Аинтервиу аҟны ишьҭыхыз азҵаарақәа, атәыла аенергетик хада урҭ ириҭаз аҭакқәа ирызҿлымҳау шырацәоу ҳасаб азуны ҳаԥхьаҩцәа ирыдаагалоит уи аиҿцәажәара.
– Ҭемыр Иван-иԥа, ҳалагап итрадициатәу азҵаара ала: ҳтәылаҿы фымцамчла аиқәыршәара аҭагылазаашьа зеиԥшроузеи?
– Иахьазы ҳтәыла еиқәыршәоуп ЕгрГЕС иаҳнаҭо афымцала. Уаҟа аӡы ааиреи афымца аус адулареи урҭқәа алдыршоит. Абри инаваргыланы, инагӡоуп аусурақәа рымҽхак ду, ҳтәыла ауааԥсыра иааиԥмырҟьаӡакәа фымцала реиқәыршәаразы. Амҩа арыцқьара ҳаҿуп: ацәаҳәақәа рҟны амашәыр акырӡа армаҷразы абнақәа хаҳҿоит, абригьы афымцамч аиҷаҳара алнаршоит.
Аусурақәа хьамҭоуп, урҭ мҩаԥаагоит ашьхақәа, анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҟны. Уаҟа атехника знеиуам, напыла иаҳрыцқьоит.
Ааигәа ҳамчқәа рыла иҳарҽеит абульдозерқәа хԥа. Уажәазы Афон Ҿыц инаркны Гәымсҭа аӡиас аҟынӡа 110 кВ ацәаҳәа акәша-мыкәша арыцқьара ҳаҿуп. Иаарласны абасеиԥш иҟоу аусурақәа ҳрылагоит 220 кВ ацәаҳәаҿгьы. Ианаҳрыцқьалак, иаԥырхагоу анықәаагалак ашьҭахь апрофилактикатә усурақәа мҩаԥаагоит: иҳаԥсахуеит аизолиаторқәа, афымцамҩангагақәа. Абарҭ зегьы ҳуааԥсыра иааиԥмырҟьаӡакәа фымцала реиқәыршәара иацхраауеит. Шәара игәашәҭазар, иҳаҩсыз ашықәс азы аасҭа машәырла арцәарақәа рхыԥхьаӡара акырӡа имаҷхеит. Ари зыдҳәалоу астанциа маҷқәа 110, 220 кВ рҟны апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа роуп. Ахәҭакахьала, Алаҳаӡыхь ақыҭан астанциа маҷ иагыз-иабзаз ҟаҳҵеит, иқәҳаргылеит ҳаамҭазтәи ашьақәгыла ҿыц, атрансформаторқәа. Ари макьаназ Инвестпрограмма ахарџьала ҳазҿу аусурақәа раԥхьатәи рыхәҭа ауп.
Цандрыԥшь-афымцашьҭыхга станциаҿы аусурақәа хҳаркәшеит, уаҟа ашьақәгылақәа зынӡаск иажәхьан, атрансформаторқәа рымчхарақәа азхомызт. Аусурақәа хацыркын атәыла Ахада идҵала. Абарҭ аусурақәа ԥарала реиқәыршәара рхы аладырхәт Гагра араион Ахадареи Ареспубликатә унитартә наплакы «Аԥснытәи аихамҩеи». Урҭ рыцыԥхьаӡа 10 миллионк мааҭ аларгалеит, аха ахарџь аиҳараӡак зыжәҩахыр иқәу «Амшынеиқәафымцамч» ауп. Иқәыргылоуп атрансформаторқәа, еибыҭоуп ацәаҳәақәа, ашьақәгылақәа. Апроект ахәԥса иартәоит 50 миллион мааҭ аҟара. Аха жәпакы астанциа маҷқәеи ацәаҳәақәеи рҭагылазаашьа даара иуадаҩуп: зынӡаск ихеит, иажәит ашьақәгылақәа, урҭ рырҽеира аганахьала шықәсыла амалқәа аурышьҭуамызт. Иааидкыланы афымцасистемаҿы зегьы ԥсахтәуп – акабельқәа, атрансформаторқәа, ашьаҟақәа уҳәа.
– Ишԥаҟоу аӡын иҟалаз амашәыр ашьҭахь адерривациатә тоннель аҭагылазаашьа?
– Убасҟан иаиуз аахақәа аԥыхын ЕгрГЕС амчқәа рыла, аха иахьынӡаздыруала, 2026 шықәсазы иазгәаҭоуп атоннель зегьы аремонт, уи иаанаго убри ауп, аусура аанкылахоит, насгьы мчыбжьқәак рыла азҵаара аҭыԥ иузықәҵом, иаҭаххоит амзақәа.
Аҵакы злаҟаҵәҟьоу ала, атоннель иааиԥмырҟьаӡакәа еснагь иагыу-иабзоу ҟаҵалатәуп, ари ргыламҭа дууп, жәметрак аҭбаара амоуп. Уи ада амашьынатә зал аус аураны иҟаӡам, иџыџӡа иаагылоит.
– Изеиԥшроузеи ҳаҳҭны-қалақь фымцала аиқәыршәара? Аҵыхәтәантәи аамҭазы шьыжьымҭанла алашара лассы-лассы идырцәо иалагеит…
– Арцәара амзызқәа еиуеиԥшым: арҽеиратә, мамзаргь амашәыртә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьоит, урҭ абри асааҭ, амш азы иҟалоит ҳәа дыршьа мамам. Ақалақь ирласны аҿиара иаҿуп, идыргылоит ирацәаны ахыбра ҿыцқәа, ус анакәха, ақәыӷәӷәарақәагьы шьҭыҵуеит. Зны-зынла иаҳмырцәалар ауам, иаҳҳәап аобиект ҿыцқәа рахь алашара анагара, ақәыӷәӷәарақәа, иара убас аԥхьаӡагақәа рықәыргылара, ацәаҳәақәа рыԥсахра. Абас еиԥш иҟоу аусурақәа анамҩаԥааго ауааԥсыра заа ргәы рҽанаҳҵоит.
– Гагра араион ауааԥсыра акурортә сезон аан алашара дырцәоит ҳәа уаанӡа иашшуан…
– Иҳаҩсыз ашықәс азы Гагра аҭагылазаашьа еиӷьаҳтәит: иҳаргылеит иҿыцу астанциа маҷқәа, анс акә, арс акә аҭагылазаашьа ҭышәынҳартәалеит.
Абри инаваргыланы, аӡыҭгагатә станциа иахьаҵанакуа аусурақәа мҩаԥысуеит: уаҟа ацәаҳәа арезерв амаӡам, иҳаԥсахит ашьаҟақәа, инаагоит ацәаҳәа ҿыц. Аԥхынра анҵәамҭазы аусура иалаҳаргоит, ақәыӷәӷәарақәагьы еихаҳшоит, фымцала аиқәыршәашьа асхема иаҳагьы иҳармариоит.
– Ишԥамҩаԥысуеи аԥхьаӡагақәа рықәыргылара?
– Ааигәа иҳауит даҽа хәнызқь цыра. Аҟәа ауааԥсыра 55% аԥхьаӡагақәа рыла еиқәыршәоуп. Анаҩсан аԥхьаӡагақәа рықәыргылара ҳалагоит Гагра, Гәдоуҭа.
– Ишдыру еиԥш, аԥхьаӡагақәа анықәыргылахалак «Амшынеиқәафымцамч» алшара аиуеит ауалмшәацәа компиутерла афымцамч рымхразы. Уи ауаа ишԥарыдыркыло?
– Ҳәарада еиуеиԥшымкәа, иага ус акәзаргьы аҭагылазаашьа аҽаԥсахуеит. Аԥхьаӡагақәа ахьықәыргылоу, уаҟа ахәԥса ашәара аҩаӡара ҳаракуп, афымцамчгьы еиҷаҳауеит. Ҳаихьӡара хадақәа ируакуп: иҳаҩсыз ашықәс азы аԥхьаӡагақәа ирыбзоураны ҳара иҳалшеит 200 миллион кВ сааҭ реиҷаҳара. Ҳазну ашықәс хәымз рыҩнуҵҟала 120 миллион кВ сааҭ аекономиа ҟаҳҵеит. Абри аҩыза азнеишьа еиқәҳархар, ҳазну ашықәс азы ҩаԥхьа 200 миллион кВ сааҭк аекономиа ҟаҳҵоит.
– Изакәызеи 200 миллион кВ сааҭ?
– Ари 25 мшы рыҩнуҵҟала аӡынразы ҳтәыла зегьы ауааԥсыра рхы иадырхәо ауп. Ишәгәаласыршәарц сҭахуп, аӡыни ааԥыни Урыстәыла аганахьала иҳауз акоммерциатә фымца ахәшәара шҳақәшәаз. Ауааԥсыра лашарада иаанымхарц азы, лассы-лассы иаҳмырцәаларц азы аҳәынҭқарра иашәеит 1 кВ сааҭ азы 4 мааҭки 80 капеики. Иааидкыланы ари иартәоит 1 миллиардки 160 миллион мааҭ. Абри аҟнытә, инаҳагӡо аусмҩаԥгатәқәа зегьы зызку афымца ахархәара аиҵатәра, аекономиа аҟаҵара ауп.
– Рхы иадырхәо афымцамч ахәшәара шԥаҟоу иахьазы?
– 50% ҳахыҳәҳәеит, аха ишеилышәкаауа аиԥш, аригьы рацәам. Иазгәасҭарц сҭахуп, ахәшәара аганахьала Аҟәеи, Гагреи, Гали аҭагылазаашьа иаҳа иҭышәынтәалоуп.
– Ҳазыԥшызаауама атарифқәа рышьҭыҵра?
– Ашықәс нҵәаанӡа кВт сааҭк азы ишьақәыргылоуп 1 мааҭки 40 капеи – ари фазак змоу рзы, 1 мааҭки 80 капеи – хфазак змоу рзы. Акоммерциатә еилазаарақәа иршәоит кВт сааҭк азы 2 мааҭки 60 капеи.
– Ишдыру еиԥш, «Амшынеиқәафымцамч» аспециалистцәа рыла еибаркуп. Иҟоума ҳазну ашықәс азы иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭаларц зҭаху?
– Иҳаҩсыз ашықәс азы ҩыџьа дәықәаҳҵеит Краснодарҟа. Ҳазну ашықәс азы аҭалара зҭаху ҳәа аӡәгьы иӡбахә смаҳацт, аспециалистцәа қәыԥшцәа даара ишаҳҭахугьы. Иҳамоуп иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгахьоугьы ԥыҭҩык: урҭ аетапқәа зегьы ирхысуеит, рзанааҭ рнапаҿы иааргарц азы 3-4 мзы аус руеит еиуеиԥшым аҟәшақәа рҟны. Русура иалагоит фымцеиқәыршәаҩцәас. Аиаша уҳәозар, аспециалистцәа қәыԥшцәа даара имаҷуп, абиԥара аиҳабыра иаҵанакуа аенергетикцәа иаҳа-иаҳа рықәра наскьоит.
– Ҳаззыԥшузеи иааиуа аӡынразы?
– Аҭагылазаашьа абас иҟоуп: иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны ахы ианархәеит 2 миллиардки 700 миллион кВт сааҭ. Иахьа иаҭахуп 1, 8-2 миллиард киловат сааҭ. Ари ЕгрГЕС иаҳнаҭо ауп. Абри ҟәышрала, еиҷаҳарала ҳазнеир иҳазхоит, мамзар арцәарақәеи аграфик алагалареи рахь ҳкылсуеит. Афымцамч аиҷаҳара даара акраҵанакуеит, сгәыӷуеит аԥхьаӡагақәа ирыбзоураны 30% аекономиа ҳауп ҳәа.
Ауаа рыхдырреи рҭакԥхықәреи рацәак ҳазрықәгәыӷуам. Иара инихыз афымцамч ахә шшәатәу ауаҩы еиликаанӡа – акагьы алҵуам.
– Иахьа даҽа енергетикак аӡбахә иалацәажәоит. Уи моу, изыхәҭоу апроектқәагьы наргахьеит Жәлар Реизараҿы…
– Иаҵысшьырц сҭахуп, альтернативатә фымценергетика аус ауеит, иагьҿиоит Европа, тарифсгьы иамоуп 1 кВт сааҭ азы 20 мааҭ уҳәа инареиҳаны. Иҟоуп тәылақәак, кВт сааҭк 22-23 мааҭ иахьаԥсоугьы.
Аԥшагенераторқәа рыла афымцамч 8 инаркны 10 мааҭ рҟынӡа иаԥсоуп. Амратә батареиақәагьы даара акыр иаԥсоуп, урҭ рыхә мариазҭгьы, зегьы иқәдыргыларын, аха иҭибаго иҟам. Аенергетика маҷ иаҵанакуа акәзар , асовет аамҭазы уи аҭыԥ аман. Ақыҭақәа рҟны идыргылон ГЕС маҷқәа, ҿырԥштәыс иаагап Кәыдрытәи ГЕСгьы: уи иаанашьҭуаз афымцамч ақыҭсовети, ашколи, аӷәыхырҭеи ирызхон, уаҳа – мап.
Ажәақәак сҳәоит, ақыҭақәа рҟны ГЕС маҷқәа дыргылон ауааԥсыра зегьы фымцала реиқәыршәаразы мацара акәымкәа, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа алашара роуларц азы. Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ГЕС маҷқәа 20 ыҟан, иаарышьҭуан 9 мегаватт. Ҿыԥшыс, ЕгрГЕС акаскад аҟны актәи аӡырԥаратә ГЕС амчхара 220 мегаватт артәон. Аенергетика ду ахь ҳаниас, ГЕС маҷқәа рныҟәгара феида аламкәа иҟалеит..
ГЕС маҷқәа рыхәԥса иаҵанакуа атәы: ирацәаӡаны ахарџь-ԥарџь аҭаххоит. Ҳрықәгәыӷрыма аинвесторцәа ҳзаауеит, иҳацхаауеит ҳәа? Ҿырԥштәыс: ақыҭаҿы 100 ҩнык ирызхаша ГЕС маҷ аргылара 9 миллион евро итәоит, насгьы уи ахы анбаҿнахуеи?
– Нас мҩас иҟоузеи?
– Аԥхьаӡагақәа рықәыргылара, афымцамч аиҷаҳара, ҳәарас иаҭахузеи, инырхуа ахә ашәара. Даҽа мҩак ыҟаӡам.