Аԥкьаҭ асразы атурнир хыркәшахеит

Аԥсны аԥкьаҭ асразы афедерациа актәи ахада Омар Кәарҷиа игәалашәара иазкны  Аҟәа имҩаԥысуаз XVI-тәи Жәларбжьаратәи атурнир хыркәшахеит.

Уи Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Краснодар атәылаҿацә, Ростовтәи иара убас Волгоградтәи аобластқәа уҳәа рҟынтәи 118-ҩык аспортсменцәа алахәын .

Атурнир аихшьаалақәа рыла, ахацәа рыбжьара актәи аҭыԥ даԥсахеит Едуард Апагуни (Шәача), аҩбатәи – Альберт Апагуни (Шәача), ахԥатәи – Алеқсандр Муханов (Шәача).

Аҳәса рыбжьара актәи аҭыԥ даԥсахеит Екатерина Мызгина (Шәача), аҩбатәи – Ангелина Апагуни (Шәача), ахԥатәи – Ерика Кәарҷиа (Аҟәа).

Ҩыџьа-ҩыџьалатәи аицлабраҿы актәи аҭыԥ ааныркылеит Леон Габлиеи (Аҟәа) Екатерина Мызгинеи (Шәача), аҩбатәи – Ерика Кәарҷиеи (Аҟәа), Едуард Апагунии (Шәача),  ахԥатәи – Ангелина Апагунии (Шәача), Ренат Карчааи (Аҟәа).

Иара убас, атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны зымаха-зышьаха еибгам рыбжьарагьы аицлабра мҩаԥысит. Уа актәи аҭыԥ даԥсахеит Џьон Ҷан-оглы (Гәдоуҭа), аҩбатәи  – Алхас Амԥар (Гәдоуҭа), ахԥатәи – Роман Матиашов (Аҟәа).

2011 шықәса рзы иизи, еиҵбацәоуи рыбжьара актәи аҭыԥқәа ирыԥсахеит Кирилл Амосови (Шәача), Зарина Кулуховеи (Аахыҵ Уаԥстәыла), аҩбатәи – Алықьса Шаповалови (Ростовтәи аобласт), Нинель Чалукиани (Аҟәа), ахԥатәи – Даниель Данелиани (Волгоградтәи аобласт), Аза Лалиевеи (Аахыҵ Уаԥстәыла).

2008-2010 шықәсқәа рзы ииз рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Макар Воловики (Шәача), Алиона Вабишевичи (Ростовтәи аобласт), аҩбатәи – Иван Никифорови (Шәача), Доминика Асташевеи (Шәача), ахԥатәи – Сергеи Новохатскии (Ростовтәи аобласт), Хана Малиеи (Аҟәа).

Иара убас, иалкаау ахәмарыҩцәа ҳәа рыхьӡ ҳәан Ерика Кәарҷиеи Леон Габлиеи.

Аицлабраҟны аиааира згаз иранашьан аԥаратә ҳамҭақәа Омар Кәарҷиа иҭаацәеи, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилаки рыхьӡала.

 

 

Мадина Амҷԥҳа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me