Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ааха зауаз ахәыҷқәа арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауаеиҭныԥсахлара аппарат иаҿаркит

Мшаԥмза 5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ааха зауаз, шәачатәи ахәышәтәырҭахь ииагаз ахәыҷқәа арыԥҳақәа рыҩныҵҟа  иԥсабаратәым аҳауаеиҭныԥсахлара аппарат иаҿаркит.  Ахәыҷқәа ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп ҳәа ишьақәыргылоуп. Абри азы ҭелла реиҿцәажәараан Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба адырра ииҭеит Шәача ақалақь  Анреи ахәыҷреи рыхьчара Ацентр аҳақьым хада  Андреи Аргунов.   Иара убас ироуз абылрахәрақәа ирыхҟьаны Аԥсны Ареспубликатә хәышәтәырҭа ареанимациатә ҟәша аҿы иҟоу ахәыҷқәа раби рани урыстәылатәи абылрахәышәтәратә Центр ахь рыиагаразы еиқәшаҳаҭхеит.   Аҩыџьагьы ироуз ааха амҽхак  70% рҟынӡа инаӡоит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me