Аҧсны - агеи-ашьхеи ирыгәҭылаку атәыла ссир. Ҳаҧсадгьыл аҭоурых ду, адунеи аҭоурых иахәҭакуп. Араҟа шьахәла иаарҧшуп ауаҩытәыҩса дызнысыз аамҭақәа зегьы. Неиҧымкрада, шәышықәсала ҳхылҵшьҭрақәа иахӡыӡааны ркультура абиҧарала еимырдон.Аҧсны ауаҩы иҧылоит азқьы­шықәсақәа ирықәлоу абаҟа ссирқәа. Адунеи аҳәынҭқаррақәеи ажәларқәеи, асеиҧш аҭоурых ҵаула иахыҽхәартә измоу, рхыҧхьаӡара рацәам.

Афымцамч акәша-мыкәша

07 Жәабран 2024 09:30
2024 шықәса февраль 2 азы Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба инарҭбааз аилацәажәара мҩаԥигеит араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа, амчратә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аиҳабыра иалоу алархәны.Аилацәажәара иалахәын Аԥыза­-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.
Алхрақәа рылҵшәақәа рхашшаареи рыхәаԥшреи рыҿҳәарақәа реиҵатәра, аҩбатәи алхрақәа раан 10 процентк инареиҳаны ауаа рхыԥхьаӡара азырҳара, «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы» иахьа иҳамоу Аконституциатә закәан аиҭакрақәа ралагаларазы егьырҭ ажәалагалақәа жәпакы ртәы еиҭеиҳәеит «Аԥсныпресс» иеиҭаз аинтервиу аҟны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me