Ноиабр 21. Аԥсныпресс. Аҧсуа аҵаақәшьқьрааҩ қәыҧш Шорена Гәыниа ақалақь Елец аҧхьахә агараҿы ахҧатәи аҭыҧ аанылкылеит, ақәыҧшцәа 1-тәи рразриад шьақәлырҕәҕәеит, – иаанацҳауеит аҿар русқәеи аспорти рзы Аҳәынҭеилакы апресс-маҵзура.
Ааигәа ҳредакциа даҭааит ҳхақәиҭра аагара зыхәҭак алоу, иашалаҵәҟьа иуҳәозар, ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ҳанҭагылаз ахаҵамҧҳәысра аазырҧшыз аҧҳәызба. Уи Ҧақәашь ақыҭа иалиааз Венера Грышьа-иҧҳа Шәқьериа лоуп. Аибашьра анцоз лара дынхон Тҟәарчал, Аҟармара аҳаблан аус луан афатәҭирҭа адәқьан аҿы. Лыҧшәма, милаҭла – ауаҧс, Иаша Џьиоев Ким-иҧа иакәзар, ашахтаусбарҭаҿ анџьныр хадас дыҟан.
Аекономика ауасхыр Абарҭ амшқәа рзы И.Гь.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит 2022 шықәсазтәи акурорттә аамҭа аихшьалақәеи иааиуа ашықәс азы атуристтә бизнес аԥеиԥши ирызкыз астол гьежь.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me