Уаҟа иаҳәоит:
Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар, ишәыдысныҳәалоит ихадоу аҳәынҭқарратә ныҳәа – Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш! Аиааира Амшныҳәа – ари еснагь агәырҕьареи алахьеиқәреи зцу ныҳәоуп. Уахь инагаз амҩа акыр иуадаҩын, аӡәырҩы рыҧсҭазаарақәагьы ахҭынҵоуп. Ажәлар рхақәиҭреи рхьыҧшымреи рзы иҭахеит зықьҩыла Аҧсны иреиҕьыз аҧацәеи аҧҳацәеи, иара убас Ҟабарда-Балкартәыла, Чечентәыла, Ҟарачы-Черқьестәыла, Аахыҵ-Уаҧстәыла, Нхыҵ-Уаҧстәыла, Адыгатәыла, Урыстәылатәи аказакцәа уҳәа рҟынтәи хатәгәаҧхарала аҧсуаа ирывагыланы еибашьуаз. Ҳаҧсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла ацхырааразы иааит аҳәаанырцәтәи ҳдиаспора ахаҭарнакцәа. Урҭ ргәалашәара наунагӡа хашҭра ақәымкәан иаанхоит.
Аибашьра – ауаатәыҩса рыла ацәыӡқәа реиҧш, иацын аҧхасҭа ҕәҕәагьы. Аха ажәлар рхықәкы хада нагӡан: еицамкуа амчхара злаз ажәлар аиааира ргеит.
2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны ахьыҧшымра азханаҵеит. Урыстәыла иахьа ҳара зыхә ашьара уадаҩу ацхыраара ҳнаҭоит. Уи ҳара даараӡа пату ақәаҳҵоит.
Гәык-ҧсыкала срыдныҳәалоит Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа гәымшәақәа зааӡаз анацәеи абацәеи. Срыдныҳәалоит аветеранцәа, аибашьра адәаҿы зашьцәа еиқәзырхоз аҳақьымцәа, атыл аусзуҩцәа. Ас еиҧш акзаара ада ҳтәыла ари иуадаҩӡаз аибашьра изалымҵыр ауан. Ҳара ҳҳәынҭқарра ашьақәгылара арҕәҕәареи иҭышәынтәалоу аҿиареи рҿы еиҵагыло аҿар рзы аихьӡара ҿыцқәа хымҧада иаҳзыҧшуп. Зегьы аҭынчреи, агәабзиареи, аинҭәылареи рзеиҕьасшьоит!