«Аҳаракырахь амҩа 2024»

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет есышықәса имҩаԥнагоит «Аҳаракырахь амҩа» ҳәа хьӡыс измоу аолимпиада. Уи хықәкыс иамоуп аҵара аганахьала аҟыбаҩ злоу аҿар ралԥшаара, ацхыраара рыҭара, алшара бзиақәа рзаԥҵара.


Сынтәагьы лаҵарамза 10 инаркны 12-нӡа имҩаԥган ашколқәа раушьҭымҭацәа рзы ари аолимпиада – «Аҳаракырахь амҩа». Уаҟа рхы аладырхәит 447-ҩык аушьҭымҭацәа.
«Аҳаракырахь амҩа 2024» аҿы аиааиреи аԥхьахәқәеи згаз аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит рашәарамза 20 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет акттә зал аҟны.
Еиҿкааз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, ауаажәларратә политикатә усзуҩы, ауаажәларратә палата алахәыла Сократ Џьынџьал, иара убасгьы араионқәа рҵара аҟәшақәа рнапхгаҩцәа.
Аихшьаалақәа рыла, ԥышәарада 109-ҩык аушьҭымҭацәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет рхыԥхьаӡаларазы ажәалагала ҟарҵеит. Урҭ рахьынтә 26-ҩык актәи аҭыԥқәа ааныркылеит, 24-ҩык араӡны иаԥсахеит, 12-ҩык аџьаз, 47-ҩык аушьҭымҭацәа алкаахеит адырра бзиақәа ахьаадырԥшыз азы. Актәи аҭыԥқәа аанызкылаз абиуџьет ҭыԥқәа рахь иахыԥхьаӡалоуп, егьырҭ аҵара ахәԥса ршәалароуп.
Ацеремониа ахыркәшамҭаз аԥхьахәқәа згази иалкаахази аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан.

Саида Ҳаразиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me