Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амҟәыба еснагь аӡы аанагаӡом

«Амҵәышә аҵа амца акны ибылуан, ахәҵәы амахә иахьаҿарҧаз азхара изыччомызт, иаздырӡомызт амца қьоуқьад  иара аҟынӡагьы ишнеиуаз рҳәеит». Ари аҧсуа жәаҧҟа лассы-лассы исгәалашәалоит. Избанзар, иара даара ибзианы иаанарҧшуеит ҳҟазшьа. Ҳашџьеибашьоз, ҳшеизымӡырыҩуаз, иахьа иачҳап, нас уаҵәы иҟаҳҵап ҳәа иахыго ишааҳгоз амилаҭтә мазарақәа иреиуаз, амилаҭтә ҟазаратә доуҳа нықәыццышәаа ицеит.

Амца иалаблит ҧшьнызқь инареҳианы адунеитә ҩаӡара змаз,  Аҧсны асахьаҭыхратә ҟазара ашедеврқәа. Урҭ рыбжьара хәы змам, ҧшаашьа змоуа аусумҭақәа жәпакы. Дара ирылан раҧхьаӡатәи апрофессионалтә аҧсуа сахьаҭыхҩы, Аҧсны аҳцәа рхылҵшьҭра иатәыз Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа хышә цыра.

Жәлар зегьы ихьааргаз ахҭыс аныҟалаз амш «амҽыша еиқәаҵәа» ҳәа ахьыӡ аиут. Арҭ амшқәа рзы иаасгәалашәеит, аиҿцәажәарақәа руак аан, асахьатә галереиа аиҳабы, аҟазараҭҵааҩы  Сурам Сақаниа исаиҳәаз ажәақәа; макьаназ ҳааиуеит, аха амҟәыба еснагь аӡы аанагаӡом ҳәа, ус иагьыҟалеит.  Жәашықәсала ӡбашьа змамыз, еиуеиҧшым аамҭақәа рзы аҭыӡшәа зцыз, зхатәы мазарахь аиагаразы аӡәырҩы ззықәҧахьаз асахьатә галериа ахыбра иахьа иҟаҵахаргьы, амца иалгаз асахьақәа ҩышә инарзаныҧшуа рыда,  уахь инаҳго ирызхәыцтәуп.

Аҧсны Раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба идҵала иалхыз ари ахыбра иҷыдоу ахықәкы аман. Уаҟа ҳрылаҽырбо ицәыраҳгар акәын акыр шықәса инеиҧынкыланы ирзеицәоу аҭагылазаашьаҿы еикәаргыланы  иҳамаз ҧшь-нызықь усумҭа. Аҟазараҭҵааҩы, амилаҭтә сахьатә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа иажәақәа рыла, Пушкин имҩаду аҿы,  агалереиа иазалхыз ахыбра машәыршақә акәӡам аӡбахә шҳәаз.  С.Ҷанба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә адраматә театр, Аҟәа ақалақь ахадара, Ашьхарыуаа рышкол, афилармониа уҳәа, иаакәыршаны игылоу аҭоурыхтә ҟазшьа змоу ахыбрақәеи иареи еиҿыбаауа аҟаҵара гәҭакыс иҟан, уи аахыс ҩажәи хәба  шықәса инареиҳаны ишцахьоугьы иахьа уажәраанӡа ахыбра аҭагылазаашьа ҧсахшьак амамкәан иаанханы иҟоуп, аха ааскьа аимак зцыз азҵаарақәа рыӡбеит.

Аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рыхьчаразы аусбарҭа аспециалист, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Инал Џьопуа иажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы азҵаара аҭыҧ иқәҵоуп азинтә шьаҭа аҭаны, ахыбра иаҭаху ашәҟәқәа зегьы рыла еиқәыршәоуп.

Ианар ҩажәи акы азы иҟалаз абылра ашьҭахь асоциалтә ҳақәа рҿы имҩаҧысуа ацәажәарақәеи аҳәамҭақәеи рыбжьара, зегь ааилазырҩҩыз ҳәамҭахеит, Аҧсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа имаҭа Татиана Гәлиа лхатә даҟьаҿы иҟалҵаз аҩымҭа. Лара аиҳабыра рахь аҳәара ҟалҵеит, сынтәа  ҳтәылаҿы мҽхакы ҭбаала  иазгәарҭараны иҟоу, аҧсуа литература абду Дырмит Гәлиа диижьҭе 150 шықәса аҵра аиубилеи азгәаҭаразы  зныхра  азҧхьагәаҭоу аҧара, алитературатә  ҩны-амузеи аҿы амцаҽацәыхьчаратә маругақәа рышьақәыргылара иахҭынҵазарц. Уи ус баша ицәырҵыз ҳәамҭаӡам, избан акәзар, ахыбра аҭагылазаашьа ахьынӡауашәшәыроу атәы изныкымкәа далацәажәахьеит аҩны-амузеи аиҳабы Светлана Қәарсаиаҧҳагьы.

 Ари ахыбра, ҳлитература ашьаҭаркҩы иаҧҵамҭақәа ахьеизгоу ҭыҧ мацараны иҟаӡам, 1960 шықәса рзы зыҧсҭазаара иалҵыз  Дырмит Иасыф-иҧа аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа уаҟа дынхон. Иара ишьҭахьгьы акыршықәса ихылҵыз зыҩназ аҩны ҭаацәара дук, биҧара дук рышьҭрақәа анпыҟҟала иануп. Ақалақь агәаны иҟоу ари акультуратә хәышҭаара ду аҭагылазаашьа агәҭынчымра цәырнагоижьҭеи акрааҵуеит. Аҵыхәтәантәи ахҭысқәа рнаҩс уи аӡбахә азааҭгылара еиҳагьы актуалра аиуит. Ахыбра акапиталтә ремонт ахыжьра шаҭаху азы акырынтә ашәҟәқәа еиқәыршәаны аиҳабыра рахь инарышьҭхьеит. Амузеи ахыбраҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩу, уаҟа ицәыргақәҵоу аекспонатқәа ашәарҭара ишҭагылоу атәы изныкымкәа илҳәахьеит амузеи аиҳабы.

Ахыбра иаакәыршаны, иавачаҧаны аҿаҧарақәа ргылоуп. Урҭ зтәу ауаа рацәажәара ауадаҩрақәа маҷымкәан иацуп. Амцаҽацәыхьчаратә ҧҟарақәа инарықәыршәаны, ахыбра уавагьежьыртә еиҧш анеирҭа-ааирҭа амазар ауп. Даара имаҷуп иахьатәи аамҭазы уи аҧҟара иақәшәо аобиектқәа. Ақәаурашьҭахьтәи акәыкәбаақәа реиҧш изызҳауа ахыбрақәа ркҿаҟаҵақәа рықәгара мчы змыхәо акәны иҟалеит аҧсуаа ҳҿы.  Асеиҧш ахыбрақәа ҳтәыла ахи-аҵыхәеи аҿы даара ирацәоуп. Еиуеиҧшым амузеиқәа, анхарҭатә ҩнақәа, аӡәгьы дзыҩнам, аха икультуратә ҭынханы иҟоу ахыбрақәа уҳәа иааидкыланы амилаҭтә культуратә-ҭынхақәа рсиа иануп зқьи хәышә инареиҳаны аобиектқәа. Урҭ рыбжьара иҟоуп ҩышә инарзынаҧшуа еиҳа ихадароу абаҟақәа еидызкыло асиа хада. Дырмит Гәлиа иҩны-амузеигьы уахь иалоуп.

Амилаҭтә культуратә – ҭынхақәа рыхьчаразы аусбарҭа аспециалист хада, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Инал Џьопуа, амилаҭтә-культуратә ҭынхақәа рсиа хада иану, зҵакы еиҳа иҵаулоу, раҧхьа напы зырктәу ахыбрақәа рызҵаара дазааҭгыло иҳәеит, ауадаҩрақәа зхылҿиаауа афинансқәа разымхара мацара шакәым. Араҟа аки-аки еиҿарҧоуп. Иаҳҳәап, асовет аамҭазы аҳәынҭқарратә сиа ианыз ахыбрақәа жәпакы рҟны ауаа ауадақәа рызшаны иҩнаҵан. Иҟоуп ахыбрақәа рыхәҭак ахатә мазарахь иахьиагоугьы. Асеиҧш аҭагылазаашьа ахьышьақәгылоу акы аҟаҵара даара иуадаҩуп. Избан акәзар, ахыбра ҭарцәны иахәҭоу ахылаҧшра ауҭарц азы, уаҟа иҩноу нхарҭа ҭыҧла еиқәыршәатәуп. Анхарҭақәа роуразы зықьҩыла ауаа агәаран ианықәгыло аамҭазы, хыхь иҳәаз аҧеиҧш змоу проектуп ҳәа алацәажәара гәаҕьыуацәоуп.

Араионқәа рҿы акәзар, акультуратә ҭынхақәа рыхьчаразы аусбарҭа аусзуҩцәа амазар ауп, уаҟа аҟәшақәа аус руазар ауп, урҭ изланеи-ааиуа автомашьынақәеи абылтәи рыла еиқәыршәазар ахәҭоуп, аулафахәы роуазар ауп. Еиқәыҧхьаӡоу зегьы  аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа  раан еиҧҟьарада зынагӡара алымшахаз ауп.

Амилаҭтә  галереиаҿы иҵәахыз, амца иалаблыз  раҧхьаӡатәи аҧсуа сахьаҭыхҩы Алеқсандр  Шервашиӡе-Чачба  иуникалтәу иусумҭақәа ргәаларшәара иазкыз алахьеиқәҵаратә митинг мҩаҧган ианар ҩажәи ҧшьба рзы. Аҟәа ақалақь агәаны игылоу  Алеқсандр Шервашидӡе-Чачба ибаҟа азааигәара еизеит ауаажәларра рхаҭарнакцәа, аҟазарауаа, аҿар. Амитинг  далахәын  Аҧсны  Ахада  иусбарҭа    анапхгаҩы Абесалом  Кәарҷиа. Иара   иҳәеит,  аҳәынҭқарра  анапхгара ирылшо зегьы шыҟарҵо аҟаза хәы змам   иусумҭақәа ҿыц реидкыларазы. Дара  маҷымкәан иҵәахуп Аҧсны анҭыҵ иҟоу ахатәы коллекциақәеи агалереиақәеи рҿы.  Иара убасгьы ишьақәыргылатәуп амца иалаблыз егьырҭ асахьаҭыхҩцәа  русумҭақәагьы. Амитинг  аҿы  иқәгылоз   зегьы  ирҳәон   амилаҭтә  галереиа  ҿыц аиҭашьақәыргыларазы   доусы  илшо  ҟаиҵар шакәу. Ианаҭаху еснагь  ҳажәлар  иаадырҧшуаз аидгылара араҟа ишхымҧадатәу, ажәалагалагьы ҟаҵан доусы имч зықәхо  аҧара аизгаразы. Иахьа  зышьақәыргылара  амуа,   амашәыр  иахҟьаны  иццышәхаз  Аҧсны  раҧхьатәи  асахьаҭыхҩы   Алеқсандр  Шервашиӡе-Чачба  иусумҭақәа реиқәрхара  ахьалымшаз  азы,    аҟаза  ибаҟа  амҵан  аҭамзаара шьҭарҵон амитинг иалахәыз зегьы.

 Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иҭынха аӡбахә анаҳҳәа, иазааҭгылатәуп  аҵыхәтәантәи Аҧсны аҳцәа зыҩназ ахыбрақәа ртәгьы. Урҭ ахьыҟоу Аҟәа мацара акәӡам, аха сыззааҭгыларц исҭаху ахыбра Аҟәатәи ашьха азааигәара, Лашәриа имҩаду аҭыӡҭыҧ 5 аҟны игылоуп. «Вилла Чеми» ҳәа  изну ахыбра аҵанакуеит амилаҭтә-культуратә ҭынхақәа рахь. Ирацәаҩумашь уи ахьӡ ахьынтәаауа здыруа ауаа, иаҭагылазаашьоузеи иахьа иара? «Вилла Чеми» Чачаа рыҩны хада ҳәа иашьҭан. Чеми ҳәа хәыҷыхьӡны иарҳәон Аҧсны аҵыхәтәантәи аҳ Михаил Шервашиӡе-Чачба иҧа – Гьаргь. Акыдҩыла анҵан Гьаргь Чачба ихаҭа идҵала, зқьи жәшәи хәба шықәса рзы аҩны андыргылоз. Ахыбра архитектор Франц Вильгельм Ковальскии усҟантәи аамҭазы зыхьӡ нагаз ргылаҩын. Иара иҿаҧхьа иқәыргылаз адҵа наигӡеит. Илшеит аҩны иҭбаа-ҭыцәу, аха убри аан мыцхәы идуум, илашоу хыбраны аҟаҵара.

Ҩ-еихагылак иҟаз аҩны шкәакәа ду аҟны Гьаргь Шервашиӡе-Чачба иҭаацәа нхон 1918 шықәсанӡа. Аҵыхәтәантәи аҳ иҧа Гьаргь Чачба иҧсҭазаара даналҵ ашьҭахь аҩны иҭынхеит иаб иашьа иҧа Алеқсандр Константин-иҧа Шервашиӡе-Чачба. Иҭаацәараҿы иҟалаз агәырҩа хлымӡаах ашьҭахь аҭыҧ аҧсахра иашьҭаз аҟазарауаҩ абас ала Аҧсныҟа даанагоит. Иҧшәмаҧҳәыс, актриса Наталиа Бутковскаеи иареи Аҟәа иаадыртуеит «Вилла Чеми» азааигәара иҟаз  раҧхьаӡатәи асахьаҭыхратә школ. Аха, авиллаҿы дара акраамҭа инымхаӡеит. Излагаз ареволиуциатә хынҭа-ҩынҭарақәа ирыхҟьаны Аҧсны ҩаҧхьа иаанрыжьыр акәхеит.

Ари даара иркьаҿу ҭоурыхуп. «Вилла Чеми» мацара иазукыртә иҟоуп хазы игоу материал дук. Аибашьраан иара ааха ҕәҕәа аиуеит. Азганк иаахаз ахыршә иарбгеит. Аҩны аҭагылазаашьа уашәшәыроуп, иамоуп аиҟәарҷҷарсҭақәа. Инал Џьопуа иажәақәа рыла ҳаамҭазы уаҟа инхоит ҩ-ҭаацәарак. Дара ирацәажәахьеит, аҭагылазаашьа рарҳәахьеит, ҳәарада ирдыруеит иагьеилыркаауеит изыҩноу ахыбра аҵакы. Мап ацәыркӡом, иақәшаҳаҭуп уи адәылҵра, аха иҟаӡам алшарақәа дара даҽа уадақәак рыҭаразы.

 Абас ала ҳазлалагаз аҿы ҳаиҭаанагоит. Аилкаара ыҟоуп, агәаҳәара ыҟоуп. Иҟам алшареи аҭагылазаашьа аиҕьтәразы ацхыраареи роуп. Амца иалаблыз Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба  иусумҭақәа  раҟараҵәҟьа акәымзаргьы, ҳҭоурыхи ҳкультуреи рзы инаваҟәало аҵакы амоуп ари ахыбра, иахьа уи ацәыӡразы акгьы ҳагӡам.

Ҳәара аҭахума амилаҭтә культуратә доуҳатә ҭынха  инықәыццышәаа ацара зегьы еицаҳзеиҧшу гәхьаауп. Ицәырҵуа азҵаарақәа рацәоуп, аха урҭ реилыргара знапы иану   ҷыдалатәи  аусбарҭақәа  ыҟоуп, ирҳәо ҳаҧеиҧшып, анаҩстәи алкаақәа рыҟаҵарзы.

Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me