Иҭыҵит ажурнал "Алашара" ахԥатәи аномер

Иҭыҵит алитература-сахьаркыратә, ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» ахԥатәи аномер.


Ажурнал аҟәшақәа хәба аиубилеитә рыцхәқәа ирызкуп: аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра, Асовет Еидгыла жәлар рартист Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи 110 шықәса аҵра, апублицист Иури Лакрба диижьҭеи 90 шықәса аҵра, ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩ Геннади Аламиа 75 шықәса ихыҵра, ашәҟәыҩҩы Еҭери Басариа диижьҭеи 75 шықәса аҵра, апоет Иван Миқаиа 75 шықәса ихыҵра.
Ажурнал иара убас ианылеит аԥсшәахь еиҭагоу Алеқсандр Вампилов ипиеса «Аԥеиҳаб» (еиҭеигеит Геннади Аламиа), иара убас Антон Чехов иажәабжь «Ачынуаҩ иԥсра» (еиҭеигеит Енвер Ажьиба).
«Аҿар рыбжьы» арубрикаҿы икьыԥхьуп Џьамбул Инџьгиа иажәеинраалақәа.
«Апублицистика» арубрикаҿы иануп Руслан Қаԥбеи Борис Қаџьиеи рыстатиақәа. «Ҳаԥхьаҩцәа ражәеинраалақәа» ҳәа арубрикала икьыԥхьуп Лиубов Черқьезиа лажәеинраала.
«Дырмит Гәлиа ибаҟа асахьаркыратә ажәаҟны» – абас ахьӡуп Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет афилологиатә факультет аҩбатәи акурс астудентка Мадина Дараселиа ланҵамҭа.
2024-тәи ашықәс Аԥсны Дырмит Гәлиа ишықәсны ирылаҳәоуп. Ажурнал аҿы икьыԥхьуп Дырмит Гәлиа изку Анатоли Лагулааи Белла Барцыцԥҳаи ражәеинраалақәа, Ельвира Арсалиа лыстатиа «Дырмит Гәлиа аԥсуа сахьаркыратә рҿиараҿы», иара убас Енвер Ажьиба иажәабжь «Егьа ус иҟазаргьы».
Ажурнал ианылаз Еҭери Басариа лажәабжь «Амҩа» аԥсшәахь еиҭеигеит ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа.
«Анаука» арубрикала аҿы икьыԥхьуп аҭоурыхтә наукақәа рдоктор Валери Бигәаа истатиа «Ажьаҳара – «аҩынду» анцәахәы», иара убас Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьапуа истатиа «Ҵабалтәи абаа: аԥсуаа ҳетногенез ашьаҭақәа».
Ажурнал ахԥатәи аномер аҿы иара убас аԥхьаҩ идыргалеит Кәымф Ломиа, Дырмит Габалиа ражәеинраалақәа, Валентин Коӷониа истатиа «Даур Занҭариа ипрозаҿы аҭоурых атема», ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиеи реиҿцәажәара.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me