ҲААМҬААЦӘЫМЗА

20 Мшаҧы 2023 13:46
Астудентцәа рыҧсҭазаара иалагылаз, урҭ рыгәҭыха зыгәҭыхаз, ргәырҩа рыцеиҩызшоз, ргәырҕьара ирыцалагылаз, Владимир Платон-иҧа Анқәаб дыҟазҭгьы 95 шықәса ихыҵуан. Заҧсуара зегьы раҧхьа изыргылоз, иуаҩ иашаз, абаҩхатәра ду аҧсабара иланаҵаз иҽылаҳәан, иҽаҭан, алитерату­ра амҩа ҭбаа ду ахь дкылнагеит. ААУ аҭыӡқәа рҿы ҭабара зқәымыз арҿиаратә кружок адацқәа еса­аира иҕәҕәахон, аҽеиҵнахуан. Зыбла ҷыц еиҧш уи зыхьчоз, иҵәатәы шьаҟаны иаҵагылаз, Аҧсны анҭыҵгьы ирдыруаз апоет Владимир Анқәаб,…

Аибашьра амҩала

20 Мшаҧы 2023 13:45
Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра еилгеижьҭеи 30 шықәса ҳрықәуп, аха иахьанӡагьы ирацәаҩуп зыхьӡ, зџьабаақәа ҳзымдыруа афырхацәа. Ҳәара аҭахым, хьыӡрацара ҳәа акәмызт ҳҵеицәа аҕа ишиҿагылоз, аха хымҧада иаҭахуп доусы иџьабаа, ихамеигӡара аҭҵаара, алацәажәара. Насгьы иааиуа абиҧарақәа рымадара.
Аԥсныпресс. 2023 шықәса хәажәкырамза 1 инаркны лаҵарамза 31 аҟынӡа Аԥсны еиҭамҩаԥысуеит атәанчаҩцәа рышәҟәҭагалара. Уи азы ақәҵара рыдыркылеит Аминистрцәа Реи­лазаара аилатәараҿы. Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба аиҭашәҟәҭаҩра шымҩаԥысуазы адырра ҟаиҵеит.
Аԥсныпресс. Аекономика Ами­нистрра Адҵала Џьынџьал Ҭемыр Иван-иԥа Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хадас дҟаҵоуп. Ҭемыр Аџьынџьал 2007 шықәса ра­ахыс Аҟәа ақалақь ахадара Амуниципалтә унитартә напла­кы «Аҟәатәи СУЕС» адиректорс аус иуан, афымцамч аусхкы аҿы – 1996 шықәса инаркны. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны ае­кономика Аминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсныпресс. Аминистрцәа Ре­илазаара аамҭа кьаҿк иҭагӡоу анапхгаратә хықәкытә программа «2023 шықәсазы Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара адгы­ларазы Апрограмма» шьақәнарӷәӷәеит. Иарбоу апрограмма инақәыршәаны, имаҷуи ибжьаратәуи аусдкылара асубиектқәа рекономикатә хырҳара ашьҭыхра хықәкыс иҟаҵаны, аҳәынҭқарра аҟынтәи афинанстә цхыраара роулоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me