Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа сентиабр қ инаркны 12 азынӡа дырҭаауеит Урыстәылатәи Афедерациа Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликеи, Ҟабарда-Балкартәи Ареспубликеи, Ареспублика Адыгеиеи, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура. Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликеи, Ҟабарда-Балкартәи Ареспубликеи, Ареспублика Адыгеиеи рхадацәа рнаҧхьарала Аслан Бжьаниа ихы рылаирхуеит Адыгеиа анеиҿыркааз аахыс 100 шықәса аҵра иазку агәырҕьарақәа, иара убас ареспублика ахада имаҵура иахагылара.

Адгьыл аҭира ауам

08 Цәыббра 2022 13:25
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит "адгьыл аҭиразы" еиуеиҧшым алымҳаҭасқәеи ахыҭҳәаақәеи ҳажәлар ирызцәырыргаз агәҭынчымра инамаданы. Адгьыл изакәызаалак даҽа формак ала аҭира Аҧсны уаҩы дзалацәажәаӡом, – иаҵишьит Ахада.
Сентиабр 5 азы Ауаажәларратә палата аҧшьгарала Ахада Иусбарҭаҿы имҩаҧысит аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи ауаажәларра ахаҭарнакцәеи реиҧылара. Ахада иҧыларахь инеит ауаажәларратә усзуҩцәа Леуан Миқаа, Вианор Ашба, Геннади Ҵәыџьба, Руслан Ладариа, Мураҭ Аџьба. Аиҧылара иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа. Ауаажәларратә палата хаҭарнакра азыруан…
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me