«Ареспублика Беларус Ахада Алеқсандр Лукашенко Ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқаррахь раҧхьатәи иаароуп. Ари авизит акыр агәыҕрақәа адаҳҳәалоит. Агәра згоит ари аиҧылара иабзоураны ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа иццакны аҿиара ишалаго. Ҳара ҳрылацәажәеит аекономикатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа жәпакы. Сгәы иаанагоит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Беларуси иахьа ишьақәгыло реизыҟазаашьақәа аҿиара бзиа роуеит ҳәа», – азгәеиҭеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа.
Ареспублика Беларус Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра азхаҵара азҵаара ахҳәаа азуа, Аҧсны Ахада иҳәеит: «Ареспублика Беларус Ахада Аҧсныҟа иаара афакт иаҳәо рацәоуп – ҳазҭагылоу аамҭазы ҳаизыҟазаашьақәа аҟазшьа ҿыцқәа аархәоит, ҳаимадарақәа еиҳа ирццакны аҿиара иалагоит. Агәыҕра сымоуп шьаҿа-шьаҿа уи ҳшазнеиуа. Ари азҵаара аҭак саҧыҩлар сҭахым, аха аҩнду раҧхьатәи ақьырмыт азышьҭаҵоуп. Ари аҩыза афакт аҭыҧ амоуп. Аиҧылара бзианы имҩаҧысит».
Аҽны, ахәылбыҽха, Ареспублика Беларус Ахада Алеқсандр Лукашенко иусуратә визит хыркәшаны дхынҳәит.