Николаи Патулиди диижьҭеи 80 шықәса ҵит

 Николаи Георги-иҧа Патулиди диит (13.08.1949) Аҧсны, Аҟәа араион Дмитриевка ақыҭан (иҧсҭазаара далҵит  – 03.11.2010, Аҟәа). Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан (1991). Ианашьан «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара (2004). Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далан (1997).

1949 ш. Н. Патулиди иҭаацәа егьырҭ абырзенқәа инарылакны Аҧснынтәи Ҟазахсҭанҟа иахыргеит. 1956 ш. Аҧсныҟа ианыхынҳә уи далгеит Аҟәатәи аусуцәа аҿар иртәыз абжьаратә школ №1 (1962), анаҩс – Полтаватәи атранспорттә ргыларатә техникум (1970), Москва, ВЦСПС иатәыз азаанаҭеигылақәа Иреиҳау рышкол (1981). 1960 ш. усуҩыс дыҟан. 1966 ш. инаркны аус иуан «Закранстрои» атуризми аекскурсиақәеи рзы Аҧснытәи аобласттә совет иахьаҵанакуаз машьынаныҟәцаҩыс, нас – техникс, нџьнырс, автобаза атехникатә ҟәша аиҳабыс. 1985 ш. нахыс Аҟәа ихаҭа еиҿикааз абырзен жәлар ртеатр напхгара аиҭон. 1991 ш. инаркны - 1992 ш. август азынӡа абырзенцәа ркультуратә центр «Ирини» аҭакзыҧхықәу маӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1994-2001 шш. раан, 1994 ш. ианвар 22 рзы иаҧҵаз Аҧсны абырзенцәа Ргәыҧ дахантәаҩын.

Аҧсҭазаараҿы ирҳахьаз адырреи аҧышәеи ҳасаб рзуны, Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатс далырхуеит, 1996-2001 шш. рзы, аҭҵаарадырреи, аҵареи, акультуреи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩс дыҟан. 2001 ш. нахыс – Аҧсны акультура аминистр ихаҭыҧуаҩс.

Иҩымҭақәа рнылон Аҟәа, Қарҭ, Москва иҭыҵуаз апериодикатә ҭыжьымҭақәа. Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы дравторуп. «Сухумские мотивы» ахьӡны Аҟәа 2500 шықәса ахыҵра иазкны Москва иҭыҵыз (2005) ажәеинраалақәа реизга авторцәа дыруаӡәкуп. Н. Патулиди иажәеинраалақәа жәпакы Аҧсны иазкуп, уи адагьы иара иҧсҭазаара ихаҿы изаагомызт. Аҧсны аанимыжьит аполитикатә ҭагылазаашьа анеибарххаз, аибашьраангьы, уи ашьҭахь Аҧсны амацәаз ианҭакыз, абырзенцәа аӡәырҩы Бырзентәылаҟа ианцозгьы. Иара иҩуан: «Я с Абхазией жить обречен ибо с нею навек обручен…»

Аҧсни, уи аҧсабареи, иқәынхо ауааи ирызку иреиуоуп, ирҿиараҿы аҭыҧ ҷыдагьы ааныркылоит  иажәеинраалақәа: «Аҧсны», «Аҟәа иазку ашәа», «Амзара», «Д.И. Гәлиа иҩнаҭаҿы», «Аҟәатәи аӡын», «Пицунда», «Риҵа», «В. Г. Арӡынба изкны», «Баграт ибаа», «Ӡызлан», «Аҟәатәи аҧҳәызба» уҳәа егьырҭгьы.

Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан иҭыжьын апоет иажәеинраалақәеи ипоемақәеи реизгақәа ааба.  Иажәеинраалақәа акымкәа-ҩбамкәа аҧсшәахь еиҭаган.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me