Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рылагылара сшазхәыцуазгьы, раҧхьатәи амш азы сзымцаӡеит. Сашьа деибашьуан, саҳәшьа Очамчыра далаханы дыҟан, зықәрахь инеихьаз сани саби сзынмыжьит азныказ. Уи инаҷыдангьы, «исылымшо аус салагаӡом». Ус схәыҷаахыс ҟазшьас исымоуп аҟнытә, акыр сыҽҧысшәон, аибашьра акыр ауадаҩрақәа шацу еилыскаауан. Сыхгьы сазҵаауан исылшару ҳәа. Схы агәра зго саныҟала ҩба-хҧа мзы ааҵхьаны еиҧш «еибашьра сцоит» ҳәа Тҟәарчал аштаб ахь снеит.…