Аҧҳәызба гәымшәа

30 Цәыббра 2022 04:31
Акыр шықәсқәа рыҩныҵҟа Аҧсны инхоз, уи моу араҟа ииз, изызҳаз ақырҭцәа, рабиҧара рҭоурых рхашҭны, арахь иааганы ишнырхаз ргәаламыршәаӡакәан, аиҩызареи асасдкылареи рызҭаз ажәлар ирҿагыланы рыҧсадгьыл рымаркуеит ҳәа ахахьы аагара уадаҩын. Аха, аамҭа цацыҧхьаӡа еилкаахон, аҧсуааи ақырҭцәеи реиҿагылара ашьакаҭәарахьы ишкылсуаз. Рыҧсадгьыли, рбызшәеи, рмилаҭ реиқәырхареи рзы иқәҧон Аҧсны апатриотцәа. Аҭагылазаашьа еиҳагьы ихьанҭахеит ҧшьынҩажәи жәбатәи ашықәсқәа рзы. Уажәшьҭацәҟьа еилкаан ас хара ишзымцоз. Аибашьра аветеран,…

Аишьцәа рлахьынҵа

30 Цәыббра 2022 04:28
Аҟәа, Аҳабла ҿыцаҿ инхоз Рауф Џьопуа иман ҩыџьа арҧарцәа. Зыбжа ааӡара аныда иааӡаз, иамуит ахлымӡаах аамҭа – аибашьра иналамгылар. Аишьцәа Даури Џьамбули ринтересқәа хаз-хазын. Аха аибашьра зегьы еиҟаразтәуа ҳанналагыла, аҩыџьагьы еибашьҩцәаны иаагылеит.
413 мшы амацәаз иҭакыз Тҟәарчал инханы иҟаз ирхыргази, Аиааира ду гәыҕырҭас ишрымази атәы, иагьа аамҭа царгьы ҳгәалашәараҿы иҟазаауеит. Мышк ахы-аҵыхәа гәкажьра ҳамамызт. Амлакра, ахьҭакра, иреиҕьу ҳҵеицәа рҭахара, анацәа руаз, иарбану иаҳхаамгаз. Зегь реиҳа иуадаҩын аинформациа аҟамзаара. Ателербагақәа аус руамызт афымцалашара аҟамзаара иахҟьаны. Амашьына аккумулиаторқәа ҳхы иархәаны, Аҧсуа радио Гәдоуҭантәи аҭыҵра ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыҧшын. Нас уаҟа иҳаҳаз ажәабжь, агәыла-азла ирылаҳарҵәон.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me