Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Мызки бжаки рхаҭыҧан – ҩынҩажәижәба шықәса

Ашәҟәыҩҩы, ажурналист, апублицист Борис Кәаҷаҷа-иҧа Қаџьиа 49 шықәса раҧхьа 1975 шықәса рзы агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», иахьа «Аҧсны» аредакциа ашҟа дымҩахыҵит усура ҳәа. Агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакторс иҟаз Сергеи Михаил-иԥа Кәыҵниа мызки бжаки ҧышәарак аҳасабала ҿҳәарас иҭаны аусура далаиргоит. Абар уи аахыс уажәшьҭа 50 шықәса дазааигәахоит.


Борис Кәаҷаҷа-иҧа Қаџьиа диит 1951 шықәса рзы Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан. Арасаӡыхьтәи аашықәсатәи ашкол дҭан, абжьаратә ҵара хиркәшеит Гәыҧтәи ашкол аҟны. 1970 шықәсазы дҭалоит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи рыҟәша.
Борис раҧхьаӡа акәны агазеҭ ахь усура ҳәа данымҩахыҵ аҧышәа змаз ажурналистцәа игәарҭеит ихатәы бызшәа даара ибзианы ишидыруаз, ахархәашьагьы дшақәшәоз. Иара иакәзар, иҩызцәа еиҳабацәа ирҿиҵаауаз рацәан. «Насыҧ сыман абаҩхатәра злаз ажурналистцәа хатәрақәа аус ахьрыцызуаз», – иҳәалоит лассы-лассы.
Агазеҭ аҟны Борис раҧхьа усура далагоит аҟәша акорреспондентс. Нас аиҭагара аус инапы ианырҵоит.
1979 шықәса рзы аредколлегиа аӡбарала Борис Қаџьиа акультура аҟәша еиҳабыс дҟарҵоит. «Абри аҟәша уара иубар улшоит, умч шақәхо агәра ҳгоит ҳәа иансыдыргала, азнык азы иаасцәымыҕхеит, избанзар аҵакы бзианы еилыскаауан, ҳинтеллигенциа зегьы уи иахьыҧшын», – иҳәоит ҳаиҿцәажәараан.
Усҟантәи аамҭазы аҧсуа театр џьара ицама-иаама, агазеҭ аҟынтәи акорреспондент дрыцымкәа ҟалашьа амаӡамызт. Иҭыҵуаз ашәҟәқәа зегьы ррецензиа агазеҭ ианылар акәын. Иара убасгьы аҵара усгьы уахь иаҧшьын. Абарҭ аусқәа зегьы нанагӡон Борис Қаџьиа напхгара зиҭоз аҟәша. Аус еицыруан Владимир Қапба, Нелли Киут.
1980-тәи ашықәсқәа рзы агазеҭ аредакциаҿы еиҿкаан аиҭагара аҟәша. Борис Қаџьиа ари аҟәша аиҳабыс дҟаҵан. Инапы ианын аофициалтә материалқәа аурысшәа аҟынтә аҧсшәахь реиҭагара. «Усҟан иахьа еиҧш иҟаӡамызт. Аизара дуқәа анымҩаҧысуаз, иҟаз-ианыз, иаарҳәаз зегьы урысшәала иаарышьҭуан, убри зегьы еиҭаганы аномер иахьыгӡатәын. Санхәыцлак, иџьасшьоит, акультура аҟәша анапхгареи, аиҭагареи, арҭ аҩ-уск злеидызбалоз», – иҳәоит ажурналист, апублицист. Иара убасгьы уи игәалаиршәоит аиҭагара аҟәша аҟны аамҭак азы аус ицызуаз Руслан Ҳашыг, Руслан Басариа, Фиала Малиа.
Иажәа иацҵо Борис иҳәоит: – ­Агазеҭ аҟны 30 шықәса инеиҳаны аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс, еиҭагаҩыс аус иуит аҧсуа литература аклассик, ҧсра-ӡра зқәым аҩымҭа хьыршәыгәқәа ҳзынзыжьыз Ӡаӡ Дарсалиа. Иара игәалашәарақәа рҿы иҩуеит дызҿыз аус шаҟа аамҭа имнахуаз, ирҿиаратә ус шаҟа иаҧырхагаз. Ус акәмызҭгьы, ҳлитератураҿы шаҟа ҩымҭа ссирқәа нижьуаз.
17 шықәса инарыцны «Аҧсны ҟаҧшь» аҟны аус зухьаз аҵарауаҩ, алитератураҭҵааҩ Руслан Қапба «Ҳара ҳазҽеихар» ҳәа Дырмит Гәлиа иҭижьуаз «Аҧсны» зҩымҭақәа анылоз, рхы-рҵыхәа еилкааны ашәҟәы ҭзыжьыз лассы-лассы иареи сареи ҭелла ҳаицәажәоит, ҳқыҭақәа Арасаӡыхь, Гәыҧ ҳгәалаҳаршәоит. Абар Ӡаӡ Дарсалиа исеиҳәахьан ҳәа ииҳәаз. «Аимадагақәа абаҟаз, Москвантә аофициалтә материал есҽны сазыҧшны стәан. Асааҭ 4-5 рзы хықәкыла аиҭагара иаҿыз, есымша радиофонограммала, иаҳзаарышьҭуан ауаҩы дахьӡаны ианиҵартә еиҧш, ҭынч адиктор даҧхьон. Абри садтәаланы, ажәак бжьамжькәа ианҵаны аиҭагара сналагон».
Аредакторра анаҩсангьы, аиҭагаҩцәа дуқәаны агазеҭ аҭоурых аҿы иаанхоит Дырмит Гәлиа, Мушьни Аҳашба, Николаи Басиаҭ-иҧа Киут, Рушьни Гадлиа, Золотинск Гәлариа, Владимир Шларба, Рауль Лашәриа…
«Аиҭагареи амаӡаныҟәгарҭеи еснагь еидҳәалан. Абраҟа иазыҟаҵаз, зус иазҟазацәаз, агазеҭ «шәҵатәыла» еибызҭоз ракәны аус еицаауан аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩцәас аус зуаз Терент Ҷаниа, Сарион Ҭаркьыл, ааигәанӡа урҭ рус иацызҵоз Валери Амаршьан. Аамҭаказы амаӡаныҟәгарҭаҿы аџьабаа рбахьан Таиф Аџьба, Вахтанг Аԥҳазоу, Сергеи Агындиа, Едик Квираиа, Генади Ҷолариа уҳәа», – игәалаиршәоит иара.
Абарҭ ацәаҳәақәа равтор агазеҭ «Аҧсны» аҟны аус зуеижьҭеи абар ҩажәихәба шықәса инарзынаҧшуеит. Раҧхьаӡа усура ҳәа санымҩахыҵыз иџьасшьон Борис Қаџьиа аматериалқәа нимҵаҵаны аурысшәа ахьынтәи аҧсшәахь иеиҭагашьа. Уи, акалами ақьаади аиҭагараҿы ахаан ихы иаирхәаӡом. Акьыҧхьҩы днаидыртәалан аурыс текст днахәаҧшны, иаразнак еиҭаганы илеиҳәоит.
«Актәи аҩбатәи адаҟьақәа Борис иазирхиазар, уаҟа агха ҳәа акгьы ыҟаӡам», – рҳәоит агазеҭ аномер ҿыц аҭыжьра зҭакҧхықәу. Борис Қаџьиа инапы иҵигаз аматериалқәа, иара итәума, мамзаргьы даҽа авторк итәума, ахаан гхак аманы иубаӡом, аус ицура ҧсыршьагароуп.
Ажурналист ииҩыз астатиа агәаҭа бзиазаргьы, ахы акгьы анамҳәо, аҧхьаҩ даднаҧхьалаӡом. Борис Қаџьиа убас еиҧш хқәак риҭоит астатиақәа, абри зызкузеишь ҳәа аҧхьара агәазыҳәара узцәырҵуа. Ари зегьы хымҧада изхылҿиаауа апрофесионализмра ауп.
Ашәҟәыҩҩы, ажурналист, апублицист Борис Кәаҷаҷа-иҧа Қаџьиа ашәҟәыҩҩреи ажурналисттә усуреи еилеигӡоит. 1978 шықәсазы иҭыҵуеит раҧхьатәи ипрозатә шәҟәы «Атама ашәҭқәа». Убри нахыс алитературахь имҩа аатуеит. Уи ашьҭахь 1980 шықәса рзы иҭыҵуеит аҩбатәи ишәҟәы «Амҩан ахәыцрақәа», ахҧатәи – «Аҧсҭҳәа шкәакәақәа» (1984 ш.). 1988 шықәсазы иҭыҵит автор аҧшьбатәи ишәҟәы – «Даҽа мҩак ала», 2007 ш. азы – «Ашьыбжьышьҭахь»
Борис Қаџьиа лассы-лассы игәалаиршәалоит раҧхьаӡа акәны акьыҧхьра дахьалагаз араионтә газеҭаҿ иажәеинраалак, иажәабжь, истатиа хәыҷқәак ркьыҧхьыр жәҩангәашәҧхьара шизаатуаз, дшеигәырҕьоз. Ҧшьба-хәба верс ақыҭа ацентр ахь дцон ес-хәылбыҽха, аҧошьҭамҩангаҩ диҧыларц, агазеҭқәеи ажурналқәи анааиго ҳәа. Урҭ аамҭақәа рзы аҧошьҭагьы, ателехәаҧшреиҧш, еиҧҟьарада аус ауан. Ҩнаҭацыҧхьаӡа иҩналон хатәы бызшәала ицәажәоз агазеҭқәа, ажурналқәа, ашәҟәқәа.
Абри инамаданы Борис Қаџьиа иаҳзеиҭеиҳәеит ааигәа иқыҭа иалҵыз быргки иареи аусураҿы ишеиқәшәаз. «Дсымбеижьҭеи акыргьы ҵуан, данааҩнала аҧсшәа иасҳәарцгьы сҭаххеит, аха иара сара сахь иҿаамхакәа, дахьааҩналаз астол иқәыз агазеҭ аномерқәа аниба, дгачамкит, ииҳәо дақәымшәо даанхеит. Ари агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аума, уажәыгьы иҭыҵуама иҳәан, иаашьҭыхны игәыдиҳәҳәалеит», – иҳәоит Борис Қаџьиа. Агазеҭ гәхьааган иҟаз абырг иажәақәа рыла усҟантәи аамҭазы агазеҭ ахьымнеиуаз ҩнаҭа ыҟаӡамызт. Аусура аҟынтәи иага иааҧса-икара иааргьы, агазеҭ аашьҭыхны иаҧхьон, ацәа иаарымнахаанӡа. Аҵыхәтәанӡа аҧхьара иахьымӡазар, рыхчы инаҵаҵаны ицәон, ашьыжь усура ицаанӡа иаҧхьарц азы.
Ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан агазеҭ «Аҧсны» ҭыҵуан Гәдоуҭа. Аҧсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Владислав Григори-иҧа Арӡынба агазеҭ аредактор хада Борис Мақсим-иҧа Ҭыжәба днаиҧхьан иаиҳәеит агазеҭ «Аҧсны» ҭыҵуанаҵы иҟоуп Аҧсны ҳәа. Агазеҭ аколлектив изларылшоз ала еиҧмырҟьаӡакәа иҭрыжьуан. Борис Қаџьиа иакәзар, шамахамзар зегьы реиҧш дцеит Гәдоуҭаҟа. Уаҟа агазеҭ «Аҧсны» арратә корреспондентс дыҟан.
Аибашьра ашьҭахь аредакциа аусзуҩцәа аҳҭны-қалақь ашҟа ианыхынҳә, уаанӡа изыҩназ ахыбра иҩналартә еиҧш алшара рмоуит. Агазеҭ аредакциа ииаргеит иахьа изыҩноу ахыбрахь. Аха иахьа ишыҟоу еиҧш иҟамызт аҭагылазаашьа. Ари ахыбра аибашьра ҟалаанӡа аҧсуа университет ахыбра акәын. Ахыбра аремонт ҳәа акгьы амамызт, адашьмаҵәҟьа ықәхны иргахьан. Алекциақәа ахьымҩаҧысуаз ауадақәа ҭбаан, аусзуҩцәа ахьтәоз ауадақәа ҧсыхәак рзыӡбатәын, аремонт азутәын, аха аҟәрышь абаҟаз, агазеҭ аусзуҩцәа рхаҭақәа уалафахәыда аус руан.
Убасҟан агазеҭ аредактор хадас иҟаз Борис Ҭыжәба ииулакгьы иҧшааит аредакциа ауадақәа маҷк аремонт злазырушаз маҭәахәқәак. Борис Қаџьиа иакәзар, иусура иахаршәаланы, икалам нышьҭаҵаны, ажьаҳәа аашьҭихуан. Икалам ҟазарыла аус шаируаз еиҧш, ауасҭара аҟазарагьы илазаап. Борис Ҭыжәбеи, Владимир Қапбеи, Борис Қаџьиеи рнапала аредакциа зегьы аремонт ҟарҵеит. «Ахыб ақәа кылсуан, аҭуан ҳазлахалоз акьыбаҵәҟьа ҳамамызт, иҳаулакгьы ҳақәланы, аҭанақьы аҵаҵаны ахыб ақәа кылымсуа иҟаҳҵон. Адашьмаҵәҟьа ықәмызт, абарҭқәа зегьы зыҧсаҭа лашахаша Борис Ҭыжәбеи Владимир Қапбеи сареи ҳнапала иҟаҳҵеит», – иҳәоит Борис.
Аибашьра ашьҭахь акыр ишыуадаҩызгьы аредактор хада Борис Ҭыжәба илиршеит «Аԥсны» – «Аԥсны ҟаԥшь», нас «Аԥсны» рредакторцәас иҟаз, агазеҭ амаҵ азызуаз иналукааша ажурналистцәа рфотосахьақәа еизганы, арамкақәа ирҭасаны, аҭӡы ркыдҵара. Уи музеик иаҩызахеит. Абраҟагьы Борис аредактор хада дивагылан. Уажәы аелектронтә версиа азырхиара иаҿуп, афотосахьақәагьы рхаҿра иаҳа ицқьахоит.
Ашәҟәыҩҩы, ажурналист, апублицист Борис Қаџьиа «Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист» ҳәа ахьӡ ихҵоуп, ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.
Борис Кәаҷаҷ-иҧа, жәахаҽнак аредакциа акьыҧхьырҭа шәанааҩнала ишәҳәеит агазеҭ х-иуб­илеик разгәаҭара сахаануп ҳәа. Иаҳзеиҭашәҳәеит агазеҭ аиубилеи иадҳәалоу аҭоурыхтә хҭысқәа. Ишәҳәеит аиубилеиқәа руак дшалахәыз еицырдыруа акосмонавт Герман Титов, Агазеҭ «Аҧсны» акыр шықәса аиубилеиқәа шәырхаанхо Анцәа ишәаҭәеишьааит! Шәажәа ҟәыш ҳагымзааит!

Шарида Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me