Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашәаҳәаҩцәа хәыҷқәа реицлабра

Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит аестрадатә шәаҳәаҩцәа рреспубликатә еицлабра «Аҿар рыбжьы». Апроект аиҿкааҩс дамоуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, Иван Кортуа ихьӡ зху Арҿиаратә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа.
Аицлабратә концерт мҩаԥылгон ашәаҳәаҩ Инесса Григолиа.


Аицлабра иалахәыз ашәаҳәаҩцәа 4-хәҭакны еихшан, 5 шықәса зхыҵуа инаиркны 19 шықәса зхыҵуа рҿынӡа.
Аицлабра хықәкыс иаман аҟыбаҩ злоу ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа ралԥшаара. Аицлабра ахәшьара арҭон аӡбаҩцәа: Аԥсны жәлар рартист Лиудмила Гәымԥҳа, Аахыҵ-Уаԥстәыла зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсны жәлар рартист, ашәа аԥҵаҩы-анагӡаҩы, афольклортә ансамбль «Ерцахә» ахормеистр хада, Аԥсны акомпозиторцәа Реидгыла анапхгаҩы – Нодар Кәарҷиа, Аԥсны акультура Аминистрра аҟазара аҟәша аиҳабы, аестрада ашәа анагӡаҩ Авҭандил Конџьариа.
Аконцерт хацыркын Џьесика Џьуӷьелиа иналыгӡоз ашәа «Аԥсуашәа» ала, амузыкатә напхгаҩы Асҭанда Ҭарԥҳа. Уи лышьҭахь иқәгылаз: Наҳар Џьопуа инаигӡеит ашәа «Ҭабуп-иҭабуп», Алеқсандра Нарманиа – амультфильм «Рапунцель» аҟнытә ашәа. Саниа Басенциан Салима Шьынқәба иналыгӡеит «Сара сашәа», (ажәақәа Саида Габниа, амузыка Анри Гәымба). Ашәа «Сан» ажәақәеи амузыкеи –Аида Маланӡиа. Сааҭк иназынаԥшуа алашара аҟалара иазыԥшыз ахәаԥшцәа напеинҟьарала ирыдыркылон ашәаҳәаҩцәа хәыҷқәа. Урҭ иреиуоуп: Ерасҭ Тәанба, Дариа Борисова, Наала Гвазава, Сариа Цәеиба, Рашид Чачхалиа, Алеқсандра Чкотуа.

Акала иаҵахомызт егьырҭ аҩбатәи ахԥатәи агәыԥқәагьы рықәгылара.
Иазгәаҭатәуп, ари ашықәсазтәи аицлабраҿы аестрадатә шәаҳәаҩцәа зегьы рашәақәа аԥсышәала мацара ишынарыгӡоз.
Аконцерт аԥшьбатәи агәыԥ ақәгылара 14-18 шықәса зхыҵуаз иртәын. Еиҳау азыҟаҵара, ҳәарада алҵшәагьы унаҭоит. Агәахәара ду урҭон урҭ асценаҿ рықәгылара. Убарҭ иреиуоуп Илана Ԥачлиа –«Сцоит», Манана Братухина лрепертуар аҟнытә. Викториа Ахба – «Сбылуеит» ажәақәа Г. Гәыблиа, амузыка Евгени Сангәлиа). Рада Ӷәынџьиа – «Аԥсны», Сати Какәбаа лрепертуар аҟнытә, Алан Кархалаа – «Исырба», ажәақәеи, амузыкеи Анри Гәымба. Алеқсандра Черқьезиа – «Апҟақәа», Манана Братухина лрепертуар аҟы­нтә. Алана Асланӡиа – «Исхароузеи», (Руслан Агәмаа имузыка). Алан Ҭҳаиҵыкә – «Бажәақәа роуп», Рада Нардаиа – ашәа «Шьышь нани», Николь Сангәлиа – «Амҩа ду».
Аконцертаҿ рҟазара аадырԥшит иара убас адуетқәа Адеқсандра Черқьезиа, Рада Нардаиа – «Ахьаца», Манана Братухина лрепертуар аҟнытә. Аделина Ҷкадуеи Амелиа Какәбааи ашәа – «Ҳаи, шьыри, сукәхшандаз», амузыка Владимир Санаиа.
Аконцерт хыркәшо, уи аиҿкааҩ Нури Кәарҷиа, аестрадатә шәаҳәаҩцәа зегьы аӡбаҩцәа ирырҭаз ахәшьарала аҳамҭақәеи адипломқәеи ранаишьеит. Зегь реиҳа ихадоу аицлабра Гран-при даԥсахеит 13 шықәса зхыҵуа Аслан Чачаа, уи инаигӡеит ашәа «Сзалхәдабтәызеи быблабара», амузыка Леонид Чепелиански.

Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me