– Абас иҳәон еснагь иҩызцәа рҿаҧхьа, аибашьра ианалага раҧхьатәи амшқәа инадыркны забџьар шьҭыхны ҳаҕа хәымга иҿагылаз Хәаҧтәи арҧыс гәымшәа Хьерсон Иаҭма-иҧа Анқәаб. Хьерсон (Мазик ҳәа хьыӡшьаран иарҳәон) Қырҭтәыла аҳәынҭсовет ампыҵахаларатә архәҭақәа Аҧсны ианақәла уи аснаиперцәа ргәыҧ далалеит. Ишырҳәо еиҧш икылкааны ихысуаз, зхымҭа камшәоз иакәын иара.
Ааигәа Феисбук адаҟьақәа рҟны избеит Ҭырқәтәылантәи зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз,акыр шықәсқәа раахыс Аҧсны инхо ашәҟәыҩҩы,аиҭагаҩ,анџьныр, Б. Шьынқәба иҭоурыхтә роман «Ацынҵәарах» аҧсшәахьтә аҭырқәшәахь еиҭазгаз Ҳаири Қәҭарба, 150 шықәса раҧхьа иабду Маҳмаҭқьери иаб Базала 1878 шықәсазы Акаҧа ақыҭа иқәҵыз иқыҭауаа дрыцны мҳаџьырра ихырҵәаны Ҭырқәтәылаҟа ианыргоз Аҧснынтәи аӡахәажәла еиҭаҳатәгьы шигаз. Зегь реиҳа уаҩ иџьеишьша, ари аӡахәажәлагьы зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа аӡәырҩы реиҧш, лахьынҵас иаиуит…
Аҧсуа культуреи аҟазареи иналукааша рхаҭарнак, Аҧсны еиҧш, анҭыҵгьы зыхьӡ еицырдыруа, имҩашьауа зышьҭа аанзыжьыз Нелли Ешба диижьҭеи 95 ш. ҵит. 1928 ш. рзы Очамчыра ақалақь аҟны ииз Нелли Ражден-иҧҳа Ешба лҭаацәа 1930-тәи ашықәсқәа раан Аҟәаҟа ииасит.
Ааигәа имҩаҧысит Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара изаамҭанытәыз аилатәара. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан азҵаара хадақәа жәиҧшьи ацхыраагӡақәа хәбеи. Аҧхьатәи азҵаара азкын 2022 шықәсаз­тәи ахықәкытә программа «Адемографиа аизырҳаразы» анагӡаразы аҳасабрба ашьақәырҕәҕәара. Уи атәы дазааҭгылеит Аҧсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба.

Аҭәаҵла аԥсы ҭоуп

05 Лаҵара 2023 10:33
Маи 1 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Лыхнашҭа даҭааит. Ибеит апрель 5 азы ааха зырҭаз аҭәаҵла ду аҭагылазаашьа. Аҭәаҵла абӷьы ҿалеит, иара еиқәхоит ­ҳәа агәыӷра ыҟоуп.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me