Зыхьӡ еицамкуа

10 Жәабран 2023 12:31
Аҧхьаҩцәа аҳамҭа бзиа роуит. Ааигәа Аҧснытәи аҳәынҭ­шәҟәҭыжьырҭа иҭнажьит алитература абзи­абаҩцәа ззыҧшыз аклассик Қьа­азым Агәмаа иҩы­мҭақәа реизга «Иалкаау». Абаҩхатәра злаз апоет, апрозаик Қьаазым Агәмаа ихьӡ ҩашьара ақәымкәа иаанхеит аҧсуа сахьа­ркыратә лите­ратура аҿиара аҭо­урых аҟны.
Жәабранмза 1 азы Аԥсны Жәлар рартист, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, акомпозитор, аетнограф, Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Уасил Михаил-иԥа Царгәыш (01.02. 1938 – 28.01.2021) иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 85 шықәса.

Алашара дырцәаргьы

10 Жәабран 2023 12:29
Афымцамч ала аиқәыршәара аҿы аԥкрақәа рзы аграфик ҿыц ала­галара ина­маданы, атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба араионтәи ақалақьтәи ахәы­шәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа дрыҿцәажәеит.

Аԥсуа бызшәа арҿиара

10 Жәабран 2023 12:26
Жәабранмза 1, 2023 шықәсазы Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа арҿиаразы агәыҳа­лалратә Фонд аҳасабрбатә пресс-конференциа мҩаԥнагеит. Афонд анапхгаҩи уи аусзуҩцәеи инагӡаз апро­ектқәеи иахьа Афонд аҿы аус здыруло апроектқәеи, иара убас ааигәа иаз­ԥхьагәаҭоу аусна­г­ӡатәқәеи ртәы инарҭбааны иала­цәажәеит.
Ашьхақәа ирыгәҭылаку ақалақь ҧшӡа Тҟәарчал далиааит, заҧхьаҟа исахьаҭыхҩхараны иҟаз аҭыҧҳа Диана Воуба. Уи баҩхатәраны илылаз асахьаҭыхра есааира аҽцәырнагон, аҽаанартуан. Ашкол аҟны аҵара ахьылҵоз, лҩыга калам еиҧшҵәҟьа, лхы иалырхәо далагеит асахьа злаҭылхуаз лқыцә. Даныҩеидас, еиҳагьы ахархәара лзымариахеит. Иҭылхуаз асахьақәа иуарҳәон лдунеихәаҧшра шышьақәгылоз, еибаркны изкыз амахәҭақәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me