Урыстәыла Афедералтә Еизареи Аҳәынҭқарратә Думеи рҟынтә адныҳәаларақәа

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш аҳаҭыр азы Урыстәылатәи Афедералтә Еизара Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Адныҳәаларатә шәҟәы аалышьҭит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба ихьӡала. Ашәҟәы аҟны ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Аҧсны Аҳәынҭқарреи ҳареи ҳаидыркылоит аиҩызареи, аҳаҭыреиқәҵареи, агәреибагареи. Урыстәылатәи Афедерациаҿы интересс ирымоуп исуверентәу Аҧсны иқәынхо ажәлар нхозарц иҕәҕәоу, иҭышәынтәалоу, ишәҭыкакаҷуа аҳәынҭқарраҿы».

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба ихьӡала иааишьҭыз адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Лаша Нугзар-иҧа! Ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымш. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа азҿлымҳазаауеит ҳтәылақәа ринтересқәа ҳасаб рзуны апарламентбжьаратә усеицура арҿиара. Шәареи Аҧсны жәлар зегьи ақәҿиарақәеи аизҳазыҕьареи шәзеиҕьасшьоит!».

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me