Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Абылреи абылтәи рыкәша-мыкәша

Аԥсны Ахада Аслан ­Бжьа­ниа ианвар 22 азы аилацәажәара мҩаԥигеит Аиҳабыра иалоуи азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи алархәны. Амш аусхәаԥштә аҟны иқәгылан Аҟәа, Ацәыргақәҵарҭатә зал хада ахыбраҿы ааигәа иҟалаз амцакра инамаданы хра злаз азҵаарақәа, иара убас абылтәи аенергетикеи рганахьала аҳәынҭқарраҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа.


Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан атәыла Ахада иеиҳәеит аусмҩаԥгатәқәа зегьы шрыдыркылазгьы, ирласны амцарцәара шзалымшаз.
«Иблит ахыби аҩбатәи аихагылеи, уброуп иахьыҟаз Асахьатә галереиеи абанки. Ахыб аҟнытә амца ииасит аҩбатәи аихагылахь, избанзар урҭ злеиҩкааз злыхыз амҿы акәын», – иҳәеит иара.
Делибалтиан иажәақәа рыла, ҳазну аамҭазы азинхьчаратә усбарҭақәа алархәны раԥхьатәи агәаҭарақәа ирылагеит, ауадақәа ирыхәаԥшуеит, иахҭыгәлаз иразҵаауеит.
Аԥсны Ахада Апрокурор хада Адгәыр Агрба инапы ианиҵеит амцакра зыхҟьаҵәҟьаз амзызқәа реилкааразы иаҭаху аспециалистцәа адиԥхьаларц.
«Ҳара шәпроцентк рыгәра аагозароуп шәусура аихшьалақәа рыла иҟаҵахо алкаақәа. Ҳарҭ зегьы ҳзы иуадаҩуп абри ахҭыс, ҳазыҟазаашьа ибзиаӡаны еилкаауп», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра иадиҵеит акультуреи аҵареи Рминистррақәа ирыҵаркуа ахыбрақәа абылраҽацәыхьчара аганахьала иахьынӡазалшо ирхылаԥшларц.
Аҳәынҭқарра Ахада акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡауа Динара Смыр лнапы ианиҵеит инарҭбааны аинтервиу рылҭарц, ауаажәлар ирзеиҭалҳәарц аҵыхәтәантәи ҩажәижәаба шықәса рыҩнуҵҟала амилаҭтә культура арҿиаразы Аԥсны анапхгара иҟарҵахьоу атәы.
«Аԥсны анапхгаҩцәа зегьы акультура азҵаарақәа еснагь лымкаала хшыҩзышьҭра рзыруан. Акультуратә обиектқәа рырҿиара иадҵан амал дуқәа», – иазгәеиҭеит Ахада.
Акультура Аминистрра иара убас анапы ианҵоуп Урыстәылантәи рҩызцәа ашәҟәы рзыршьҭырц ацхырааразы.

«Иадшәыԥхьала ареставраторцәа, иара убас еилышәкаа Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рыҵәахырҭақәа рҟны аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рымоу-ирымаму, насгьы Аԥсныҟа урҭ роригиналқәеи мамзаргьы рыхҩылақәеи раашьҭра аиҿкаара алшоу-иалымшоу», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Абылтәы џьармыкьаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа атәы иҳәеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба.
Нанба иажәақәа рыла, ҳазну аамҭазы қьаадшәҟәыла еиқәыршәоу авагонқәа 34 раҟара макьаназы аҳәааҿы игылоуп, арахь раагара алшом.
«Ари апроблема иаразнак аҭыԥ иқәҵахоит Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рықәҵара аиҭакрақәа аналаргалалак ашьҭахь», – иазгәеиҭеит Нанба.
Абылтәы азымхара аганахьала иҟоу апроблемақәа раԥыхразы Аԥсны Ахада Аиҳабыра рхада Алеқсандр Анқәаб инапы ианиҵеит абылтәы аашьҭыҩцәа дуқәа драцәажәарц, насгьы аилахәыра маҷқәа иҟалаз аҭагылазаашьа ҭышәныртәалахаанӡа урҭ рҟны абылтәы аахәара рылшарц азы.
Аҳәынҭқарра фымцала аиқәыршәара атәы далацәажәауа, Џьансыхә Нанба иҳәеит ианвар 1 инаркны Аԥсны иналак-аалакны арцәарақәа ирзышьақәырӷәӷәоу аграфик шаԥыххауа.
«Урыстәылатәи Афедерациа аҟнытә афымцамч шааҳаулак еиԥҟьарада фымцала еиқәҳаршәалоит», – иҳәеит Нанба.
Аилацәажәара иалахәыз иара убас ирзааҭгылеит акриптовалиута изакәанымкәа арҳареи афымцамч ахәԥса аизгара алаҟәреи ирымадоу апроблемақәа рыӡбашьа амҩақәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me