Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Лыԥсҭазаара далҵит аҭҵаарадырратә усзуҩ нага Мери Мушьни-иԥҳа Ҳашба

ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт анапхгареи аколлективи гәалсра дула адырра ҟарҵоит лыԥсҭазаара дшалҵыз аҵарауаҩ, аҟазараҭҵаара акандидат, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ нага Мери Мушьни-иԥҳа Ҳашба

М.М. Ҳашба диит мшаԥымза 5, 1937 шықәсазы Аҟәа ақалақь. 1961 шықәсазы далгеит Қарҭтәи аконсерваториа амузыкаҭҵаара ахырхарҭала. 1974 шықәса инаркны акыр шықәса инеиԥынкыланы аус луан Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны. Мери Мушьни-иԥҳа еснагь активла далахәын Аԥсни уи анҭыҵи имҩаԥысуаз еиуеиԥшым Жәларбжьаратәии Зегьыеидгылатәии аҭҵаарадырратә конференциақәа, афорумқәа, апленумқәа. М.М. Ҳашба 1991 шықәсазы Миклухо-Маклаи ихьӡ зху Аетнологиеи Антропологиеи ринститут аҿы илыхьчеит адоктортә диссертациа аҭоурыхҭҵаара ахырхарҭала, 2008 шықәсазы ААР алахәыла-корреспондентс далхын. Мери Мушьни-иԥҳа лыҭҵаарадырра азкын амузыкатә фольклор, амузыкаҭҵаара аҭоурых, аԥсуаа рмузыкатә культура аҭоурых аҭҵаара.
ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт анапхгареи аколлективи гәалсра дула ирыдышшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз ҳҵарауаҩ нага, аԥсуа музыкаҭҵааҩ Мери Мушьни-иԥҳа лыуацәеи лҭынхацәеи. Аҵарауаҩ лыҟамзаара даара цәыӡ дууп Аԥсуаҭҵааратә институт аколлективи аԥсуа ҭҵаарадырреи рзы. Мери Мушьни-иԥҳа лгәалашәара наунагӡа иаанхоит ҳгәаҿы. Хашҭра лықәым.

ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт анапхгареи аколлективи

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me