Декабр 1 азы Аҟәа имҩаҧы­сит Аҧсны Жәлар Реизареи Урыс­тәы­ла­тәи Афедерациа Афеде­ралтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицуразы Аиқәышаҳаҭра. Уи рнапы аҵарҩит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭдума Ахан­тәаҩы Виачеслав Володини.
Аҧсны Жәлар Реизараҿы имҩаҧысит Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини реиҧылара.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа диҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭдума Ахантәаҩы Виачеслав Володин, Аҧсны официалтә визитла иааз.
Аҧсны официалтә визитла иааз Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭ­қарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҟәа Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны игылоу 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз рбаҟаҿы.
Декабр 4 азы Аҧсны иофициалтәым визитла дааит Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахада Русҭам Минниханов. Урыстәылеи Аҧсни рҳәааҿы уи диҧылеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа. Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахада иаара зыдҳәалоу Урыстәылеи Аҧсни реизыҟазаашьақәа инарҭагӡаны ареспубликақәа рыбжьара аусеицура арҿиара ауп, иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me