С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысит Москва инхо, аҵараиурҭақәа ирҭоу аҿар рымчала еиҿкаау Аԥсны аҿар рырҿиаратә хеидкыла аӡыргара. Уи иалагеит Аԥсны агимн арҳәарала.
Ишдыру еиԥш иахьатәи ҳаамҭазы, ауаҩы иԥсҭазаараҿы асоц­иалтә бызкаҭаҳақәа инарыгӡо ароль хымԥада даара ирацәоуп. Ишақәнагоу ахырхарҭала зхы иазырхәо рзы даара ихәарҭа дууп ҳәарада, аха убри аан иҟоуп иахьҽеимгьы.
Игор Ахба ихьӡ, Аҧсны еиҧш, анҭыҵгьы ирдыруеижьҭеи акыр ҵуеит. Ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы 1991 ш. ииун акы инаркны Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аҧсны ахаҭарнакс дыҟан, 2008 ш. нахыс – Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ гәрагас аус иуит 2021 ш. рзынӡа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me