Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Раҧхьаӡа «Ацынҵәарах» иаҧхьаз

Жәаа шықәса зхыҵуаз аҭыҧҳа дымҩахыҵит агазеҭ аредакциа ашҟа, алаҳәараҿы илбаз аусурҭа ҭыҧ адҵааларазы. Усҟантәи ашықәсқәа рзы агазеҭ «Аԥсны» «Аҧсны-ҟаҧшь» ҳәа иҭыҵуан. Редакторс дыҟан Сергеи Кәыҵниа.


«Даараӡа сыҧхашьон аредактор ишҟа анеиразы. Дсыцны дыҩналеит усҟан агазеҭ аҟны аус зуаз Терент Ҷаниа. Аредактор дсацәажәо, схы-сҵыхәа анеиликаа, дсазҵааит «агазеҭ аҟны акьыҧхьҩы дшаҭахыз абабаҳаи?», – ҳәа. Алаҳәараҿы ишызбаз аниасҳәа, «Унан, иҟасҵаз алаҳәара дзакәытә хәыҷы бзиоузеи иаҳзаанагаз иҳәеит», – илгәалалыршәоит Ҭина раҧхьатәи амш.
Усҟантәи ашықәсқәа рзы агазеҭ «Аҧсны» аҟны аусура алагара ус имариамызт. Дарбанзаалакгьы ҳаҧсуа шәҟәыҩҩцәа ари агазеҭ ашҭа иҭымсыцыз ҳәа аӡәгьы дыҟамызт. Аҧсуа журналистика иаӡрыжәырҭан. Ҭина разҟы лыманы лхы лыҧхьаӡоит агазеҭ «Аҧсны» аҟны аусура лахьынҵас иахьлоуз.
Хымз ҿҳәарас илыҭаны ҧышәарак аҳасабала аредақциаҿы дрыдыркылеит. Анаҩсан уи лыҧсҭазаара зегьы агазеҭ аредакциа иадҳәалахеит.
Ҭина Аҳаш-ҧҳа аус рыцылуан: Шьалодиа Аџьынџьал, Николаи Киут, Сандра Сангәлиа, Таиф Аџьба уҳәа аӡәырҩы. Усҟантәи ашықәсқәа рзы агазеҭ аформат даара идун. Мчыбжьык ахь хәынтә иҭыҵуан. Агазеҭ автортә материалқәа рнаҩсангьы ирацәаны ианылон аиҭага. Убарҭ аиҭагақәа ракәын еиҳараӡак Ҭина лнапы ианыз. Аиҭагаҩ дналыдтәаланы еиҭеигон, лара илкьыҧхьуан. Уи ус имариамызт, аха аҧсшәа цқьаны издыруаз, ақыҭа иааӡаз аҭыҧҳа, лус иаразнак лнапахьы иаалгеит.
Ҭина Аҳаш-ҧҳа 50 шықәса инар­зынаԥшуа аус лыцзухьоу Валери Амаршьан игәалаиршәоит Ҭина раҧхьаӡа акәны агазеҭ ахь усура данымҩахыҵыз. «Уи аусура ҳәа данааиз зынӡа дқәыҧшӡан. Аҧышәара аҳасабала илырҭеит хымз, аха хымш ирылагӡаны уи акыр шықәса аус лухьоушәа лхы аалырҧшит. Насгьы зегьы гхада илкьыҧхьуан, аграмматика бзианы ишылдыруаз убаратәы иҟан. «Ари гәазҭаз ҳкорреспондетцәагьы зегьы рнапҩымҭақәа лаҧхьа иқәырҵо иалагеит. Ҳашәҟәыҩҩцәа ракәзар, есымша акьыҧхьыҩцәа бзиақәа ирышьҭаз, иаразнак деицгәарҭеит», – иҳәоит Валери Амаршьан. Иара убасгьы уи иазгәеиҭеит абриаҟара шықәса аус еицыруеижьҭеи Ҭина ахаан иакәымла аӡәы диацәажәо шимаҳац. «Зегьы раҧхьа иргыланы Ҭина ахаангьы илылан, илылоуп аҭакҧхықәра, иарбан усзаалакгьы аҟны», – иҳәоит уи.
Иахьа акомпиутерқәа ҳнадтәаланы иаҳҭахәу шаҳкьыҧхьуа еиҧш иҟамызт усҟантәи аамҭазы акьыҧхьҩы лусура. Ҭина лус налыгӡон аурыс аҟынтәи аҧсшәахь ииаганы иҟаҵаз акьыԥхьга машьынкаҿы. Уи амашьынкагьы усҟантәи аамҭазы аҧсшәахь аиагара зегьы ирылшомызт. Ҭина лажәақәа рыла, ҩыџьа заҵәак ракәын Аҧсны иҟаз урҭ амашьынкақәа аҧсышәала икьыҧхьуа рыҟаҵара зылшоз. Ҭина аус ахьылуаз аҟәшаҿы иҟан ҧшьҩык акьыҧхьыҩцәа, аиҭагаҩцәа акьыҧхьыҩцәа ирыдтәаланы апартиаҿы имҩаҧысыз зегьы, иаарҳәаз ажәак бжьамыжьӡакәа аҧсшәахьы еиҭаргон. Мчыбжьык ахь хәынтә иҭыҵуаз агазеҭ «аӡлагареиҧш илагон». Уи иахарыҧсоз «аџьықәреи арыцқәа» Ҭина лҩызцәеи лареи иркьыҧхьуан. Ҳаиҿцәажәараан Ҭина илгәалалыршәоит, шамахамзар, русуратә мшы ианаамҭоу ишхыдмыркәшацыз. «Ателетаип иаанашьҭыз иарбан материалзаалакгьы мкьыҧхьшьа ҳамаӡамызт. Иҟьаҟьаӡа иҳаршон. Иҟан убас еиҧш ахҭысқәа, сара аусура азааигәара сынхон, аҩныҟа сцахьазаргьы, аус ҳацызуаз ахацәа сышьҭаланы инеиуан. Аусура бмаалар ада ҧсыхәа амам ҳәа. Уахык, ҵхагәаны аҩныҟа сцеит, аха еиҭах Валери Амаршьани Сергеи Агындиеи сышьҭаланы инеит аусура сааргаразы. Ашә аасмыртӡеит, арахь амузыка сзаҿакын, уигьы абжьы сырмаҷт, аха уеизгьы ираҳаит. Имцошәа анызба, ашә аасыртыр акәхеит. Амала саагара сааргон, аха сыргьежьны сышгатәыз рхашҭуан», – лҳәоит Ҭина длафуа. Иара убасгьы Ҭина гәадурала илгәалалыршәоит дызлаз аколлектив реизыҟазаашьа. Рызегьы ҭаацәарак реиҧш ишыҟаз, иҟаз апатуеиқәҵара, ажәакала аҧсуара иаӡрыжәырҭан агазеҭ «Аҧсны».
Аҧсны иахаҧаны иҟаз ақырҭқәа ракәзар, есымша иашьҭан аҧсуаа шьапҿаршә ахьрырҭашаз, иҟан ахҭысқәа агазеҭ анҭыҵлак атираж зегьы анырбылуаз. Ҭина лгәалашәараҿы иаанхаз хҭысуп 1989 шықәсазы аидыслара аныҟаз обком еиҳабыс иҟаз Хышба ааҧхьара ҟаиҵар акәхеит аҧсышәала. Абком аҟны аҧсышәала икьыҧхьуаз амашьынка рымамызт. Убасҟан, Ҭинеи Чуаз Владимири ашәарҭара ду шыҟазгьы, аредакциаҿы инеины, амашьынка дәылганы, абком аҟны иганы, Хышба телехәаҧшрала ииҳәараны иҟаз иажәахә аҧсшәахь еиҭаганы иркьыҧхьит. Убри аамҭазы ахыбра зегьы амилициа акәшаны игылан. Убриаҟара ашәарҭара ыҟан.
Ҭина Ҳаш-ҧҳа агазеҭ аҟны лусура инаваргыланы шамахамзар ҳаҧсуа шәҟәыҩҩцәа зҩымҭақәа лымкьыҧхьыц дыҟаӡам. Баграт Шьынқәба иҩымҭа дуӡӡа «Ацынҵәарах» раҧхьаӡа иаҧхьаз лара лоуп. Избанзар изкьыҧхьыз лара лоуп. «Баграт Уасил-иҧа иҩымҭақәа ркьыҧхьра даараӡа агәахәара ду снаҭон. Насгьы уаҩык иаҳасабала даара даамс­ҭашәан. Инапҩымҭазы џьара зҵаарак имазар, ишҟа снеирц азы амашьына сышьҭаҵаны иааишьҭуан. Дахьтәаз икабинет ашә санаслак, дгыланы ашә аҟынӡа дааины аҧсшәа саҳәаны сиртәон», – лҳәоит Ҭина. Иара убасгьы уи еиқәырханы илымоуп Баграт Шьынқәба Шьалуа Басариа ишҟа инаишьҭыз асалам шәҟәы. Уаҟа иаҳәоит: «Шьалуа Константин-иҧа! Абри анапҩыра кьыҧхьтәуп, ицәгьам санааилак ихианы исоур. «Аҧсны ҟаҧшь» аҿы аус луеит ҧҳәызба еилыҷҷак, ҧхьырцәк. Уи лоуп уажәы саазқәылаз снапҩымҭақәа ахәа илхны, иҷаҧшьӡа саҧхьа иқәызҵало. Уи Ҭина Аҳаш-ҧҳа лоуп, ҧсшьара дыҟан, аусурахь дхынҳәхьазар, уаалыҧхьан исызлыҭ. Акьыҧхьгьы снапҩыра иацуп. Бзиала, хирла Б. Шьынқәба».
Ауаҩы иага иус дазҟазазаргьы уи аҟазшьа ацәаҩа анацым дызҿу аус аҿы ишьҭа ааныжьшьа имаӡам. Ҭина Аҳаш-ҧҳа лнапы злаку аус аҿы лышьҭа аанлыжьит. Уи аус ахьылуа аҭыҧ аҿы есымша даҭахны иҟоу аӡәы лоуп. Аҧсуа ҵас, ақьабз згәылыжжуа аҟазшьа лымоуп. Абар уажәшьҭа аус лыцызуеижьҭеи ҩеижәа шықәса инареиҳауп. Абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны уи ауаҩ илҿысҵаахьоу акыр ирацәоуп. Лҟазшьа аҷыдарақәа иреиуоуп аиашаҳәара, илгәамҧхо ауаҩы иҿаҧхьа аҳәара.
Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, агазеҭ аҧхьаҟатәи аҧеиҧш ббарц шҧа­бҭаху ҳәа ҳан­лазҵаа, лгәы иҭаз лҿы иалырҳәаанӡа лылаҕырӡ хаҟәҟәалеит. «Агазеҭ «Аҧсны» збарц сҭахуп ҳауаажәлар ирҿахәҳәаганы, уи раҧхьаӡа ианҭыҵыз цәымзаҵас ишахәаҧшуаз еиҧш, иахәаҧшларц иахьагьы», – лҳәоит Ҭина.
Абар мышқәак роуп иаанхаз, иазгәаҳҭоит агазеҭ «Аҧсны» 105 шықәса ахыҵра аиубилеи. Ари ҭоурыхуп. Уи агәҭа далагылоуп Ҭина Никәала-иҧҳа Аҳашҧҳа. Уи агазеҭ аредакциаҿы илбахьоу аџьабаа ахә ашьара уадаҩуп. Лыҧсҭазаара зегьы агазеҭ аредакциа аусура иазылкит. «Даҽазнык сыҧсҭазаара анысра Анцәа исаҭәеишьаргьы ҩаҧхьа агазеҭ «Аҧсны» аредакциахь сымҩахыҵуеит», – лҳәеит Ҭина.
Дырмит Гәлиа иҭижьыз раҧ­хьаӡатәи аҧсуа газеҭ «Аҧсны» аиубилеи лыдныҳәало, Ҭина Аҳаш-ҧҳа лаҧхьаҟа илзеиҕьаҳшьоит агәабзиара, аманшәалара! Лыҧҳа ҧшӡа Миранда дымшны, лынасыҧ далагәырҕьо Анцәа длиҭааит!

Шарида ТОРЧУА

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me