Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амилаҭтә кьыԥхь агәыблра анаду

Сынтәа, ишдыру еиҧш, агазеҭ «Аҧсны» 105 шықәса ахыҵит. Уи аамҭа иалагӡаны хыҧхьаӡара рацәала аҳәса аус рухьан, иҟоуп иахьа уажәраанӡагьы агазеҭ амаҵ азызуа. Урҭ рахь иаҵанакуеит: ажурналистцәа, акьыҧхьыҩцәа, акорректорцәа уҳәа. Агазеҭ аҭоурых агәылалара ара иаҭыҧым, уи иазкны астатиақәеи ашәҟәқәеи ҭрыжьхьеит ҳҵарауаа.


Скьыҧхьымҭаҿы иасырбар сҭахуп, усҟантәи аамҭазы агазеҭ «Аҧсны» аредакциаҿы аусура шеиҿкаази иахьатәи ҳаамҭазы уи излеиҧшыми. Убри инамаданы, акыр шықәса аус зухьаз аҳәса аӡәык-ҩыџьак срыҿцәажәеит.
Акыр шықәса агазеҭ акьыҧ­хьраҿы аџьабаа ду збахьоу, аҧышәа змоу, иахьа уажәраанӡа агазеҭ аҭыжьырҭаҿы аус зуа, Аҧсны анацәа Рхеидкыла Аҟәатәи ақалақьтә ҟәша аиҳабы Фируза Чамагәуа ҳаиҿцәажәараҿы иазгәалҭеит раҧхьаӡакәны атипографиаҿы аусура дшалагаз 1966 шықәсазы. Агазеҭ «Аҧсны» акьыҧхь азырхиараан акьыҧхьыҩцәа, анбанҟәшәаҩцәа азхаӡомызт, убри азы 1978ш. уахь диасуеит. Илгәалалыршәоит акадрқәа усҟантәи аамҭазы ишмаҷыз. Дазааҭгылеит аусура даналагаз, акыр шықәса аус зухьаз ауаа хатәрақәа аус шрыцылуаз, иахьа зыдунеи зыҧсаххьоу: Арзаабеи Багаҧшь, Грышьа Кәыҵниа, Дусиа Бармышьаа­-Кәыҵниа, Хәыта Шьанаа. Агазеҭ акьыҧхьраҿы ф-ҩык аус руан ҩ-сменакны: мышкы – х-ҩык, аҩбатәи амш азы – даҽа х-ҩык. Иазгәалҭеит, ҧшьымз ҿҳәарас иаҭаны акьыҧхьра шудырҵоз, анаҩс аусура ушаладыргоз, аха лара аамҭа кьаҿк ала аусура лнапахьы ишаалгаз.
Фируза Чамагәуа ашкол данҭазгьы бзиа илбон астатиа хәыҷқәа агазеҭ ашҟа аашьҭра. Аусура даналагаз, «Аҧсны ҟаҧшь» редакторс даман Сергеи Михаил-иҧа Кәыҵниа.
Илҳәеит иахьа акомпиутер аҟны анбанҟәшәараан гхак уцәцаргьы, жәак ааныхны даҽакы бжьаургылар шауа. Аха усҟантәи аамҭазы ишыуадаҩыз агха ариашара. Гхак уцәцар, абзац инаркны анҵәамҭанӡа ианыхны, ҿыцны иҟаҵатәын. Усҟантәи аусуратә мшы даараӡа иуадаҩын. Ашьыжь аусура инеиз, агазеҭ ааҭыҵаанӡа аҩныҟа ацара азин рымамызт. Иуадаҩын иҭаацәараз ауаҩы изы араҟа аусура, аха Фируза лхатә ҩыза Владимир Қапба (зыдунеи зыҧсаххьоу), агазеҭ аредакциаҿы аус ахьиуаз азы, еиҭнырыҧсахлон аусура. Ахәыҷқәа рааӡараҿы дарҕьажәҩаны длывагылан, рҳәоу еибыҭаны аус еицыруан. Убас еиҧш аҭагылазаашьақәа ҟалон аа-даҟьак аныҭрыжьуаз, уигьы уажәтәи агазеҭ аформат еиҧшымызт. Аҭыжьраан ианырҵоз ахҭысқәа ирыдырҳәалон, еиҳарак Урыстәыла аизара дуқәа анымҩаҧыргоз адаҟьақәа ирыцҵаны иҭрыжьуан.
Иахьатәи ҳаамҭазы, аинтернет аҧыжәара амоуп, аинформациа иуҭаху ҭугоит. Аха усҟан ателетаип ҳәа иҟан, убри иаанагон аофициалтә ҟазшьа змаз аинформациа, анаҩс аиҭагаҩ еиҭеигон. Уи аиҭагареи акьыҧхьреи рнаҩс, еиҭахгьы даҧхьаны ириашон.
Иазгәалҭеит, русура аџьабаа ду шацызгьы, зегьы гәыкала, такҧхықәрала ишазнеиуаз. Усҟан «Аҧсны ҟаҧшь» адагьы атипографиаҿы иҭыҵуан «Советская Абхазия», анаҩс «Сабҷоҭа Аҧхазеҭи», «Шьрома» ҳәа даҽа газеҭкгьы ҭыҵуан. Лара илҳәеит, аус зуаз ирацәаҩны ишыҟаз. Усҟантәи аамҭаз аиҿагыларақәа ирыхҟьаны ақырҭцәеи аҧсуааи аилибамкаара, ацәымҕра анрыбжьалоз ҟалалон. Иҟалахьан усгьы,1989 шықәсазы атса иалхны алинотип аҟны анбанҟәшәара аан аҧсуаа ирҿагылоз ажәа амхны икалыжьхьан.
Фируза илгәалалыршәеит зкьыҧхьымҭақәа рылукаауаз: Гьаргь Жанаа, Гьаргь Нарасқәуа (аибашьра анаҩсгьы аус иуан, аха машәырла дҭахоит); аиҭагаҩцәа рҟынтә дылгәалалыршәеит Володиа Шларба, насгьы ажурналист Шьаликәа Камкиа. Уи агазеҭ аҭыжьраҿы аҷаҧшьара аниқәшәоз, убри аҟынӡа алаф ҳәо угәалаҟазаара шьҭихуан, рааҧсара рхашҭуан, раамҭа ахьцоз рбомызт. Иазгәалҭеит, усҟантәи акорреспондентцәа есымшааира аҧсуа қыҭақәа ишырҭаауаз, урҭ ирызкны аматериалқәа шаздырхиоз, Давид Киут, иара убас Саша Ҭариа уҳәа ирацәаҩын ақыҭа ҧсҭазаара иазкны изыҩуаз. Лара лхаан аус иуан, агазеҭ аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ, амакетқәа ҟазҵоз, аматериалқәа еиқәзыршәоз Сарион Ҭаркьыл. Уи ахаангьы дгәамҵуамызт, материалк азымхар, мамзаргьы имыцхәны иҟазар, мыцхәы ахымҳәаакәа иус наигӡон. Анаҩс иара иаамышьҭахь иҭыҧ аҟны аусура далагоит Валери Маршьан. Уигьы иус аамысҭашәала дазнеиуан. Иара убас илгәалалыршәеит аус зуқәоз Едуард Қвираиа, Вахтанг Аҧҳазоу, Нелли Киут, аредакторцәа рахьынтә: Сергеи Кәыҵниа, Борис Ҭыжәба, аредактор ихаҭыҧуаас иҟаз, Владимир Чуаз, Шьалуа Басариа.
Аибашьра анцоз акәзар, Гәдоуҭатәи атипографиаҿы агазеҭқәа «Аҧсны», «Республика Абхазия» рҟны анбанҟәшәаҩыс дыҟан. Зны-зынла агазеҭ авиорстка ҟазҵоз руаӡәк данзымаалоз Фируза илымылдон.
Асовет ҳәынҭқарра аилаҳара аламҭалаз агазеҭ «Советская Абхазия» ахьӡ ҧсахны «Республика Абхазия» ахьӡырҵеит. «Республика Абхазия» редакторс дҟаҵан Витали Чамагәуа, аха аурысшәала анбанҟәшәаҩ – аҧсуа аус ҳазицуӡом ҳәа русура ааныжьны ицоит. Абасала, анбанҟәшәаҩы аурыс редакциаҿы дҟамлаӡеит. Анаҩс Зина Қаҩ-ҧҳаи лареи, иахьагьы аус зуа Андреи Михаинџьиани аусура иалагеит. Уажәы аклавиатура мариазшәа иҟоуп, аха аусҟан ицәгьан, мчыбжьык аҵара иаҿын ахархәашьа. Уи нахыс аҩныҟа иганы иаҧхьон, агхақәа ирыцәцаз гәарҭон. Убас дара рыхҩык ирыбзоуроуп уҳәар алшоит раҧхьаӡатәи агазеҭ аномер «Республика Абхазия» аҭыжьра. Убас ашықәсқәа цон…
Аҵыхәтәантәи аамҭазы, лгәаанагарала, агазеҭ «Аҧсны» астатус лаҟәызшәа лгәы иабоит. Раҧхьаӡа Дырмит Гәлиа иҭижьыз агазеҭ «Аҧсны», асовет аамҭазы «Аҧсны ҟаҧшь» ҩаҧхьа ахьӡ шьақәыргылахеит «Аҧсны» ҳәа. Усҟан апартиа Аҧснытәи аобком анапаҵаҟа иҟан агазеҭ. Убри инамаданы агазеҭ знапы аҵазыҩуаз рхыҧхьаӡара рацәаҩын, зегьы аҧхьон, бзиа ирбон. Афотокорреспондентцәа рматериалқәеи рҭыхымҭақәеи аҧхьаҩцәа аднаҧхьалон.
Иазгәалҭеит иаашар, агазеҭ ҭыҵхьоума ҳәа, иашьҭалан ишаауаз. Аибашьра ҟалаанӡа агазеҭ 16-нызқь рҟынӡа ҭыҵуан, ишааҭыҵлакь ашьыжь иарбан қыҭазаалакь ауаҩы дахьынхоз иоуртә аҭагылазаашьа аҧҵан. Аха иҳәатәуп, усҟантәи аамҭазы аҧошьҭа даара ибзианы аус шауаз. 105 шықәса зхыҵыз агазеҭ «Аҧсны» еиҳагьы азҿлымҳара аиуп ҳәа дшақәгәыҕуа. Уи иара ахатәы мзызқәа ирыхҟьоит, ҳәарада, аха, акыр шықәса аџьабаа здылбалахьоу, аҧсуаа рҿахәҳәага ҳәа дзышьҭоу, бзиа илбо агазеҭ иахьатәи аҭагылазаашьа еиҕьзар лҭахуп.
Фируза агазеҭ «Аҧсны» 105 шықәса ахыҵра рыдныҳәало уи амаҵ азызуа ирзеиҕьалшьеит, агазеҭ аҩаӡара ҳаракхо, ирацәаҩны анапаҵҩра аиуа, аҿар аинтернет адагьы агазеҭ иаҧхьало, ақәҿиара бзиақәа ҟало, гәарҧ-бжьарак ибжьамхо, аҧхьаҩ иҟынӡа инеиртә иҟало аамҭа ааира.
Анаҩс слыҿцәажәеит жәа-шықәса инарзынаҧшуа агазеҭ «Аҧсны» адаҟьақәа техникала еиқәзыршәоз, иааиҧмырҟьаӡакәа амаҵ азызуаз Стелла Саӡба. Уи илҳәеит, лара аус анылуаз аамҭазы аоперативла зегьы рус ишазнеиуаз, русура маншәаланы ишеиҿкааз. Агазеҭ мчыбжьык ахь ҩынтә ишҭыҵуаз, зны-зынла аиубилеитә, ма даҽа хҭысқәак аныҟалоз, ҩ-номерк еицҵаны ҭыжьымҭак ала иҭрыжьуан. Аматериалқәа рзы еиҵахарак роуамызт, акорреспондентцәа рнаҩсан даара аџьабаа ду ибон аиҭагаҩ Борис Қаџьаиа. Уи еиҵахарак ҟамҵакәа атекстқәа еиҭеигон, илкьыҧхьуан Ҭина Ҳашба.
Дазааҭгылеит усҟантәи аамҭазы, уажәеиҧш афото ҭызхуаз аҭелқәеи афотоаппаратқәеи шыҟамыз. Убри азы ауадаҩрақәа цәырҵуан асахьақәа ақьаад аҟны ицқьаны аныларазы. Уи адагьы атипографиаҿы иахьыркьыҧхьуаз амаруга даара иажәын, убри азы ицқьаны изаныломызт асахьақәа. Аха анаҩс амыруга ҿыцқәа ҳаамҭа иақәшәо ианыҟала,зегьы еиҿкааны иҟалеит. Аха уи аамҭазы лара даҟәыҵхьан аусура.
Анаҩс сара слыҿцәажәеит акыр шықәса агазеҭ «Аҧсны» аҟны кьыҧхьҩыс аус зуаз Ламара Чамагәуа-ҧҳа. Лара агазеҭ аҟны аусура далагеит 1982 шықәсазы, уи лусура хада акәӡамызт. Избанзар хаҭала ансамбль акәын дзыдҳәалаз. Иазгәалҭеит ҽынла акьыҧхьыҩцәа шыҟаз асааҭ фбанӡа.Уи инаркны уахынлатәи аҷаҧшьаратә кьыҧхьҩы ҳәа лара аус луан. Лара лыдагьы аиҭагаҩ даанҿасуан, избанзар ателетаип ҳәа иҟаз аҿы информациак ада ыҟамзаргьы уазыҧшызар акәын, уи аинформациа анаалакгьы еиҭагатәын. Усҟан аҷаҧшьаратә еиҭагаҩыс иҟаз Виачеслав Бигәаа иакәын.
Иара убас илгәалалыршәеит, апартиа аныҟаз аамҭазы, еиуеиҧшым аизара дуқәа анымҩаҧысуаз аиҭагара шырҭахыз. Усҟантәи аамҭазы аиҭагаҩцәас иҟан Владимир Шларба, Борис Қаџьаиа, аилахарақәа аныҟалалоз даарыҧхьон Рауль Лашәриа. Дазааҭгылеит аҧхьаӡа аусура даннеиз, аиҭагаҩцәа шџьалшьоз, избанзар убриаҟара рпрофессионализм ҳаракын. Атекст ацәаҳәа иаҧхьан иаразнак еиҭаргон, акьыҧхьыҩ дкьыҧхьуан. Лара иазгәалҭеит, шамахамзар гха маҷқәак рыда, аграмматикатә гхақәа шымцоз. Зегьы ианреиҵаз агазеҭ аномер ҧшьҩы-хәҩык агазеҭ аусзуҩцәа рнапы иҵыргон.
Иазгәаҭатәуп, еиуеиҧшым аамҭақәа рзы агазеҭ «Аҧсны» аҟны аус зуаз рџьабаа ду шадыз агазеҭ аҭыжьраҿы. Урҭ рахь иаҵанакуеит ажурналистцәа реиҧш, акьыҧхьыҩцәа, акорректорцәа уҳәа ирацәаҩны. Агазеҭ аредакциаҿы аус зуаз аҳәса иреиуоуп: Нелли Киут, Таниа Кәыкба Инна Аҳашба, Лена Маршьан, Дарикәа Хонӡиа, Лариса Хаҳәбиа, Замира Ҳашыг, Нора Киут, Роза Амҷба, Зина Қаҩ-ҧҳа уҳәа егьырҭгьы.

Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me