Аконституциа – ҳсуверенитет ауасхыр шьҭазҵаз

Ҳаамҭазтәи аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны «адгьылҵакыра зегьаҿы ахала, даҽа мчрак иахьмырԥшыкәа аҳәынҭқарратә мчра амҩаԥгара» Аԥсны асуверенитет иахьарбаз Аконституциа аднакылеит 1925 шықәса апрель 1 азы Аԥсны Асоветқәа Реизара Ду.


Ареспублика абри аконституциатә статус еиқәханы иҟан 1931 шықәсазынӡа, даҽакала иуҳәозар, автономиа азинқәа аманы Қырҭтәылатәи ССР аилазаара Аԥсны аларҵаанӡа.
1925 шықәсазтәи Аконституциа ишаҳәо ала, Қырҭтәыла аидгылатә еиқәшаҳаҭра ҷыдала аҽадҵаны, иара убри ала Аахыҵ-Кавказтәи Асоциалисттә Федеративтә Советтә Республика иалан, аҵыхәтәантәи ала – СССР. Ари адокумент атекст аҟны Қырҭтәыла знызаҵәык аӡбахә ҳәан. Убри инаваргыланы, уаҟа иарбан ЗСФСР аҟнытә аиԥш, иара убас СССР аҟнытә Аԥсны ԥықәсларада алҵра азингьы.
Аԥсны аполитикатә ҭоурых адокуменқәа реизга «Аԥсны Аконституциа. XX ашәышықәса» (аредактор – афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Виачеслав Чрыгба) аҟны иазгәаҭоуп раԥхьатәи Аконституциа апроект азырхиара иазкыз аусура хада шымҩаԥысуаз 1922 инаркны 1925 шықәсазынӡа.

Абри аамҭала аус рыдулан, ишьақәырӷәӷәан ареспублика агерб, абираҟ, ЦИК, жәлар ркомиссариатқәа, аусӡбара иазкыз аԥҟарақәа. Иара убас амч рыҭаны иалагалан ССР Аԥсны ашьауӷатә, атәылауаҩратә, ашьауӷа-у­сеилыргаратә, адгьылтә кодексқәа.
Ахқәа 21, ахәҭаҷқәа 116 рыла ишьақәгылоу Аконституциаҿы инҭкааны иарбоуп аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рсистема, жәлар рынхамҩеи, афинансқәеи, аҭыԥантәи ахалаусбареи анапхгара рыҭара, иара убас алхратә зинқәа, алхрақәа рымҩаԥгашьа. ССР Аԥсны аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа рбызшәа акәны иазхаҵан аурыс бызшәа. Аамҭакала иазгәаҭан ареспубликаҿы инхо егьырҭ амилаҭқәа зегьы азин шрымоу амилаҭ – культуратә усбарҭақәа рҟны аиԥш, иара убас азеиԥшҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа рҟынгьы рхатәы бызшәа ахархәара, ԥықәсларада арҿиара азин.
Аконституциа ахәҭаҷ 86 аҟны иарбоуп, аусқәа рҭыԥ рықәҵараан жәлартә усӡбарҭа ССР Аԥсны иахьаҵанакуа иаԥу акодексқәа, адекретқәа, ақәҵарақәа шаднакылауа, азакәанԥҵаратә нормақәа ыҟамзар, насгьы дара харҭәаамзар, напхгагас ишыҟанаҵауа асоветтә закәанԥҵареи Аусуцәеи Анхацәеи Реиҳабыра рполитикеи рзеиԥш лагамҭа.

1925 шықәсазтәи ССР Аԥсны Аконституциа аҵакала исуверентәу Аконституциа акәны иҟан, иаку азинтә, аусӡбаратә системала Қырҭтәыла иадҳәаламызт.
ССР Аԥсны ахьыԥшымразы шаҳаҭра ауеит ССР Аԥсны аусӡбарҭақәа ирыдыркылаз, азакәантә мчы зауз аӡбамҭақәа зегьы Қырҭтәылатәи ССР-и СССР-и русӡбаратә усҳәарҭақәа аиҭарыхәаԥшра ахьрылымшоз афакт.
1925 шықәсазтәи Аконституциа Аԥсны Асоветқәа Реизара Ду аҟны ирыдыркылеит, аха ашьҭахь мап ацәнакит РКП (б) Аахыҵ-Кавказтәи атәылаҿацәтә комитет – Аахыҵ-Кавказтәи Афедерациа анапхгаратә усбарҭа. 1925 шықәса сентиабр азы акомитет иазханаҵеит «конституциала еиқәыршәатәуп ҳәа ССР Аԥсни ССР Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа, еиҭахәаԥштәуп ҳәа Аԥсны Асоветқәа III реизара ду иаднакылаз ССР Аԥсны Аконституциа».
«Аԥсуа Конституциа Брежнев иконституциа аасҭа ахыҵит ҳәа» захьӡу истатиаҿы ажурналист Витали Шариа ишиҩыз аиԥш, 1925 шықәсазтәи Аконституциа «Асовет Еидгыла анеилаҳа ашьҭахьгьы шықәсыбжак инеиҳаны аус шауц иауан. Зыӡбахә сымоу абри ауп, 1991 шықәса анҵәамҭазы иалырхыз Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет иаразнакҵәҟьа аԥсуеи ақырҭуеи адепутатцәа рыбжьара аимак-аиҿак ӷәӷәа цәырҵит, акыраамҭа ӡбашьа амакәа иҟан ареспублика ахьӡ ҿыци, абрираҟи, агерби рызҵаара. Абри аҟнытә, Аԥснытәи АССР ахьӡ шамац иаман, уаанӡатәи атрибутқәагьы ахы ианархәон. Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынбеи уи идгылаҩцәеи абри аполитика-зинтә ҭымҭшәара излалҵша амҩа рыԥшааит. Ииуль 23 азы имҩаԥысыз аилатәараҿы Иреиҳаӡоу Асовет аҟны абжьқәа реиҳарала еиҭашьақәыргылан 1925 шықәсазтәи ССР Аԥсны Аконституциа».
Акьыԥхь иазирхиеит
Б.Қаџьиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me