Иахьатәи аамҭазы ақыҭанхамҩаҟны еихьӡарақәас иҟоуи проблемақәас ицәырҵуеи реилкааразы ҳара ҳиҿцәажәеит Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа. Зегьы раҧхьаӡа иргыланы уи дазааҭгылеит абар уажәшьҭа ҩышықәса инарзынаҧшуа ақыҭа нхамҩа ашьҭыхразы аус здыруло апрограмма. 2021 шықәсазы уи иазоужьын100 миллионк мааҭ. 2022 шықәсазы акәзар, иара убас даҽа 100 миллионк мааҭк. Ари апрограмма апроектқәа рахь иаҵанакуеит аҵиааӡара, арахәааӡара, аҧсыӡааӡара уҳәа убас егьырҭгьы.