Ҳныҳәа ду сентиабр 30 акырӡа аҵанакуеит ҳажәлар ргәаҿы. Есышықәса мҽхакы ҭбаала иазгәарҭоит Аҧсны араионқәа зегьы рҿы. Асааҭ 10, Аҧсны аҳҭны-қалақь Аҟәа Ахьӡ-Аҧша апаркаҿ ажәлар рыла иҭәын. Уахь инеиуан ҳныҳәа ҳацазгәарҭарц ҳхақәиҭра иалахәыз нхыҵи-аахыҵи рҟынтәи ҳашьцәа – аибашьцәа, аҟабарда, адыга, ачечен, аурыс уҳәа убас егьырҭгьы. Усҟан еиҧш, иахьагьы ҳаӡәыкуп даргьы ҳаргьы.
Сентиабр 30 – Аҧсны Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымшныҳәа аан Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҧсны иҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аминистрцәа Реилазаара иалоу, аибашьра аветеранцәа уҳәа аӡәырҩы Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынбеи, Аҧсны аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшьи…
Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира ҩеижәижәба шықәса ахыҵра инамаданы Аслан Бжьаниа адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me