Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа (ААР) апрезидиум ирыланаҳәоит 2022 шықәсазы иҭыҵыз аҧсышәала иҩу аҵарауаа ҿарацәа (40 шықәса ирҭымсыц) рыҭҵаарадырратә усумҭақәа апремиа ранашьаразы аицлабра (аконкурс) шаарту. Аицлабрахь иқәыргылазар ҟалоит амонографиақәа, астатиақәа реизга, хазы игоу астатиақәа.