Лаҵара 04, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ақыҭанхамҩа аинститут алшарақәа

Ишдыру еиҧш, Аҧсны реиуоуп ақыҭанхамҩа аҿиара бзиа ахьамоу атәылақәа. Иҵегь ирҵауланы азҵаара уазнеиуазар, ҳтәылаҿы аҳәынҭқарратә биуџьет хазырҭәаауа ахырхарҭа хадақәа ҳәа иалкаауп ақыҭанхамҩеи, атуризми.


Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ашәыри, ауҭраҭыхи налаҵаны иуҳәозар, анхаҩы уаанӡа ибарақьаҭха идгьыл инаҭоз аҽаҩра акырӡа ихьысҳахеит. Аҵарауаа уи зыхҟьо ҳәа рыӡбахә рҳәоит аҳауатә ҭагылазаашьеи, аҧырхага ҟазҵо ахәаҷахкқәа рыҿиареи, илеиуа ақәа ахимиатә еилазаара иҟанаҵо аҧхасҭеи. Зҽызыҧсахыз аҭагылазаашьа ҳҵарауаа рҿаҧхьа азҵаара ҿыцқәа ықәнаргылеит, урҭ иреиуахеит адгьыл ианаало аҵиаақәа реиҭаҳаразы аҭҵаарақәа рхацыркра. Араҟа еиҳаракгьы зыӡбахә ҳамоу ашәырхкқәеи, амалинеи, ашьхаражьи реиҧш иҟоу зоура-зыҭбаара уамак иҳаракым роуп. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы изқәаарыхуа адгьыл ахаҭабзиара зеиҧшроу, уи иаҳа ианаало, иарбан шәырхкқәоу реилкааразы ақыҭанхамҩатә институт иадҵаало ауаа рхыҧхьаӡара рацәахеит. Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу, ақыҭанхамҩа аинститут аиҳабы, академик Лиосик Аиба иҳәоит, аинститут аҿы иаартыз абиолабораториа зызкызгьы убри шакәыз. Иара абжьгарак аҳасаб иазгәеиҭоит убасгьы ишаҧсам машәыршәа иааумҧыхьашәаз аҵиаақәа реиҭаҳара. Џьара-џьара адгьыл зынӡа аҵиаахк анаднамкылогьы ыҟоуп, уи зыхҟьо адгьыл иалоу амаҭәашьарқәеи аҵиаа аҿиаразы иаҭахуи зынӡа иахьеишьашәалам ауп ҳәа.

Ақыҭанхамҩатә институт аҧҵан 1994 ш.рзы. Иара иамоуп аҟәшақәа жәаф, урҭ рыбжьара абиохимеи, агрохимиеи, аметрологиеи комплексла еидызкыло алабораториа дугьы. Аинститут иамоу адгьылҵакыраҿы аус руеит аҧышәаратә ҟәшақәа фба. Лиосик Аиба иажәақәа рыла напхгара зиҭо аусбарҭаҿы аус руеит шәи ҩынҩажәи жәибыжьҩык, урҭ рахьтә хынҩажәи жәиҧшьҩык ҵарауаауп, урҭ рыбжьара иҟоуп ақыҭанхамҩатә наукақәа ркандидатцәеи рдокторцәеи маҷҩымкәа. Абас ала, хырхарҭа рацәала аусурақәа цоит араҟа. Академик иҳәоит, зыҽны иаҧҵази иахьатәи аамҭеи еиҿырҧшны урыхәыҧшуазар, ҳәарада, аинститут уажәтәи аҿиареи, иамоу алшарақәеи еидкылашьа рымаӡам, аха ахықәкы атәы уҳәозар, усҟан еиҧш иахьагьы, хыдҵас иҟоу акызаҵәык ауп- Аҧсны аграртә лшарақәа рырҭбаареи ақыҭанхамҩа ашьҭыхреи. Ақыҭанхамҩатә институт аиҳабы игәаанагарала ақыҭа ашьҭыхразы адгьыл ақәаарыхра хымҧадатәиуп. Аха , ҳара ҳҿеиҧш асубтропикатә ҳауаҭагылазаашьа ахьыҟоу аҭыҧқәа рҿы ари азҵаара комплексла иазнеитәуп ҳәа иҧхьаӡоит иара. Асовет аамҭазы иҳамаз акультурақәа реиҳарак уажәы иӡыз иреиоуп. Аха зыҧсы ҭауҵаша, еиҭаурҿиаша ыҟоуп. Иаҳҳәап аҵиаахк –абазилик. Уи аҧеиҧш змоу иреиуоуп иҳәеит академик.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы изныкымкәа излацәажәахьоу ақыҭанхамҩа аҿиара азҵаара иазааҭгыло, аҵарауаа иазгәарҭоит культурахкык мацара алкааны арҿиара еиҳа еиҕьны ишырыҧхьаӡо. Аха, Лиосик Аиба ари агәаанагара дадгылом, иара агәраганы дыҟоуп алҵшәа аазышьҭуа ахкқәа зегьы шеицырҿиалатәу, ҳәарада досу ирнаало аҭыҧқәа рҿы. Ацитрустә хкқәа инарҷыдангьы аҧеиҧш змоу ҳәа иҧхьаӡоуп акакан, ахәырма, акиви, афеихоа рааӡара. Аҵарауаҩ иҳәоит ақыҭанхамҩа аинститут аҵиааӡарҭақәа рҿы алшарақәа шыҟоу зқьыла аиҭаҳатә архиаразы. Аха, уи зҭаху заа адырра ҟаиҵар ауп изеиқәдыршәарц азы. Аборигентә хқәа ҳәа иҧхьаӡоу ажьжәлақәа инадыркны, уаанӡа Аҧсны иқәнамгалацыз ашәырхкқәа рҟынӡа иҳамам ыҟам иҳәеит аинститут аиҳабы. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаадрыхуа ашәырхкқәа реилазаара зладырҿыцыз ахкқәа дырзааҭгыло Лиосик Аиба иаликааит акиви. Ари ашәырхкы наукала иахьӡуп Актинидиа, иара аӡахәатә шәырқәа рахь иаҵанакуеит. Иааркьаҿны акиви ҳәа ззаҳҳәо ашәырхкы Аҧсныҟа ианықәнагалаз аибашьра аҧхьа ауп. Аха, ирласны аларҵәара аиуит. Уи змааноу адгьыл иахьанаалаз, ахаҭагьы адацкра ахьымариоу ауп. Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа ақыҭанхамҩа аинститут аҿы аҵарауаа рнапы рылакын аҧышәарақәа. Акиви еихарҳауан, ироуз алҵшәа иахәыҧшуан. Абас ала имҩашьо ишьақәдыргылеит ҿыц илырхыз ахкқәа хәба. Лиосик Аиба иҳәеит аинститут аҿы еихарҳаз ахкқәа рцәа шыцқьоу, ишрықәым ахәы. Ирацәаҩуп уи аӡбахә заҳахьоу, аинститут иадҵаалоит имаҷҩымкәа ажәла акразы. Аусбарҭақәа жәпакы рҟны аусзуҩцәа разымхара ыҟазар, аинститут аҿы уи аҩыза азҵаара шықәгылам. Аҿар аус рыдулара цоит, ақыҭанхамҩа аганахьала дара лимитла аҳәаанырцә иҭалоит, ианыгьежьлакгьы агәаҳәара змоу аусура иалагартәеиҧш алшара рымоуп ҳәа азгәеиҭоит аҵарауаҩ. Иара убасгьы ақыҭанхамҩа аинститути аҳәаанырцәтәи анститутқәеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьоуп, рҧышәа еимырдоит, еицхыраауеит. Аҧсуа ҵарауаа лассы-лассы Урыстәыла имҩаҧысуа асимпозиумқәеи аҭҵаарадырратә конференциақәеи ирылахәуп. Ари зегьы иалнаршоит атехнологиа ҿыцқәа рхархәара аилкаара, урҭ рнапахьы аагара аҽазкра, ақыҭанхамҩа арҿиаразы адунеи аҿы аҭыҧ змоу атенденциақәа Аҧсны иадкыланы рыхәаҧшра, аха уи зегьы инаҷыданы азыҟаҵара бзиа рнаҭоит рҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәа ҩаӡара ҳаракыла рыӡбаразы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me