥхьаҟа бзиарак ҳәа акагьы азыԥшӡам; уи ауаатәыҩса рдоуҳа ԥсхьеит, ԥсҭазаашьас ҳәа ирымоугьы – аилабаароуп» ҳәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me