Агәымшәа Роман

11 Абҵара 2022 14:48
Роман Владимир-иҧа Ҵереҭели диит 1973 шықәса сентиабр 13, рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. Тамшьтәи абжьаратә школ даналга, дҭалоит азанааҭ-техникатә аҵараиурҭа (Қарҭтәи афилиал). Ибзианы далгоит 1990 шықәсазы. Ашьҭахь аррамаҵура ихигон Агәыӡера, командирс диман Гари Бигәаа. Роман дҿырҧшыган аррамаҵураҿы, – «имаашьоз, иааӡаз, ламысла идырҵоз зегьы наигӡон, ахәыҷы бзиа дҩашьом» – иҳәалон икомандиргьы зны-зынла. Роман уи иныҧшит аибашьраҿгьы…

Аӡбаҩцәа реизара

11 Абҵара 2022 14:48
Ноиабр 2 азы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа реизара. Арбитражтә усӡбарҭа асаит излаанацҳауа ала, иазыӡырҩын 2019-2022 шықәсқәа рзы акомиссиа имҩаҧнагаз аусура иазкыз Аҧышәаратә комиссиа ахантәаҩы Генри Гамисониа иҳасабрба.
90 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит аҵарауаҩы, Аҧсны Жәлар Реизарахь депутатс иалырххьаз, «Ахьӡ-Аҧша» аорден занашьаз Ермолаи Кьасыгә-иҧа Аџьынџьал!.Сҩыза, зыгәра згоз, акыр шықәса аус еицызухьаз, асоветтә аамҭазы акыр аџьабаақәа еицызбахьаз, ҳажәлар рықәҧараҿы ирыхәашаз аусқәа ирызкны – амаӡа зыбжьаз, иагьыназыгӡоз иҧсӡы ансаҳа, даара сгәы далсит.
Ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура аусзуҩцәа Аҟәеи Гәдоуҭеи рҟнытә арезервистцәа рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргеит, иаанацҳауеит Ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура апресс-маҵзура. Аҽазыҟаҵарақәа рымҩаҧысшьа дахылаҧшуан Ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура аиҳабы аполковник Дмитри Дбар.

Аусеицура аҳәаақәа

11 Абҵара 2022 14:42
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр, аплатформа «Аҧсны аҧеиҧш» ашьаҭаркҩы Инал Арӡынба диҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент иҟны иҟоу аҳәынҭқарратә напхгараҭара иреиҳаӡоу ашкол адиректор, аиҿкаара «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла аҵаарадырра адиректор хада Алеқсеи Комиссаров.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me