Ақыҭа школ ҳамҭас – автобус

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭа абжьаратә школ даҭааит имҩаԥысуа арҿыцратә усурақәа ргәаҭаразы.

Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада ина­пынҵала Шьаҭанкылатәи аргыларатә усбарҭа 1900 метра ԥшьыркца рҟынӡа ахыб аԥсахразы аусурақәа мҩаԥнагоит. Ҳазҭагылоу аамҭазы иԥсахуп 1400 метра ԥшьыркца рҟынӡа.
Шьаҭанкылатәи аргыларатә усбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа иҳәеит аусурақәа амчы­бжь иалагӡаны ишхыркәшахо. Аҳәынҭқарра Ахада аргыларатә усбарҭа аиҳабы иирбеит уадақәак рҟны аҭыӡқәа ирымоу аԥакәи.
Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит ахәыҷқәа ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа ргәабзиара ишазеицәоу, хара имгакәа ари азҵаара аӡбара шаҭаху. Ашкол аҟны иара убас 30 ԥенџьыр раҟара рыԥсахуеит. Аҳәынҭқарра Ахада арҵаҩратә коллектив ирылеиҳәеит иааиуа амчыбжь азы ашкол автобус ҿыц шаиуа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me