Мышқәак раҧхьа Ауадҳара аусура хнаркәшеит ақәыҧшцәа Аҟәатәи рыҩны еиҿнакааз ашколхәыҷқәа рзы алагер. Иара амҩаҧгара алыршан аиҿкаара ИУНИСЕФ иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны. Ақәыҧшцәа Аҟәатәи рыҩны, ари аҩыза алагер Ауадҳара еиҿнакаауеижьҭеи сынтәа ҩажәи хҧа шықәса ҵуеит. Мчыбжьык аҩныҵҟа араҟа рыҧсы ршьон Аҧсны араионқәа зегьы рҟынтәи жәаха шықәса инадыркны жәибжь шықәсанӡа зхыҵуа ашколхәыҷқәа. Етапк аҩныҵҟа зныкала рыҧсы еицыршьон ҩажәи жәаф-ҩык . Алагер аиҿкааҩцәа…
2022 шықәса сентиабр азы акиностудиа "Ленфильм" Аҧсны аҭыхра иалагоит адунеи зегьы аҟны араса ахә анышьҭыҵ ашьҭахь, "араса чымазара" ацәырҵра атәы иазку афильм "Аҵыхәтәантәи ахә". Астудиа аиҳабы Фиодор Шьчербаков абри атәы иҳәеит ТАСС аҟны. "Апроект "Аҵыхәтәантәи ахә" анагӡара ҳаҿуп. Инықәырҧшшәа уи "араса чымазара" ҳәа ахьӡаҳҵап. Аҭыхрақәа мҩаҧысуеит Аҧсны, иагьрылагоит сентиабр 15 азы", – иҳәеит Шьчербаков.
Ааигәа, Аҟәа араион ажәытә қыҭа Ӡыгәҭа аилахәыра "Гаруда" агәыҧ иаанартит ҧшь-еҵәак змоу, аҧсшьарҭа хкы ҿыц "Глемпинг" (акемпинг ахкқәа иреиуоуп, асасааирҭаҿтәи аманшәаларақәа амҽханакуеит, аҧсабараҿы аҧсшьара иахәҭакуп) ҳәа изышьҭоу. Акомплекс аиҳабы Гьаргь Ачба "Аҧсныпресс" иеиҭаз аинтервиу аҟны дазааҭгылт. "Аҭыҧ иаҵанакуеит 12 гектар. Ҳазну аамҭазы иргылоуп аҩнхәыҷқәа 50, ҩыџьа-ҩыџьа рҭыҧ змоу. Ҳкомплекс зегьы 200-ҩык аҧсшьацәа акуеит".
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me