Аҟыбаҩ злоу Еҵәаџьаа

Ааигәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥган «Аҟыбаҩ злоу Еҵәаџьаа» захьӡыз агала-концерт, уи маԥысуеижьҭеи ҩышықәса ҵуеит. Ахәылԥаз иалахәын ашықәс иалагӡаны имҩаԥысуаз афестивальқәеи  аицлабрақәеи рҿы еиӷьны зхы аазырԥшыз.

И.Кортуа ихьӡ зху Жәлар Рырҿиаратә центр аԥшьгарала «Аҟыбаҩ злоу Еҵәаџьаа» адагьы есышықәса имҩаԥысуеит имаҷымкәа анапҟазацәа рцәыргақәҵақәеи, агәаҭарақәеи. Абар 25 шықәса ҵуеит еиҿкааужьҭеи Ареспубликаҿтәи ахореографиатә гәыԥқәа реицлабра «Аӡыхь», 21 шықәса ҵуеит инеиԥынкыланы имҩаԥысуеижьҭеи ԥшь-абиԥарак злахәу ахьыбҿар реицлабра «Аҿар рыбжьы», 12 шықәса ҵуеит имҩаԥысуеижьҭеи Жәлар рашәақәа назыгӡо афольклортә гәыԥқәа рфестиваль, 10 шықәса инареиҳаны иҵуеит ашәаԥҵаҩцәа абардцәа рфестиваль «Ашәа узысҳәоит Аԥсынра», 12 шықәса ҵуеит инеиԥынкыланы имҩаԥнагоижьҭеи аԥсуа музыкатә инструменттә рҳәагақәа назыгӡо рфестиваль «Аԥхьарца» захьӡу.

«Арҭ аиҿкаарақәа хықәкыс ирымоу Аԥсны ҳатрадициатә культура аиқәырхареи, наҟ-наҟ уи арҿиара роуп» – иҳәеит  Нури Кәарҷиа.


Илана Ԥачлиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me