«Ачерқьесқәа рхылҵшьҭра»

Адыгьеиа, Маиҟәаԥ ақалақь ареспубликатә милаҭтә музеи аҟны имҩаԥысит 85 шықәса раԥхьа, Париж иҭыжьыз, адыгақәа ретникатә ҭоурых азҵаарақәеи ахырхарҭақәеи жәпакы инарҵауланы иаазырԥшуа «Ачерқьесқәа рхылҵшьҭра» ҳәа хьӡыс изауыз Аитек Намиток ишәҟәы аӡыргара.

«Ари адыгаҭҵаараҿы ираԥхьатәиу академиатә ҭыжьымҭоуп ҳәа азгәарҭоит Адыгьеиатәи аҳәынҭқарратә университет аҵарауаа. Аҭыжьымҭа аатуеит уи зызку азҵаарақәа рлагалак аҳасабала иаԥҵоу абиографиатә статиа неиҵых ала. Ашәҟәы иагәылоуп убасгьы, хыԥхьаӡара рацәала афотоҭыхымҭақәеи, уаҟа иаҳԥыло аҭоурыхтә материалқәа шьақәзырӷәӷәо ацҵақәеи.
Забдуцәа рхьышьҭра иазҿлымҳау дарбанызаалак изы акыр ихырҳагоу ҭыжьымҭоуп «Ачерқьесқәа рхылҵшьҭра».

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me