Аҭоурых аҟны ахьӡ

11 Нанҳәа 2022 16:02
Ахәылҧаз, август 3 азы Аҟәа агәаны, Аидгылара амҩаҿы иҟоу абаҳчеибаркыраҿы гәырҕьарала иаартын Аҧсны иналукааша апартиатә, аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧснытәи обком актәи амаӡаныҟәгаҩ, Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ахантәаҩы Валериан Осман-иҧа Кобахиа (15.05.1929 – 28.08.19929 ибаҟа. Уи аартра иалахәын Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Аҟәа Ахадара аиҳабы Беслан Ешба, Кобахиа…

Аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп

11 Нанҳәа 2022 16:00
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Амиран Адлеиба ихиҵеит «Аҧсны Аҳәынҭқарра жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. Аҿыханҵаратә ҟазара ашьақәгылареи арҿиареи рҟны илагаламҭа ду азы, изанааҭтә ҟазара ҳаракы азы Адлеиба Амиран Сардион-иҧа ихҵазааит аҳаҭыртә хьӡы «Аҧсны Аҳәынҭқарра жәлар рсахьаҭыхҩы», – иазгәаҭоуп август 5 азы Аҧсны Ахада инапы зҵеиҩыз Аусҧҟаҿы.
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадара Аҳәамҭа Ишдыру еиҧш, аҳәынҭқарратә дача «Пицунда» Урыстәылатәи Афедерациа аҭареи уи ахархәашьеи рзы иқәгылоу азҵаатәы аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳауаажәларраҿы еиуеиҧшым агәаанагарақәеи ацәажәарақәеи цәырнагеит. Иҟоуп иақәшашҳаҭу, Урыстәылеи ҳареи ҳаидгылара, ҳаиҩызара иахәо акәны изыҧхьаӡо. Аха иҟоуп уи иақәшаҳаҭым, Аҧсны Азакәан хада – Аконституциа еиланагоит ҳәа иахәаҧшуа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me